37 ДАНИИЛ

Иара «аҳ ифатәи иҩи иҽшаимырҟьашьуа» иӡбеит

Иара «аҳ ифатәи иҩи иҽшаимырҟьашьуа» иӡбеит

ДАНИИЛ дахьиз адгьыл дацәыхаран. Вавилонаа Иудеиа иақәланы ауриацәа тҟәаны ианыргоз, Даниилгьы иҭаацәеи иареи ргеит. Итҟәаны иргаз ԥшьымз раҟара амҩа иқәызҭгьы ҟаларын. Уи ашьҭахь иқәыԥшыз ауриацәа шьоукы рҭаацәа ирымхны Вавилон аҳҭнықалақь ахь ирышьҭит. Урҭ иреиуан Даниили хҩык иҩызцәа Хананиеи, Мисаили, Азариеи. Хара имгакәа дара еилыркааит вавилонаа ирҭахыз: урҭ арԥарцәа вавилонаа ркультуреи рҵасқәеи бзианы ирҵар акәын.

Зҭаацәа ирцәыхараз атәым дгьыл аҿы иҟаз Даниил Иегова иахь имаз азиашара ԥызшәаз ауадаҩра ӷәӷәақәа дрықәшәеит

Вавилонтәи аҳ Навуходоносор аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз Ашпеназ арԥарцәа дырхылаԥшларц идиҵеит. Уи раԥхьаӡа иргыланы рыхьӡқәа иԥсахит. Ауриацәа лассы-лассы рхәыҷқәа Иегова дҳаразкуаз ахьӡқәа рырҭон. Иаҳҳәап, Даниил ихьӡ еиҭоугозар, иаанагоит «Сыӡбаҩ Анцәа иоуп». Вавилонаа ракәзар, рхәыҷқәа рынцәақәа ирыдҳәалаз ахьӡқәа рырҭон. Даниил вавилонтәи ахьӡ Белтешаццар ирҭеит. Уи иаанагон «Аҳ иԥсҭазаара хьча», насгьы амцнцәа Бел иҳәара иахәҭакын. Аҳ иҭахын иқәыԥшыз ауриацәа хәыцшьалеи хымҩаԥгашьалеи вавилонаа иреиԥшхарц. Иара адҵа ҟаиҵеит урҭ «халдеиаа рбызшәала аԥхьашьеи аҩышьеи» ддырҵарц, аԥхьаҟа аҳҭынраҿы амаҵ руларц азы. Уи зегь дырҵара аҳ знапы ианиҵаз Ашпеназ иакәын. Аха аҳ уи аҿы даанымгылаӡеит.

Навуходоносор адҵа ҟаиҵеит атҟәацәа аҳ истол иқәдыргылоз зегь иреиӷьыз афатәи аҩи рырҭаларц. Иҟалап шьоукы уи ҳаҭыр дууп ҳәа рыԥхьаӡазаргьы. Аха Даниил иҩызцәеи иареи рзы уи ашәарҭара шаҵаз ибеит. Дзыцәшәеи иара?

Даниил абас дхәыцуазар алшон: «Вавилонаа ирдыруеит Иегова изакәан инақәыршәаны зыфара азин ҳамам шыҟоу. Иҟалои дара Иегова ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо акы фатәыс иҳарҭар, убасала Анцәа изакәан еилаҳгарц азы? Зыфара азин ҳамоу акәац ҳарҭар, уи ишахәҭоу еиԥш ашьа шьҭызаауама? Мамзаргьы ҳжьаны Иегова ашьа шәымфалан ҳәа иҳаиҭаз азакәан еилаҳгарц ҳадырцалоу? Акәац ыфаны иаҳзымдыркәа амцнцәақәа рымҵахырхәара ҳҽалаҳҟьашьыр? Ирацәаны аҩы ҳазҭарҭәалар, уи ҳахшыҩ амырлашәӡои?» a

Иҟалап Даниил ирацәаны Анцәа диҳәозҭгьы, насгьы хҩык иҩызцәеи иареи зныкымкәа уи азҵаара иалацәажәазар. Аҵыхәтәаны иара еиликааит Иегова игәы идмырхьырц азы иҟаҵатәу. Даниил ҳаҭырқәҵарала Ашпеназ диҳәеит иҩызцәеи иареи зҟьашьыр алшо афатә рымфаларц азин риҭарц. Иегова Даниил дицхрааит, насгьы аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз Даниил ииҳәаз игәы азԥымжәартә иҟаиҵеит. Аха убри аамҭазгьы Ашпеназ иҳәеит Навуходоносор уи иахиҳәаауа дшацәшәо, избанзар ирзалхыз афатә рымфалар, уи арԥарцәа ргәабзиара иҽеимкәа ианыԥшыр алшон. Иара иакәын уи азы аҳ иҿаԥхьа аҭак ҟазҵоз. Даниил Ашпеназ ажәа имаимкӡеит, аамҭак ашьҭахь агәымшәара аарԥшны, Ашпеназ арԥарцәа ирхаиргылаз ауаҩы иҩызцәеи иареи ԥишәарц диҳәеит. Даниил ахылаԥшҩы диҳәеит жәамш рыҩныҵҟа ауҭраҭыхи аӡи мацара риҭаларц, нас аҳ истол иқәдыргылоз афатә зфоз арԥарцәеи дареи еиҿдырԥшырц. Ахылаԥшҩы уи дақәшаҳаҭхеит.

Жәамш рышьҭахь иубарҭахеит урҭ ԥшьҩык арԥарцәа ԥшралеи гәабзиаралеи егьырҭ раасҭа ишеиӷьыз. Убри аҟынтә дара анаҩсгьы ирфоз рфаларц азин рырҭеит. Еилкаан Иегова Даниил иҩызцәеи иареи иаадырԥшыз ахаҵареи агәымшәареи рзы дышрықәныҳәаз. Урҭ ахҭысқәа дара ахаан ирхашҭӡомызт.

Анаҩстәи ахы ишаҳнарбо еиԥш Даниил хҩык иҩызцәа хара имгакәа аԥышәара ӷәӷәа рзыԥшын. Уи аԥышәара рхыргарц азы дара агәымшәара ӷәӷәа рҭахын. Даниил 100 шықәса раҟара ниҵит. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Даниил илаз агәымшәарагьы зныкымкәа иԥышәан. Иаҳҳәап, иара Иегова Навуходоносор иирбаз аԥхыӡқәа рҵакы изеиҭеиҳәар акәын. Урҭ аԥхыӡқәа иԥагьаз аҳ иаҳреи иареи рзы иҽеиу ҳәа акгьы рҳәаӡомызт. Акыршықәса рышьҭахь Даниил аҭӡамц аҿы ицәырҵыз аҩыра иаанаго реилиркаар акәын. Уи аҩыра усҟан напхгара зуаз аҳ Валтасар Анцәа дышиқәыӡбаз атәы аҳәон. Уи адагьы, Даниил иқәрахь даннеихьаз, имлашьуаз алымқәа ахьҭакыз дҭарыжьит. Урҭ аҭагылазаашьақәа зегь рҿы Даниил данқәыԥшыз имаз агәымшәара аҩыза ааирԥшуан. Иџьашьатәӡам Иегова имаалықь Даниил «Анцәа изы акыр иаԥсоу ауаҩы» ҳәа ахьизиҳәаз.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

  • Даниил 1:1—21; 5:12; 10:11

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Даниил агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Еиҿагылома Даниил 1:1 иануи Иеремиа 25:1 аҿы иануи? (dp-U 18—19, абз. 14, 15).

  2. 2. Даниил 1:2 аҿы иануп Навуходоносор инцәа иныҳәарҭаҿы ахазынаҭра шимаз. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Вавилон имҩаԥыргоз аԥшаарақәа раан ирбаз аӷәыцәмаҟьа ианыз аҩыра уи ахазынаҭра шыҟаҵәҟьаз? (it-U «Сокровищница», абз. 3). 1

    © The Trustees of the British Museum. Licensed under CC BY-NC-SA 4.0. Source. Modifications: Box added

    Асахьа 1. Меродах иныҳәарҭаҿы иҟаз ахазынаҭра аӡбахә зҳәо Навуходоносор иажәақәа зну аӷәыцәмаҟьа

  3. 3. Иарбан рольу Вавилон аныхаԥааҩцәа инарыгӡоз? (Дан. 1:20; it-U «Магия и колдовство», абз. 2—6). 2

    Асахьа 2. Адоуҳа цәгьа ихалеит ҳәа ирыԥхьаӡоз ауаҩы «дшыхәышәтәтәу» уеилзыркаауа вавилонтәи аӷәыцәмаҟьа

  4. 4. Иаҵанакуазар алшози Даниил хҩык иҩызцәеи иареи ирфоз «ауҭраҭых» ахь? (Дан. 1:12; dp-U 40, абз. 25).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ишԥарыцхраауеи иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Даниил иҿырԥшы Иегова изиашаны аанхара, рааигәара рҭаацәа ыҟамзаргьы?

  • Даниил «иӡбеит» Иегова зегь рыла дшизыӡырҩло (Дан. 1:8). Ишԥеинаҭеи уи агәымшәара? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо? 3

    Асахьа 3

  • Ишԥашәылшо иҵегьы Даниил шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Даниил ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәахәаԥш ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ҳзырбо авидеонҵамҭа.

«Даниил. Агәрахаҵара ӷәӷәа аазырԥшуаз ауаҩы (актәи ахәҭа)» (ацыԥҵәаха) (13:07)

Ишԥарылшо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Даниил иеиԥш агәымшәареи Анцәа иахь азиашареи аадырԥшлар?

«Даниил шәиҿыԥшла» (w23.08 2—7)

a Шәахәаԥш Ақәҵра 34:15; Алевит 7:26; 11:1—7; Ахыԥхьаӡарақәа 25:2; Ажәамаанақәа 20:1.