32 ЕЛИСЕИ
«Иегова, суҳәоит... илақәа аарты»
АԤААИМБАР Елисеи имаҵуҩи иареи акаршәра аҟны иҟаз израильтәи ақалақь Дотан аҿы иҟан. Уи ақалақь ахәаҿы иқәгылан, аҭӡамц ӷәӷәақәа акәыршангьы иҟаҵан. Елисеи имаҵуҩы шьыжьымҭан шаанӡа дангыла, ӷәӷәала дзыршәаз ак ибеит. Ауха сириатәи ар ду рыҽқәеи рҽыуардынқәеи рыманы ақалақь иакәшеит. Урҭ аӡәызаҵәык ишьҭаланы ауп изааз, аԥааимбар Елисеи дыркыр рҭахын. Амаҵуҩы дшәаны Елисеи иахь дыҩны дцеит, иибаз зегь изеиҭеиҳәарц азы.
Елисеи ас ишәарҭаз аҭагылазаашьа уаанӡагьы дақәшәахьан. Шықәсқәак раԥхьа Иегова аԥааимбар Ильиа иеиҳәеит иус иацызҵоз Елисеи далихырц, дагьазыҟаиҵаларц. Дара Иегова имаҵ руан аҳ Ахави, иԥҳәыс Иезавели, рыҷкәын Охозиеи напхгара аныруаз аамҭазы. Урҭ Иегова иԥааимбарцәа рцәымӷын, рышьрагьы иашьҭан. Ҽнак зны имцаԥшьыз аҽыуардын ажәҩан аҟынтә илбаан, зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Ильиа дышьҭԥааны ажәҩан ахь дагеит. Иҟалап Елисеи уинахыс иҩыза Ильиа уаҳа димбазар. Аха иара уи иус иациҵеит — Иегова иԥааимбарцәа драԥхьагыланы Ваал имҵахырхәара даҿагылан (2 Аҳ. 2:15).
Иегова Елисеи ила ирацәаны аџьашьахәқәа ҟаиҵеит. Иаҳҳәап, иара сириатәи аҳ Бен-Хадад ир ирхагылаз Нееман дихәышәтәит. Аха аҳ ҭабуп мҳәаӡакәа Израиль дшақәлац дақәлон. Аха Иегова Бен-Хадад ипланқәа хирбгалон. Иара заа Елисеи иеиҳәон ақәылара ахьыҟалоз, нас Елисеи уи израильтәи аҳ иеиҳәон. Бен-Хадад ари дараапкит. Иара имаҵуцәа дрыԥхьан, ипланқәа иаӷа изеиҭазҳәо дарбану ҳәа дразҵааит. Имаҵуцәа руаӡәк ус иҳәеит: «Израильтәи аԥааимбар Елисеи иоуп ууадаҿы иуҳәоҵәҟьагьы израильтәи аҳ изеиҭазҳәо». Аамҭак ашьҭахь Бен-Хадад изаарыцҳаит Елисеи Дотан дшыҟоу. Усҟан аԥааимбар дыркырц азы ир уахь идәықәиҵеит.
Елисеи имаҵуҩи иареи ар ду рыкәшеит, царҭа рымамкәа иқәхазшәа убаргьы алшон. Аха Елисеи имаҵуҩы изымдыруаз ак идыруан
Раԥхьа сириатәи ар збаз Елисеи имаҵуҩы иоуп. Иара аԥааимбар иахь дыҩны днеин дшәаԥырҳаԥуа абас иҳәеит: «Сыԥшәма, ухаҵкы, иҟаҳҵои?» Елисеи ибеит имаҵуҩы даара дшәаны дшыҟаз, убри аҟынтә ус иеиҳәеит: «Умшәан». Анаҩс Елисеи иахьа уажәраанӡа Анцәа имаҵзуҩцәа рхаҵара зырӷәӷәо ажәақәа иҳәеит: «Ҳара иҳацу еиҳа ирацәоуп дара ирыцу раасҭа». Иҟалап амаҵуҩы аԥааимбар ииҳәоз џьашьаны дихәаԥшуазҭгьы, избанзар дара ҩыџьа ракәын иҟаз, ирҿагылаз ар дуӡӡан. Убри аҟынтә Елисеи абас Анцәа диҳәеит: «Иегова, суҳәоит, зегь ибарц азы илақәа аарты».
Иегова иаразнак Елисеи иҳәара аҭак ҟаиҵеит. Иара Елисеи имаҵуҩы иирбеит иаарыкәыршаны игылаз зхыԥхьаӡара рацәаз амаалықьцәа. Урҭ амаалықьцәа убысҟак ирацәан адунеи аҿы иҟоу арқәа иузрыдкыломызт. Абиблиаҿы иануп: «Иара ибеит ашьхақәа рҿы Елисеи иааикәыршаны имцаԥшьыз аҽқәеи аҽыуардынқәеи шгылаз».
Аха сириатәи ар Иегова ир ду рбаӡомызт. Дара Елисеи дыркырц азы ақалақь иаадгылеит. Елисеи Иегова диҳәеит урҭ ирлашәырц. Иҟалап дара рыла иамбаҵәҟьо иҟамлазар, аха иахьыҟоу рзымдыруа иқәхеит. Сириаа убриаҟара имчыдахеит Елисеи дахьцоз ишьҭаланы идәықәлеит. Иаргьы урҭ иманы дышиашаз Самариа днеит. Дотанынтәи уанӡа 16 километра раҟара бжьан. Уа ианнеи, Елисеи Иегова диҳәеит сириаа рылақәа ааиртырц. Иегова убас иагьыҟаиҵеит. Аибашьцәагьы еилыркааит царҭа рымамкәа Израиль аҳҭнықалақь ахь ишнанагаз! Израильтәи аҳ урҭ ишьыр иҭахын, аха Елисеи ирыцҳаишьеит. Иара иҳәеит сириаа акрырҿаҵаны аҩныҟа идәықәырҵарц. Абиблиаҿы ари аҭоурых абарҭ ажәақәа рыла инҵәоит: «Уи ашьҭахь сириатәи ақәылаҩцәа уаҳа Израиль иақәлаӡомызт».
Елисеи агәра ганы дыҟан амаалықьцәа иааигәара ишыҟоу. Иара урҭ хаҵара блала ибон. Елисеи акыршықәса Иегова имаҵ иухьан. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа зныкымкәа ибахьан Иеговеи уи имаалықьцәеи Анцәа гәыкала имаҵ зуа есымша рааигәара ишыҟоу, рыцхраарагьы ишазхиоу. Уи Елисеи агәымшәара инаҭон. Ҳаргьы уи агәымшәара ҳнаҭар ауеит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
2 Аҳцәа 6:8—23
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Елисеи агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Иҟаиҵеи Елисеи Иегова ԥааимбарс даналих, насгьы иҳаилнаркаауеи уи иара изкны? (1 Аҳ. 19:19—21; it-U «Елисей», абз. 2). 1
Асахьа 1
Асахьа 1
-
2. Избан Елисеи Ильиа имаз адоуҳа аҟынтә «ҩ-хәҭак» дзаҳәаз? (2 Аҳ. 2:9; w03-U 1/11 31).
-
3. Избан Иегова сириаа анирлашә, иара урҭ рыхшыҩ ауп ирлашәыз ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (it-U «Слепота», абз. 6).
-
4. Шәахцәажәа Елисеи аԥааимбар иаҳасабала имаҵзура (it-U «Елисей», абз. 27, 28).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Агәымшәара ҳнаҭар шԥалшо амаалықьцәа еснагь ҳааигәара ишыҟоу ахьаҳдыруа? 2
Асахьа 2
-
Елисеи имаҵуҩы игәы шьҭихит. Иҿыԥшлар шԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Елисеи? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо ҳара?
-
Ишԥашәылшо Елисеи иеиԥш агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Елисеи ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Иҿырҵаар рылшои Елисеи Иегова имаҵзураҿы иҿыцу дҵак зауз аишьцәа?
Еилышәкаа Елисеи иԥсҭазаараҿы дзықәшәоз ахҭысқәа иҵегьы иаҳдырҵар рылшо.
«Елисей видел огненные колесницы. Видишь ли их ты?» (w13-U 15/8 28—30)

