25 ДАВИД

Давид. Иара Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны иаанхарц азы агәымшәара иҭахын

Давид. Иара Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны иаанхарц азы агәымшәара иҭахын

УААНӠА аҳ Саул Давид бзиа дибон. Иара иабџьар ныҟәызгоз иакәын, анаҩс иргьы дырхаиргылеит. Аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Аҳ Саул Давид дишьыр иҭахын, убри аҟынтә иҽиҵәахлар акәхеит. Анцәа Давид ажәа ииҭеит аҳас дшыҟало, аха уанӡа 600-ҩык ируааи иареи ацәҳәыраҿы анхара рықәшәеит.

Саул ӷәӷәала Давид диҵашьыцуа далагеит. Уи ацәанырра убраанӡа днанагон, изныкымкәа Давид дысшьуеит ҳәа далагахьан. Зны Давид Саул дишьыртә алшара иоуит, аха уи ҟаимҵаӡеит. Аха Саул Давид иааирԥшыз арыцҳашьара хьаасгьы имкӡеит. Уинахысгьы дысшьуеит ҳәа дишьҭан. Убри аҟынтә Давид ақалақь Зиф ааигәара иҟаз ацәҳәыраҿы иҽиҵәахуан. Аха уи ақалақь аҿы инхоз ауаа Давид дахьыҟоу Саул иарҳәеит, убас дара аҩынтәраан дырҭиит. Саул Давид дахьыҟоу анеиликаа, ируаа иманы уахь ддәықәлеит.

Иҟаиҵеи Давид? Раԥхьа иара Саул дахьыҟоу еиликаарц азы ԥыҭҩык аԥшыхәцәа ишьҭит. Саул 3 000-ҩык аибашьцәа ицын, аха Давид уи даршәаӡомызт. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар усҟан ауп иара ари аԥсалом аниҩыз: «Иегова — сыцхырааҩ иоуп. Иегова сара исыдгыло дрыцуп» (Аԥсал. 54:4; шәахәаԥш иара убас ари аԥсалом алагамҭаҿы иану). Давид уахынла иҽӡаны Саул илагер ахь днеирц игәы иҭеикит, исыццода ҳәа ҩыџьа иеибашьцәагьы дразҵааит.

Давид иаҳәшьаԥа Авишаи Саул илагер ахь суццоит ҳәа иеиҳәеит. Иара ак иацәымшәоз еибашьҩын, аха зны-зынла агәымбылџьбарара ааирԥшуан. Давиди Авишаии аҳ илагер аҿы ианнеи, зегь шыцәаз рбеит — Иегова иоуп урҭ ҭаҳәахаа изырцәаз. Саулгьы дыцәан. Иара аӡәгьы дихьчаӡомызт, иханы аԥса адгьыл иҵарсын.

Ихы шԥамҩаԥигеи Давид? Иара Саул дишьыр илшон, убри ала ашьҭашәарыцарақәа рҵыхәтәа ԥиҵәон, иаразнакгьы аҳас дҟалон. Авишаи изеилкаауамызт Давид аамҭа зигоз, убри аҟынтә ибжьы ныҵакны иеиҳәеит: «Иахьа Анцәа уаӷа дуиҭеит. Азин сыҭ, зныкала сисны, аԥсала адгьыл даласырҟацоит, ҩынтәгьы аҟьара сықәшәаӡом».

Давид уи аҩыза аҭагылазаашьа дақәшәахьан. Ен-Геди ацәҳәыра аҟны иҟаз аҳаԥқәа руак аҿы иҽаниҵәахуаз, Саул уахь дҭалеит. Саул Давид дгәеимҭаӡеит, уи ихы иархәаны иаӷа дишьыр илшон. Давид Саул ишәыз имаҭәа акалҭ мацара ауп ихиҵәаз, аха убри азгьы иламыс даргәаҟуан. Иара игәы иалан Иегова иалихыз аҳ ҳаҭырда дахьизныҟәаз.

Давид Авишаи инкылара изымариамызҭгьы ҟаларын, избанзар иаргьы Саул иҟынтә иҽиҵәахуан. Давид иеибашьцәагьы Саул рышьҭашәарыцара данаҟәыҵуа иазыԥшын. Ус шакәызгьы, Давид ашьоура мап ацәикит. Иара Авишаи узырхәыцшаз ажәақәа иеиҳәеит, ачҳарагьы ааирԥшырц игәазҭеиҵеит. Давид иҳәеит: «Ма Иегова уи дишьуеит, ма ианиаамҭоу дыԥсуеит, ма аибашьраҿы дҭахоит!» Анаҩс инақәырӷәӷәаны иҳәеит: «Иегова иалихыз цәгьарак изызур, уи Иегова игәы иахәаӡом!»

Ихы шԥамҩаԥигеи Давид иаӷа цәгьа диԥыригартә алшара аниоу?

Давид идыруан аамҭа анааилак Иегова Саул дшахьирхәуа. Хыхь зыӡбахә ҳәаз аԥсалом аҟны иара Иегова изкны абас аниҵеит: «Иара саӷацәа рус цәгьақәа аарҳәны рхы иҭаирԥоит» (Аԥсал. 54:5). Давиди Авишаии Саул илагер аҟынтә аҳаракырахь ихалеит. Уантәи Давид Саул иеибашьцәеи иареи ирызҿиҭит. Давид Саул иеибашьцәа раҳ дахьырмыхьчоз азы аҽԥныҳәа риҭеит. Саул иакәзар, баша аамҭа го, аӡ аҟара ашәарҭара зҵам ауаҩы дахьишьҭашәарыцо иаҽԥниҳәеит. Саул уи ԥхеишьеит. Иара иҳәеит: «Сара агаӡара ҟасҵеит, агха ӷәӷәагьы сыхьит».

Иҽиԥсахма Саул ари ахҭыс ашьҭахь? Мап. Давид еиликаауазҭгьы ҟаларын Саул ахаан иҽшимԥсахуа. Аха иара агәымшәара ахьааирԥшыз, Анцәа иҿаԥхьагьы иламыс цқьаны дахьаанхаз дахьымхәӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова агәымшәара злаз, гәыкала имаҵ зуаз имаҵзуҩы меигӡарахда дизылԥхеит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

  • 1 Самуил 16:21; 18:5—14; 23:19; 24:3—7; 26:1—25

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥши Давид агәымшәара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьаҿы?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Авишаи аҽынкылара ззымхоз, зны-зынлагьы агәымбылџьбарара аазырԥшуаз уаҩын. Аха ишԥаихьчоз иара агәымшәара аарԥшны Иегова ижәлар, насгьы Давид дышԥаицхраауаз? (it-U «Авесса», абз. 3—5).

  2. 2. Избан Давид ихы акаԥкаԥ изаҿирԥшыз? (1 Сам. 26:20; it-U «Куропатка», абз. 4). 1

    Ekaterina Kolomeets/​stock.adobe.com

    Асахьа 1

  3. 3. Избан Давид ачҳара зиҭахыз? (w17.08 7—8, абз. 14, 15).

  4. 4. Ишԥааирԥшуаз Давид ахӡырымгара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа рышьҭахь ажәашықәсақәа анҵы? (w21.09 10, абз. 8). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Саул агхақәа рацәаны ишыҟаиҵозгьы, Давид уи имаз амчра пату ақәиҵон. Ишԥаныруеи Давид иҿырԥшы:

    • ҳҭаацәа ҳшырзыҟоу? 3

      Асахьа 3

    • амчра змоу ҳшырзыҟоу? 4

      Асахьа 4

    • аизара ахылаԥшыҩцәа ҳшырзыҟоу? 5

      Асахьа 5

  • Давид агәымшәара аарԥшны Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны ихы мҩаԥигеит. Иаҳҭаххар анбалшо агәымшәара убас еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгарц азы?

  • Шәгәы шԥазҭанаҵо иҵегьы ари аҭоурых Давид шәиҿыԥшны агәымшәара аарԥшра?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Давид иԥсы анҭалалак ишәҭарц ишәҭаху ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьа иазкны?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәахәаԥш ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ахьарбоу авидеонҵамҭа.

«Ишәхашәмыршҭлан абзиабараҵәҟьа зегь шахнаго» (1:29)

Иднарҵар алшои ахәыҷқәа раԥхьа аҟәымшәышәреи ахӡырымгареи злаз, аха нас аԥагьареи ахышьҭыхреи раарԥшра иалагаз Саул иҿырԥшы?

«Царь Саул» (асаит jw.org аҿы иҟоу абиблиатә карточка)