31 ИЗРАИЛЬТӘИ АӠӶАБ ХӘЫҶ

Лара Лынцәа иӡбахә аҳәара́ дацәымшәаӡеит

Лара Лынцәа иӡбахә аҳәара́ дацәымшәаӡеит

АҲ ИОРАМ ихаан Израиль ӡӷаб хәыҷык дынхон. Ҳара уи лыхьӡ ҳаздырӡом, аха дзықәшәаз иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Аҳ Иорам ижәлари иареи Иегова данаанрыжь, иара урҭ рыхьчара даҟәыҵит. Убри аҟынтә сириаа израильаа ирықәлон, идырҳәуан, итҟәаны иргозгьы ыҟан. Уи аӡӷаб хәыҷ итҟәаны иргаз дреиуан. Лара лҭаацәа дрымхны Сириаҟа дыргеит.

Шәхаҿы иаажәг уи аӡӷаб хәыҷ шаҟа дшәаны дыҟаз, лҭаацәагьы шаҟа игәырҩоз! Уи аӡӷаб сириатәи ар реиҳабы Нееман иҩнаҭахьы днанагеит. Иара уи иԥҳәыс маҵуҩыс длиҭеит. Аӡӷаб дахьнанагаз атәымџьара аԥсҭазаара ҿыц лҽалыршьцылар акәын. Иҟалап лара игәалҭазар Нееман иҩнаҭаҿы агәырҩа шрымаз. Уи зыхҟьоз Нееман ичымазара бааԥс акәын. Иара ацәеилабаара иман. Уи ачымазара ауаҩы узихәамԥшуа дарҿаасҭон, шамахамзаргьы хәышәтәышьа амаӡамызт.

Израильтәи аӡӷаб хәыҷ амцнцәақәа ирымҵахырхәоз ауаа рыбжьара маҵуҩыс дҟалеит, аха лара ауаа рыцҳалшьон, агәымшәарагьы лцәымӡӡеит

Уи израильтәи аӡӷаб хәыҷ арыцҳашьара лылан. Лара илдыруан Нееман израильаа дышраӷаз, аха уеизгьы лыԥшәма иԥҳәыси иареи рыцҳалшьеит. Лара агәра ганы дыҟан Нееман ичымазара ахәышәтәра шауаз. Иҟалап лҭаацәа илзеиҭарҳәахьазҭгьы Иегова аԥааимбар Елисеи ила иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыӡбахә. Ҳәарада, лара уаанӡа илмаҳаӡацызт Елисеи уи аҩыза ачымазара аҟынтә аӡәы дихәышәтәхьан ҳәа. Аха уи аӡӷаб агәра лгон Лынцәа Иегова Нееман дихәышәтәырц азы аԥааимбар Елисеи иаҭаху амч ииҭар шилшоз.

Аха иаԥсазма уи атәы Нееман иҭаацәареи иареи раҳәара? Уи шәарҭамзи. Нееман амцнцәа Риммон димҵахырхәон. Сириатәи аҳ уи амцнцәа иныҳәарҭахь данныҟәозгьы, еснагь дицны дцон. Излаҳбо ала, сириаа Риммон амч ду змоу афырҭыни адыдмацәыси рынцәа иоуп ҳәа рыԥхьаӡон. Иҟалап аӡӷаб хәыҷ абас дхәыцуазҭгьы: «Иахиҳәаауеи Нееман инцәа Риммон илымшо Иегова иҟаиҵар илшоит ҳәа иасҳәар? Уи иԥсахы еибанамыркӡои?» Аӡӷаб хәыҷ Иегова агәымшәара лиҭарц диҳәозар акәхарын. Ҽнак зны агәымшәара аарԥшны, лара Нееман иԥҳәыс ус лалҳәеит: «Сыԥшәма Сама́риаҟа аԥааимбар иахь дцазҭгьы, уи ацәеилабаара аҟынтә дихәышәтәуан!»

Абиблиаҿы абарҭ ажәақәа мацара роуп уи аӡӷаб хәыҷ илҳәаз аҟынтә иану. Уи уаҩы имаҳацыз ак акәмызт, аха Нееман иԥсҭазаара ӷәӷәала ианыԥшит. Иара аӡӷаб хәыҷ илҳәаз аниаҳа, аҳ Бен-Хадад иахь дцан, зегь изеиҭеиҳәеит. Аҳ Бен-Хадад израильтәи аҳ Иорам асаламшәҟәы изиҩит, дагьиҳәеит Нееман ацәеилабаара аҟынтә дихәышәтәырц. Нееман уи асаламшәҟәы иманы Израильҟа амҩа дықәлеит.

Нееман иҩнаҭа иатәыз зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа иԥшын. Ҳәарада, аӡӷаб хәыҷ дааҟәымҵӡакәа Иегова диҳәон Нееман дихәышәтәырц, насгьы Нцәас иҟоу иара заҵәык шиакәу иирбарц. Ицеит мышқәак, иҟалап мчыбжьқәак ҵызаргьы. Абар Нееман иҩныҟа дхынҳәит. Шәхаҿы иаажәг иҭаацәеи имаҵуцәеи гәырӷьаҵәа ишиԥылаз. Дара ирбеит ачымазара иафахьаз ицәа ахәыҷы ицәа еиԥш ипашәӡа ишыҟалаз, — иара дыбзиахеит!

Иҟалап уи аӡӷаб хәыҷ ак лаҩмыжькәа Нееман ииҳәоз дазыӡырҩуазҭгьы: Елисеи дшиԥылаз, иҟаиҵарцгьы иеиҳәаз; Нееман уи игәы зыԥнажәаз; имаҵуцәа аԥааимбар ииҳәаз дазыӡырҩырц ишиҳәоз; аҵыхәтәаны ахынраалара аарԥшны Иордан аӡы бжьынтә иҽшҭишьыз, уи ашьҭахьгьы дшыбзиахаз. Аха еиҳараӡак узыргәырӷьоз Нееман Иегова игәра ахьигаз ауп, насгьы уи аӡӷаб хәыҷ леиԥш имаҵ аура дахьалагаз.

Шәазхәыц: ари зегь зыбзоурахаз израильтәи аӡӷаб хәыҷ агәымшәара аарԥшны Лынцәеи уи иԥааимбари рыӡбахә ахьеиҭалҳәаз ауп! Ҳара уи илыхьӡыз ҳаздырӡом, аха Иегова идыруеит. Ҳаргьы лара леиԥш агәымшәара ааҳарԥшуазар, Иегова уи лыԥсы анҭеиҵалак даҳбоит. Усҟан еиҳа еиӷьны ҳлабадырыр, лҭоурыхгьы еилаҳкаар ҳалшоит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥаалырԥшуаз израильтәи аӡӷаб хәыҷ агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Избан аӡӷаб хәыҷ сириаа дрыцәшәозар залшоз, иҟарҵозгьы уамашәа изылбоз? (w96-U 15/5 8, абз. 3). 1

    Courtesy of Musée du Louvre, Paris

    Асахьа 1. Ажәытәтәи сириатәи астатуетка, изларҳәо ала, уи амцнцәа Риммон даанарԥшуеит

  2. 2. Дышԥаҟало ацәеилабаара зыхьуа ауаҩы? (it-U «Проказа», абз. 3—5).

  3. 3. Избан Елисеи Нееман иҳамҭа зидимкылаз? (w05-U 1/8 9, абз. 2).

  4. 4. Избан Елисеи агәра ганы дзыҟаз Нееман «Риммон иҩнаҿы дахьхырхәо» азы Иегова дшаҭеимҵо? (2 Аҳ. 5:18, 19; w05-U 1/8 9, абз. 3). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Нееман Израиль иақәлоз сириатәи аибашьцәа дырхагылан, аха Иегова уи дихәышәтәит. Иаҳнарҵои уи Анцәа илоу арыцҳашьареи ауаа реилымхреи аганахьала? 3

    Асахьа 3

  • Ишԥашәыцхраауеи израильтәи аӡӷаб хәыҷ лҿырԥшы шәаншәогьы ажәабжьҳәара?

  • Ишԥашәылшо иҵегьы израильтәи аӡӷаб леиԥш агәымшәара аарԥшра?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу израильтәи аӡӷаб хәыҷ илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак? a

Иҵегь шәахәаԥш

Абиблиаҿы израильтәи аӡӷаб хәыҷ илыхьӡыз анӡам. Иаанагома уи Иегова изы уи аӡӷаб акгьы даԥсаӡамызт ҳәа?

«Почему не все, кто упоминается в Библии, названы по имени?» (w13-U 1/8 10).

Еилышәкаа израильтәи аӡӷаб хәыҷ лҿырԥшы иқәыԥшу ақьырсианцәа агәымшәара аарԥшра ишрыцхраауа.

«Иегова агәымшәара аарԥшра дуцхраауеит» (12:00)

a Уи аӡӷаб хәыҷ лықәра аҭәымҭа аҟынӡа днеизар, изызҳахьоу аԥҳәыс леиԥш лыԥсы ҭалоит.