23 ДАВИД
Давид. Иара адау иабашьра дацәымшәаӡеит
ДАВИД акаршәра Ела даннеи, уи акаршәра егьи аган ахь ала игылаз ауаҩы дибеит. Иара Голиаф ихьӡын. Ари зоура 3 метрак раҟара иҟаз ауаҩы ӷәӷәа харантәи уанихәаԥшуазгьы уицәшәартә дыҟан. Иааигәара иԥырак ныҟәызгоз ауаҩы дгылан. Иҟалап уи иаҳбац ауаа драҟаразҭгьы, аха Голиаф дахьидгылаз зынӡа дхәыҷӡаны дубон. Голиаф данаацәырҵлак ауаа шәаӡыӡо еилахон. Аха Давид уи дицәшәаӡомызт. Изҭазеи уи аҩыза агәымшәара? Шәааи еилаҳкаап.
Уи аԥхьа аԥааимбар Самуил Давид Израиль анаҩстәи напхгаҩыс дшыҟало иеиҳәеит, аҳасгьы далихит. Уинахыс Иегова иԥшьоу идоуҳала, Давид уамашәа иубашаз аусқәа ҟаиҵо далагеит. Иара иқәыԥшыз ахьча шиакәызгьы, «агәымшәара злоу иӷәӷәоу аибашьҩы» ҳәа деицырдыруа дҟалеит. Давид иаб Иессеи, ҽнак зны иԥа диҳәеит, израильтәи аибашьцәа ирылаз иашьцәа еиҳабацәа рҿы дцаны ишыҟоу еиликаарц. Иҟалап уи аамҭазы Давид ҩажәа шықәса ихымҵхьацызҭгьы.
Давид акаршәра Ела даннеи филистимааи израильааи рыр наҟ-ааҟ ишеиҿагылаз ибеит. Израильаа Голиаф иабашьны филистимаа рықәлара рзыгәаӷьуамызт. Убри азы филистимааи израильааи рыр ԥшны игылеижьҭеи мчыбжьқәак ҵуан. Давид Голиаф дхәаауа израильаа дшырхыччоз иаҳаит. Давид игәы ԥнажәон акгьы иаԥсамыз анцәақәа ирымҵахырхәоз филистимтәи адау Иегова дахьирџьоз. Давид израильтәи аибашьцәа дразҵаауа далагеит иарбан ҳамҭоу аҳ Саул Голиаф дызшьуа ииҭо ҳәа, агәра гангьы иҳәон уи адау ииааира шалшо. Давид иашьеиҳаб Елиав игәы иаанагон уи ус баша аибашьра дахәаԥшырц дааит ҳәа, убри азы диацәҳаит. Аха Давид уи хьаас имкыкәа анаҩсгьы аибашьцәа ргәы шьҭихуан.
Саул Давид ииҳәоз анизеиҭарҳәа иара уи диԥхьеит. Давид аҳ Саулгьы игәы шьҭихырц далагеит. Иара иҳәеит: «Аӡәгьы игәы каимыжьааит». Уи ашьҭахь Голиаф иабашьра дшазхиоу иҳәеит. Раԥхьа Саул мап икит, избанзар агәра ганы дыҟан Давид иԥсы ҭаны дшызнымхоз. Аха Давид Саул иеиҳәеит Иегова изныкымкәа уамашәа иубаратәы дышицхраахьаз. Иаҳҳәап, иаб иԥсаса алым анрылала, уи анаҩсгьы амшә анрылала, ихала заҵәык урҭ рышьра илшеит. Саул ари аниаҳа Давид Голиаф диабашьырц дақәшаҳаҭхеит, насгьы аибашьыга маҭәақәеи иаҳәеи ииҭеит. Аха Давид урҭ ицәдуун, убри аҟынтә ишәихын, илабеи ахаҳә аршәга заҵәыки шьҭихит.
Давид акаршәрахь дылбаан, иҭабаз аӡышьҭраҿы иџьаџьамыз хә-хаҳәк иԥшааит. Уи ашьҭахь идуӡӡаз иаӷа иахь иҿынеихеит. Голиаф иабашьразы иқәыԥшыз ҷкәынак дышцәырҵыз аниба, уи ихыччара далагеит. «Слоума сара алаба кны усԥылартә?» — иҳәеит иара ибжьы гәаҩаӡа. Иҟалап уи Давид иикыз ахьча лаба акәызҭгьы дызхыччоз. Голиаф Давид иикыз ахаҳә аршәга имбазаргьы ҟалап, аха уи ибзианы зхы иазырхәоз изы бџьар ӷәӷәан. Филистимтәи адау «инцәақәа рыла Давид дишәиит», иагьиҳәеит «аԥсаатәқәеи агыгшәыгқәеи фатәыс» дышриҭо.
Давид данқәыԥшыз адау диабашьит Иегова ихьӡ бзиа ихьчарц азы
Давид иҳәеит: «Уара аҳәеи, аԥса дуи, аԥса хәыҷи уманы усԥылоит, аха сара израильтәи ар Рынцәа ихьӡала — Иегова ихьӡала, узхыччо ар Рынцәа ихьӡала суԥылоит». Избан Давид дымшәаӡакәа ари аибашьҩы ӷәӷәа дзиҿагылаз? Избанзар еиликаауан Голиаф иҿаԥхьа дшымчыдоу, аха Голиафгьы Иегова иҿаԥхьа дшымчыдоу. Убри аҟынтә, Давид агәра ганы дыҟан адау дииааир шилшо, филистимаагьы шаҵахо.
Давид дыҩны Голиаф иахь иҿынеихеит. Иарҭмаҟ ахаҳә ааҭиган, ахаҳә аршәга инагәылеиҵан, арҵәира далагеит. Голиаф уи ибазаргьы уажәшьҭа акгьы изыҟаҵомызт. Давид ахаҳә иршәит, иахьахәҭаҵәҟьазгьы иақәшәеит — адау илахь. Иара ҿыцха адгьыл днықәҳаит. Давид дыҩны днеихаххын, Голиаф иаҳәа ааҭиԥаан, ихы хиҵәеит. Израильаа уаҳа изыцәшәоз ҳәа акгьы ыҟамызт, убри аҟынтә еибарҳәҳәо филистимаа иргәыдлеит. Уи аҽны Иегова имаҵзуҩцәа аиааира ду ргеит. Иқәыԥшыз Давид иааирԥшыз агәымшәара ргәы шьҭнахит, иахьа уажәраанӡагьы иара иҿырԥшы Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ирыцхраауеит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
1 Самуил 16:13, 18, 19; 17:1—54
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз иқәыԥшыз Давид агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Измадаз Давид иеиԥш агәымшәара иара дызхылҵыз рҟынтә? (Матф. 1:5, 6; Лука 3:31—38; w12-U 1/10 24, абз. 3, албаага).
-
2. Иарбан фактқәоу ишьақәзырӷәӷәо Давиди Голиафи ирызку ахҭыс шыҟаҵәҟьаз? (wp16.5-U 13). 1
Courtesy of Israel Antiquities Authority
Асахьа 1. «Давид иҩны» аӡбахә зҳәо ахаҳә иану аҩыра (IX ашә. ҳ. ҟ.)
-
3. Давид данқәыԥшыз ауасақәа ихьчон. Шәахцәажәа иԥсҭазаара. (w11-U 1/9 27, абз. 1—28, абз. 1). 2
Todd Bolen/BiblePlaces.com
Асахьа 2
-
4. Иабантәиҳдыруеи Давид лассы-лассы дшатәарымбоз? (w21.03 3, абз. 6; it-U «Елиав», № 4, абз. 1).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ишәыцхраар шԥалшо Давид иҿырԥшы:
-
шәзыцәшәо акы аҿагылара? 3
Асахьа 3
-
иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылара?
-
-
Ирнырыр шԥалшо егьырҭ иаашәырԥшуа агәымшәара? (1 Сам. 17:50—53).
-
Ишԥашәыцхраауеи иҵегьы ари аҭоурых Давид шәиҿыԥшны агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Давид иԥсы анҭалалак ишәҭарц ишәҭаху ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьа иазкны?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш ахәыҷқәа рзы иҟоу амузыка зцу ари авидеонҵамҭа, насгьы еилышәкаа Давид агәымшәара аарԥшра ицхраауаз.
Ирыцхраар шԥалшо аишьцәа Давид иҿырԥшы аизараҿы апатуқәҵара арҳареи уи амырӡреи?

