34 ЕЗЕКИА

«Иара Иегова дидҳәалан»

«Иара Иегова дидҳәалан»

ЕЗЕКИА гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дызбоз Иудеиа аҳ иакәын. Иара иеиԥшыз аҳцәа маҷын. Езекиа иаб Ахаз Анцәа ижәлар рҭоурых аҟны зегь иреицәаз аҳцәа дреиуан. Ахаз амцнцәақәа дрымҵахырхәон, ажәларгьы уи дирҟаҵон. Уи дзымҵахырхәоз иҿаасҭаз амцнцәақәа ргәы ҟаиҵарц азы иԥацәа кәырбанс инеигон (2 Аҳ. 16:2—4; 2 Аш. 28:1, 3). Убри аҟынтә иҟалап Езекиа ихәыҷра ҿаасҭазҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, Езекиа ианизҳа, иаб ишьҭра дықәымлаӡеит. Ахаз данԥсы 25 шықәса зхыҵуаз Езекиа аҳра аура далагеит. Агәымшәара аарԥшны аԥсахрақәагьы дрылагеит.

Езекиа Иерусалим иҟаз Иегова иныҳәарҭа иагыз ҟаҵаны дырҩегь иааиртит. Иара уа иҟаз аидолқәа ықәигеит, нас аԥшьаҩцәеи алевитцәеи ргәазҭеиҵеит уаанӡа еиԥш Иегова имаҵ руларц. Уи ашьҭахь хара имгакәа Езекиа иҳәеит Иегова изку аныҳәа ду шеиҿикаауа. Иара ауаа ишьҭит ауриацәа зегьы уи аныҳәахь ааԥхьара риҭарц азы, Израиль аҩадатәи аҳраҿы инхоз жәабиԥаракгьы уахь иналаҵаны. Џьоукы ацҳаражәҳәаҩцәа ирхыччон, даҽа џьоукы аныҳәахь ицарц рыӡбеит. Езекиа иҿырԥшы Иудеиагьы Израильгьы инхоз ажәлар ргәазҭанаҵеит аидолқәеи амцнцәақәа иахьрымҵахырхәоз аныҳәарҭақәеи рықәгара. Езекиа абҩа иалхыз амаҭгьы ықәигеит. Уи Иегова 700 шықәса раԥхьа Моисеи иҟаиҵарц иеиҳәаз, аха иахьа уажәраанӡагьы ауриацәа зымҵахырхәоз амаҭ акәын.

Акыршықәса рыҩныҵҟа Езекиа ибон Иудеиа зықәшәар алшоз арыцҳара еиҳа-еиҳа ишааигәахоз. Акыр ҵуан Иегова ижәлар ргәырҽаниҵеижьҭеи Израиль аҩадатәи аҳра шықәгахо ала. Езекиа аҳра аура даналага, уи арыцҳара аарыдгылеит. Ассириатәи аруаа Израиль иақәлан, уа инхоз реиҳараҩык тҟәаны иргеит. Иҟалап Езекиа Иудеиагьы уи аҩыза аԥеиԥшума ҳәа дхәыцуазҭгьы, избанзар уа инхоз ауаагьы Иегова имаҵ аура иаҟәыҵхьан. Аиудеиаа израильаа раасҭа еицәаз агәнаҳақәа ҟарҵон. Иегова иԥааимбарцәа рыла урҭ шахьирхәуа ргәырҽаниҵон. Иара еснагь иажәа наигӡоит. Абар ассириатәи аибашьцәа Иудеиа еиҳа-еиҳа иазааигәахон. Езекиа ишьара дықәзырҟьоз амзызқәагьы еиҳа-еиҳа ирацәахон.

Аҳ Синаххериб дызхагылаз ассириатәи ар Иудеиа иақәланы ақалақьқәа ргара иалагеит. Иҟалап уи аамҭа цәгьа азы акәзар Езекиа даҽа рыцҳаракгьы данақәшәа — иара ӷәӷәала дычмазаҩхан, дшыԥсра дыҟан. Езекиа макьана аԥа димоуӡацызт. Убри аҟынтә дыԥсызҭгьы, аҳ Давид ишьҭра ҿахҵәон. Езекиа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа ацхырааразы диҳәо далагеит. Иегова имаҵзуҩ иахь абзиабара аарԥшны иҳәара аҭак ҟаиҵеит. Иара Езекиа иԥсҭазаара даҽа 15 шықәса ациҵеит. Аха Иерусалим уеизгьы ашәарҭара иҭагылан — ассириаа ааины ирыдгылан.

Езекиа иԥшьоу Иегова иқалақь Иерусалим ихьчарц азы Синаххериб ирацәаны ахьи араӡни изишьҭит, уи дааннакылап ҳәа. Синаххериб аҳамҭақәа идикылеит, аха игәы иҭаз даҟәымҵӡеит. Уи аамҭа иалагӡаны Езекиа Иерусалим арӷәӷәара даҿын. Иара иҿыцу даҽа ҭӡамцк иргылеит, насгьы ақалақь амацәаз иҭаркыр, ауаа аӡы рымазарц азы аӡышьҭра ылигеит. Иара убас Езекиа ижәлар ргәы ирӷәӷәон, иагьыргәалаиршәон Иегова адгьыл аҿы иҟоу арқәа зегь раасҭа дшыӷәӷәоу.

Ишәарҭаз аӷа Иерусалим инхоз ауаа иршәон, аха Езекиа урҭ ргәы шьҭихуан

Уи зегьы Синаххериб еиҳагьы иԥсахы еибанаркит. Иара Иерусалимҟа ихаҭарнак Рабсак ддәықәиҵеит ажәлар иршәарц азы. Рабсак Езекиеи Иеговеи ларҟәуа дырхыччон. Аха Езекиа агәымшәара ааирԥшуан. Уи ииҳәоз азыӡырҩра игәгьы иҭаӡамызт, ажәларгьы ргәы шышьҭихыц ишьҭихуан. Усҟан Синаххериб Езекиа дыршәаны игәы каижьырц азы асаламшәҟәқәа изииҩуа далагеит. Езекиа урҭ асаламшәҟәқәа Иегова иныҳәарҭахь иганы еиҵыхны ишьҭеиҵеит. Убасала иааирԥшит уи аус Зегьзымчу Анцәа инапы ишаниҵо. Иегова аԥааимбар Исаиа ила ажәабжь бзиа ааицҳаит. Анцәа Синаххериб изы абас иҳәеит: «Уи ари ақалақь далалаӡом, дхысны, ихҿа арахь иааишьҭӡом».

Аухаҵәҟьа Иегова ассириаа рлагер ахь амаалықь дишьҭит. Уи амаалықь ихала мгеимцарак иалагӡаны 185 000-ҩык аибашьцәа нирҵәеит. Шәхаҿы иаажәг Синаххериб ихы шибаз шьыжьымҭан шаанӡа дангыла иааикәыршаны аԥсцәа шкажьыз аниба. Иара ахьымӡӷ ганы итәылахь дхынҳәыр акәхеит. Аамҭак ашьҭахь Синаххериб инцәа Нисрох иныҳәарҭаҿы даныҟаз, иҷкәынцәа дыршьит.

Иегова ибзоурала Езекиа аиааира ду игеит. Ассириаа Иудеиа азы уаҳа ишәарҭаӡамызт. Езекиа ичымазара далҵит, аԥагьы диоуит. Иҟан аамҭа Езекиа данԥагьаха, аха Иегова уи дириашеит, иаргьы ахынраалара аарԥшны дышиашамыз еиликааит. Езекиа Анцәа ижәлар ирхагылаз аҳцәа рҟынтә иреиӷьыз ҳәа аҭоурых данылеит. Иара иуадаҩыз аамҭақәа раан агәымшәара ааирԥшуан, иԥсы ахьынӡаҭазгьы Иегова дизиашан.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Езекиа агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Ишԥашьақәдырӷәӷәо археологцәа рыԥшаамҭақәа Абиблиаҿы Езекиа изкны иану? (w11-U 1/5 15, абз. 1—3). 1

    Zev Radovan/Alamy Stock Photo

    Асахьа 1. VIII ашәышықәсазы ҳ. ҟ. иҟаҵаз ҳәа иԥхьаӡоу амҳәыр асахьа зну ҽыҭк анышәаԥшь. Уа иануп: «Иудеиа аҳ Ахаз [иԥа] Езекиа итәуп»

  2. 2. Исаиа иԥааимбаражәаҿы иԥыруа имцаԥшьу амаҭ аӡбахә ҳәоуп. Ишԥанаӡеи уи аԥааимбаражәа Езекиа иҿы? (Ис. 14:28, 29, албаага; ip-1-U 190—191, абз. 4—6).

  3. 3. Археологцәа Ниневиа аԥшаарақәа анымҩаԥыргоз ф-кәакьк змаз анышәаԥшь иалхыз амаҭәар рыԥшааит. Уа Синаххериб аибашьраҿы имаз аихьӡарақәа рыӡбахә аҳәоит. Ианузеи уа? Зыӡбахә ҳәами уа? Избан уи аинтерес заҵоу? (g-U 12/10 27, абз. 3—5). 2

    © The Trustees of the British Museum. Licensed under CC BY-NC-SA 4.0. Source

    Асахьа 2. Синаххериб иеихьӡарақәа рыӡбахә зну Теилор ипризма

  4. 4. 2003 шықәсазы гәыԥҩык аҵарауаа ирыӡбеит еилыркаарц Силоамтәи атуннель (Езекиа итуннель ҳәа еицырдыруа) Езекиа напхгара аниуаз аамҭазы идыргылаҵәҟьама ҳәа. Иарбан лкаау дара иҟарҵаз? (w09-U 1/5 27, абз. 3—5).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ицхраар шԥалшо ақьырсиан Езекиа иҿырԥшы, иҭаацәа руаӡәк Иегова имаҵ имуазар? 3

    Асахьа 3

  • Еиҳарак хьаас имази Езекиа, ассириаа Иерусалим иақәларц анырҭахыз? (2 Аҳ. 19:15—19). Иаҳнарҵои уи ҳара?

  • Ишԥашәылшо Езекиа шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Езекиа ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәахәаԥш 2 Аҳцәа 19:14—36 аҿы иану ахҭысқәа шьаҭас измоу авидеонҵамҭа.

«Суҳәоит, ҳаиқәырха» (5:38)

Ишԥанаӡеи Михеи 5:5 аҿы иану аԥааимбаражәа Езекиа ихаан? Анаӡара ишԥаҿу уи иахьа?

«Семь пастырей, восемь князей. Что они означают для нас сегодня» (w13-U 15/11 18—20, абз. 9—18)