28 АСА

Иара «Иегова гәыкала имаҵ иуан»

Иара «Иегова гәыкала имаҵ иуан»

АҲ АСА зхыԥхьаӡара рацәаз ефиопиатәи ар аниба раԥхьа дшәазар ҟалап. Иегова ижәлар зныкымкәа раӷацәа ирабашьхьан, аха абас зхыԥхьаӡара рацәаз ар ахаан ирҿамгылацызт. Урҭ миллионҩык ыҟан, Аса иеибашьцәа раасҭа ҩынтә еиҳан. Изҭазеи Аса агәымшәара ижәлар ихьчарц азы?

Аса уи аԥхьагьы агәымшәара изныкымкәа иҭаххахьан. Иара Иудеиа напхгара аура далагеит арҭ ахҭысқәа ҟалаанӡа 10 шықәса раԥхьа. Хара имгакәа иубарҭахеит иара аҳ Давид дшиҿыԥшуа, уи иабду иабду иакәын. Аса «Иегова иҿаԥхьа ииашаз аусқәа ҟаиҵон». Иара ахынраалара аарԥшны Иегова иԥааимбарцәа Одеди Азариеи ирҳәоз дазыӡырҩуан. Аса агәымшәара ааирԥшит Соломон Иегова даницәхьаҵ аахыс ажәлар зҭагылаз аҭагылазаашьа ириашарц азы. Иара лакҩакрада аныҳәарҭаҿы иҟаз акаҳԥреи амцнцәахәқәа рымҵахырхәареи дырҿагылон.

Аса иҭаацәараҿгьы аус цәгьақәа ирҿыз ирыхьирхәит. Ианду Мааха Иудеиа аҳкәажәс дыҟан. Лара ихәымгаз аидол лыргылеит, уи амҵахырхәара асексуалтә оргиақәа ирыдҳәалазҭгьы ҟаларын. Аса изы Иегова игәы иақәшәо аҟаҵара еиҳа ихадан, иҭаацәара ргәы иақәшәо аҟаҵара аасҭа. Ианду аҳкәажә лҭыԥ лымихит, аидолгьы иблит. Иегова Аса иҟаиҵаз игәы иахәеит, уи азы Иудеиа инхоз 10 шықәса аҭынчра риҭеит. Уи ашьҭахь ефиопиатәи ар дуӡӡа Иудеиа иақәлеит. Дышԥаицхрааи Иегова Аса?

Аҳ Аса зегь раасҭа зхыԥхьаӡара рацәаз ар драбашьыр акәын. Урҭ иреиҳаз ар Анцәа ижәлар ирықәлахьан ҳәа Абиблиаҿы ианӡам

Аса акаршәраҿы игылаз ефиопиатәи ар аниба, иаразнак Анцәа иҳәара далагеит. Шәхаҿы иаажәг аибашьцәа рхы шырбоз Аса абас Анцәа иҳәара даналага: «Иегова, уара иӷәӷәоу иеиԥш имчыдоугьы уицхраар улшоит. Уҳацхраа, Ҳанцәа Иегова, избанзар уара уоуп ҳзықәгәыӷуа, уара ухьӡ алоуп ари ар ду ҳшаҿагыло. Иегова, уара Ҳанцәа уоуп. Ԥсра зқәу дуиааиртә илумыршан». Гәыкала иҟаз Аса иҳәара, ҳәарада, Иегова даргәырӷьеит. Иара ибон аҳ Саул иԥа Ионафан иеиԥш Асагьы агәымшәара шилаз. Асеи Ионафани еилыркаауан аҿагылаҩцәа рхыԥхьаӡара Иегова изы акгьы шаанамгоз (1 Сам. 14:6). Адунеи зегьы Анапхгаҩы дзыдгыло рымч зегьы иреиҳахоит!

Аса ируаа иманы аибашьра ддәықәлеит. Иҟалазеи нас? Абиблиаҿы иаҳәоит: «Ефиопаа Иеговеи ируааи рыла иԥыххааса иқәҵан». Аӷацәа рҟынтә аӡәгьы деиқәымхаӡеит.

Уи ашьҭахь Аса ауаа анаҩсгьы Иегова имаҵ руларц дрыцхраауан. Жәа-биԥарак рыла ишьақәгылаз Израиль аҩадатәи аҳраҿы инхоз аӡәырҩы ауаа алада Иудеиаҟа ииасит. Дара Иерусалим иҟаз аныҳәарҭаҿы Иегова имҵахырхәалар рҭахын. Аса Иудеиа инхоз зегь еидикылеит. Урҭ Иегова изиашаны имаҵ шыруло ала ажәа ирҭеит.

Аса гха ӷәӷәақәакгьы ҟаиҵеит. Израильтәи аҳ Иудеиа сақәлоит ҳәа дмақаруа даналага, Аса ацхырааразы Иегова иакәымкәа, сириатәи аҳ диҳәеит. Уи Израиль дақәларц азы аҵарҭыша ииҭеит. Иегова иԥааимбар Ханани Аса дилабжьарц ддәықәиҵеит, аха иара игәы изыԥжәан, аԥааимбар абахҭа дҭаикит. Аса иқәраҿы даныҟаз ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Аха иара Иегова иаасҭа аҳақьымцәа еиҳа дрықәгәыӷуан. Излаҳбо ала, Аса ихаҵара уаанӡа еиԥш иӷәӷәамызт.

Анцәа Иегова арыцҳашьара илоуп. Иара Иажәаҿы 41 шықәса иҟаз Аса инапхгара иазкны иануп: «Аса иԥсы ҭанаҵы Иегова гәыкала дизыҟан». Ари ауаҩ бзиа иҭоурых иаҳгәаланаршәоит Иегова бзиа дызбо иаргьы бзиа ишибо. Ари ажәабжь иаҳнарҵо даҽакгьы ыҟоуп: ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҳзыҟаиҵахьоу. Ус ҟаҳҵалар, ҳхаҵареи иҳалоу агәымшәареи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Аса агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иарбан нцәахәу «иԥшьоу ашьаҟақәа» символс измаз? Ишԥашьақәнарӷәӷәо археологиа Иегова даанзыжьыз ауриацәа уи анцәахәы ишлымҵахырхәоз? (1 Аҳ. 15:12, 13; w08-U 1/6 10, абз. 1—5). 1

Асахьа 1. Аса ианду аҳкәажә лҭыԥ лымихит, иԥшьаз ашьаҟагьы ықәигеит

Асахьа 1. Аса ианду аҳкәажә лҭыԥ лымихит, иԥшьаз ашьаҟагьы ықәигеит

  1. 2. Дызусҭадаз Ханани иԥа, насгьы дышԥеиҿыԥшуаз иара агәымшәара злаз иаб? (2 Аш. 19:2; it-U «Ананий», № 2).

  2. 3. Аса агхақәа ҟаиҵон, аха Абиблиаҿы уи «Иегова дизиашан» ҳәа ануп. Избан? (1 Аҳ. 15:14; w17.03 16, абз. 5, 6).

  3. 4. Абиблиаҿы иануп Аса анышә данамардоз «амца дуӡӡа еиқәырҵеит» ҳәа. Аӡәы игәы иаанагар ауеит ара акремациа ауп зыӡбахә ҳәоу ҳәа. Аха ауриацәа иԥсыз ауаа шамахамзар ирбылӡомызт. Нас, ҵакыс ирымоузеи арҭ ажәақәа? (2 Аш. 16:14; w05-U 1/12 20, абз. 5).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Аԥааимбар Азариа иажәақәа Аса игәазҭарҵеит Иегова ицқьоу имҵахырхәара аиҭашьақәыргылара. Ирнырыр шԥалшо ҳажәа хаақәа егьырҭ? 2

  • Аса ар дуӡӡа драбашьраны даныҟаз Иегова инапы иҽаниҵеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь еиҳа имаҷыз ар аниҿагыла, ауаа дрықәгәыӷит. Ишԥаҳнарҵо уи ҳзықәшәозаалакгьы Иегова иқәгәыӷра? (Ажәам. 3:5, 6).

  • Ишԥашәылшо Аса шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Аса ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәара ԥырхагада Иегова имҵахырхәара ахьшәылшо атәылаҿы шәынхозар, ишԥашәылшо Аса шәиҿыԥшны уи аамҭа бзиа шәхы иашәырхәар?

«Аҭынчра аамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала» (w20.09 14—19)

Еилышәкаа Аса иҿырԥшы шҳацхраауа ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, ма ианаҳҿагыло гәыкала Иегова имаҵ аура.

«Вам будет награда за ваши дела» (w12-U 15/8 8—10)