39 ЕСФИРЬ
«Уи азы сыԥсуазаргьы сыԥсааит»
ЕСФИРЬ аҳҭынрахьы ацара даҿын. Лара аҳ дылбар лҭахын, ааԥхьара лымамкәа днеир дишьыр шилшоз шылдыруазгьы. Лара дшәон, аха даанызкылоз ак ыҟамызт. Избан ус зыҟалҵаз?
Есфирь даара иԥшӡаз, еинаалаз ӡӷабын. Лҭаацәа зынӡа данқәыԥшыз иԥсхьан. Убри аҟынтә Есфирь акырӡа илеиҳабыз лаб иашьа иԥа Мардохеи диааӡон. Мардохеии Есфирьи ақалақь Суза аҿы инхон. Уи ақалақь аҿы персиатәи аҳ иаҳҭынра ыҟан. Мардохеи уи аҳ имаҵ иуан.
Зны аҳ Ахашверош (иҟалап, Ксеркс I) ҿыц аԥҳәыс далихырц иӡбеит. Убри аҟынтә аимпериа ахьынӡанаӡааӡоз иҟаз ахаҵа дзымбацыз иԥшӡаз аӡӷабцәа еизыргарц адҵа ҟаиҵеит. Аҳ имаҵуцәа Есфирь дшыԥшӡаз гәарҭан, аҳҭынрахьы дыргеит. Аха Мардохеи заа Есфирь илеиҳәахьан хылҵшьҭрала дшауриоу аӡәгьы изеиҭалымҳәаларц.
Аҳҭынраҿы Есфирь «дызбоз зегьы дыргәаԥхон». Жәаҩа мзы илзыҟарҵоз акосметикатә процедурақәа рышьҭахь лара аҳ иахь днаргеит. Аҳ Есфирь егьырҭ аӡӷабцәа раасҭа дигәаԥхеит. Иара Есфирь амчра ду змаз персиатәи аимпериа аҳкәажәс далихит. Аха Есфирь Мардохеи ииҳәаз лхашҭӡомызт, дшауриазгьы аӡәгьы иалҳәаӡомызт.
Уи аамҭазы Ахашверош Аман зыхьӡыз хаҵак аимпериаҿы иара ишьҭахь аҩбатәи аҭыԥ аанызкылоз иакәны дҟаиҵеит. Аман Мардохеи дицәымӷын, избанзар уи иара диеихырхәаӡомызт. Мардохеи ус зыҟаиҵоз Иегова дахьизиашаз азоуп. Излаҳбо ала, Аман амаликаа ирхылҵыз иакәын. Амаликаа Иегова иаӷацәан. Ишыҟазаалакгьы, Аман убысҟак Мардохеи игәы изыԥжәеит, аимпериаҿы иҟаз ауриацәа зегь нирҵәарц игәы иҭеикит. Мардохеи Аман игәы иҭеикыз анеиликаа, иҟаиҵо изымдыруа дықәхеит. Аҳҭынраҿы амаҵ зуаз аӡә ила иара Есфирь иҟалаз зегь леиҳәеит, аҳ иахь дцаны лыжәлар лыхьчарц азгьы длыҳәеит. Ус ҟалҵарц азы Есфирь агәымшәара ду лҭахын.
Есфирь Мардохеи иалҳәеит ааԥхьара лымамкәа аҳ иахь днеир, персиатәи азакәан инақәыршәаны аҳ дишьыр шилшо. Уи адагьы, Есфирь лхаҵа злеишәа цәгьаз ауаҩ иеиԥш деицырдыруан. Аха Мардохеи дымцар ада ԥсыхәа шыҟам леиҳәеит. Иара илгәалаиршәеит аҳкәажәс дзыҟалаз Иегова ижәлар лыхьчарц азы акәзаргьы шалшо. Убри аҟынтә Есфирь дышшәозгьы, аҳ иахь дцарц лыӡбеит. Лара илҳәеит: «Уи азы сыԥсуазаргьы сыԥсааит». Есфирь Суза иҟаз ауриацәа зегь дрыҳәеит хымш ичгаларц. Урҭ амшқәа рыҩныҵҟа лыжәлари лареи иааҟәымҵӡакәа Иегова ацхырааразы иҳәон. Уи ашьҭахь лара аҳ иаҳҭынрахьы ддәықәлеит.
Ахашверош Есфирь аҳҭынра аҩналарҭа аԥхьа дышгылоу аниба, игәы лызԥымжәаӡеит. Ус анакәха, шьҭа Есфирь дзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟамызт. Аҳ ихаҭа Есфирь илҭаху дазҵааит. Есфирь лхаҵеи Амани ирызлырхиаз ачарахь иаалыԥхьеит. Ачараан аҳ Есфирь лзы иҟаиҵар илшои ҳәа длазҵааит. Аха лара агәҽанызаара аалырԥшит, иаразнак илҭаху аҳәарагьы даламгаӡеит. Уи аҭыԥан, аҳи Амани адырҩаҽынгьы ачарахь ааԥхьара рылҭеит. Уи аамҭазы Аман Мардохеи дыкнеиҳарц ахьиҭахыз ашьаҟа дыргыларц адҵа ҟаиҵеит. Аха Аман игәҭакы цәгьа ааҳәны ихы иҭаԥеит.
Есфирь аимпериа ду иахагылаз лхаҵа агәра илыргар акәын Анцәа ижәлар рықәхра зҭахыз ауаҩы дааникылар шихәҭоу
Адырҩаҽны ачараҿы Ахашверош еиҭах Есфирь илҭаху длазҵааит. Убасҟан Есфирь илҭахыз лҳәеит. Лара патуқәҵарала аҳ изеиҭалҳәеит аӡәы лыжәларгьы ларгьы нирҵәарц игәы ишҭеикыз. Есфирь илҳәеит уи атәы лымҳәазҭгьы, аҳ ааха ӷәӷәа шиоуаз. Ахашверош иаҳаз џьашьаны дҵааит уи аҩыза згәаӷьыз дызусҭада ҳәа. Есфирь илҳәеит уи ауаҩы цәгьа — Аман шиакәу. Аҳ иԥсахы еибакын, Аман дыршьырц адҵа ҟаиҵеит. Аман даныршь, Мардохеи дыкнеиҳарц ахьиҭахыз ашьаҟаҿы дганы дыкнарҳаит.
Аман иҭахын Мардохеии персиатәи аимпериаҿы инхоз ауриацәеи зегь нирҵәарц. Аха уи аҭыԥан, Иегова иаӷацәеи уи имаҵзуҩцәа раӷацәеи нырҵәан, Амангьы уахь дналаҵаны. Есфирь ахаҵареи агәымшәареи ахьаалырԥшыз абзоурала Иегова дырҩегь ижәлар еиқәирхеит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаалырԥшуаз Есфирь агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Ишьақәзырӷәӷәои ашәҟәы Есфирь аҿы иану аҭоурых шыҟаҵәҟьаз? (ia 138, арамка). 1
Ungnad, Arthur. “Neubabylonische Privaturkunden aus der Sammlung Amherst.” Archiv für Orientforschung, vol. 19, 1959, pp. 74–82
Асахьа 1. Мардука, даҽакала иуҳәозар, Мардохеи, зыхьӡыз ауаҩы иӡбахә зну ажәытәтәи персиатәи аӷәыцәмаҟьа
-
2. Мардохеи Аман иеихырхәара мап ацәикит. Мзызс иамазар алшози ус ахьыҟаиҵоз? (ia 131, абз. 18).
-
3. Избан иаҳҳәар зҳалшо ауриацәа рықәхра зҭахыз Аҩсҭааи адемонцәеи ракәын ҳәа? (g02-U 8/9 7, абз. 3 — 8, абз. 2). 2
Cube. Lot of Yahali, puru. Neo-Assyrian Clay. (YPM BC 021122). Courtesy of the Peabody Museum, Division of Anthropology, Babylonian Collection, Yale University; peabody.yale.edu
Асахьа 2. Аҵәы аҭаԥсаразы рхы иадырхәоз ажәытәтәи акубик
-
4. Иарбан ԥааимбаражәоу инаӡаз Есфирьи Мардохеии рыбзоурала? (ia 142, арамка).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Есфирь Иегова имаҵзуҩцәа данырцәыхарахагьы аҟәыӷареи аҳәатәхаҵареи аалырԥшуан. Иднарҵар алшои иқәыԥшу ақьырсианцәа Есфирь лҿырԥшы?
-
Есфирь лхаҵа пату иқәҵаны диацәажәон, аиаша лҳәон, ачҳарагьы аалырԥшуан. Уи иара ахә ҳаракны ишьеит. Ишԥарылшо аҭаацәара иалалахьоу ақьырсианҳәсақәа уи илҿыԥшлар? 3
Асахьа 3
-
Ишԥашәылшо Есфирь шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Есфирь илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш амузыка зцу ари авидеонҵамҭа, насгьы еилышәкаа ахәыҷқәа Есфирь лҿырԥшы иднарҵар алшо.
Ихы шԥамҩаԥигеи иашьак Есфирь дылҿыԥшны, ихаҵара ицеиҩызшоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ашәарҭара ианҭагылаз?
«Ачҳара абзоурала изқәыргәыӷу зауа шәырҿыԥшла. Мардохеии Есфири» (3:05)

