24 АВИГЕИА
Авигеиа. Лара имариамыз аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәылҵеит
ИҞӘЫШЫЗ аԥҳәыс ԥшӡа Авигеиа зыԥсахы еибакны иҟаз ҩыџьа ахацәа дрыбжьахеит. Руаӡәк, лхаҵа Навал иакәын, — хаарак зҵамыз, игәымбылџьбараз ауаҩы бзамыҟә. Егьи — Израиль аҳас иҟалараны иҟаз Давид иакәын. Иара гәыкала Иегова имаҵ зуаз, аҟазшьа бзиақәа злаз уаҩын. Аха Навал ихҟьаны уи иԥсахы еибакит. Убри аҟынтә Навали Авигеиеи рыҩнаҭаҿы иҟаз ахацәа зегь ишьырц игәы иҭеикит. Ишәарҭаз ари аус аҭыԥ иқәылҵарц азы Авигеиа агәымшәара лҭахын.
Авигеиа лмаҵуҩы илеиҳәеит рыззегьы арыцҳара шырзыԥшу. «Ҳаԥшәмеи ҳареи ашәарҭара ҳҭагылоуп», — лгәылҽаниҵеит иара. Давид 400-ҩык бџьарла еиқәных еибыҭаз ахацәа иманы Авигеиеи Навали рыҩнахьы иҿынеихеит. Игәы ԥызжәазеи Давид абриаҟара? Навал уи ииашамкәа дизныҟәеит. Уи аамҭазы Давид акгьы ихараӡамкәа ишьҭашәарыцоз Саул иҟынтә иҽиҵәахуан. Ус шакәызгьы, Давид ицыз ауааи иареи израильаа рыхьчон, аԥсаса рацәа змаз Навалгьы уахь дналаҵаны. Ԥыҭрак ашьҭахь Давид Навал иахь ауаа ишьҭит, афатә риҭарц иҳәарц азы. Аха иара урҭ ихжәаны драцәажәеит, Давидгьы ибналаз амаҵуҩы ҳәа изиҳәеит!
Навал имаҵуҩы идыруан иҟалаз ауадаҩра аӡбахә иԥшәма изеиҭаҳәара ҵак шамамыз, убри аҟынтә Авигеиа абас леиҳәеит: «Иара... убриаҟара дуаҩы ҿаасҭоуп, иацәажәарагьы иаԥсам». Иара идыруан Авигеиа ииҳәарц ииҭаху аҳәаха шилҭо, аҭагылазаашьа аӡбашьагьы дшақәшәо. Иҟалҵазеи лара?
Авигеиа иҟалҵаша ҭынч дазхәыцуа далагеит, аха аамҭа лгаргьы ҟаломызт. Лара афатә рацәаны еизылган, аҽадақәа ирықәҵаны лмаҵуцәа иралҳәеит уи зегьы Давид изыргарц. Лхаҭагьы урҭ дрышьҭаланы ддәықәлеит, аха Навал акгьы иалымҳәаӡеит. Авигеиа еилылкаауазҭгьы ҟаларын уи дылԥырхагахар шилшоз.
Авигеиа агәымшәара аарԥшны лхаҵа ихымҩаԥгашьа згәы ԥнажәаз аибашьцәа дырԥыларц дцеит
Авигеиа лмаҵуцәа лыцны ашьха албаара дшаҿыз, амҩа ахаҵәирҭаҿы лгәылҽанӡамкәа Давид ицыз ауааи иареи лԥылеит. Авигеиа ашырҳәа аҽада длалбаан, зыԥсахы еибакны иҟаз Давид иахь лҿыналхеит. Лара дшьамхышгыланы диеихырхәеит, насгьы дылзыӡырҩырц иҳәара далагеит. Ари аҩыза ахынраалара Давид игәы арҟәымшәышәит.
Авигеиа лхаҵа иҟаиҵаз азы аҭамзаара шьҭалҵеит. Анаҩс илҳәеит Давид лхаҵа игәы ахьизыԥжәаз шиашоу, избанзар иара дларҟәны дихцәажәеит. Уи ашьҭахь Авигеиа Давид игәалалыршәеит Иегова изы шаҟа ҟаиҵахьоу, Иеговагьы Давид изы шаҟа ҟаиҵахьоу. Лара илҳәеит Анцәа ишиҭахым Давид акгьы зхарам ауаа ишьыр, нас уи азы иламыс даргәаҟлар. Уи адагьы, игәалалыршәеит Анцәа ишиӡбаз Давид ихылҵуа Израиль аҳцәас ишыҟало, иара ихаҭагьы иаӷацәа рҟынтә Анцәа дшихьчо. Авигеиа илдыруан Иегова Израиль анаҩстәи аҳас Давид дшалихыз.
Аразра зҵаз иҟәышыз Авигеиа лажәақәа Давид игәыԥжәара ааныркылеит. Иара ҿааиҭит: «Дныҳәоуп иахьа бысзаазышьҭыз израильаа Рынцәа Иегова!» Давид Авигеиа дирҽхәеит иаалырԥшыз аҟәышразы, насгьы ахынраалара аарԥшны илҳәаз ҟаиҵеит. Иара «быҳәара насыгӡоит» ҳәа ажәа лиҭеит.
Навал иҟалаз атәы акгьы издырӡомызт. Уи ауха қьаф иуан, ицәазнагьы ыжәны дыҟан. Авигеиа шьыжьымҭанынӡа дыԥшит, лхаҵа иижәыз анихыԥсаалак, иҟалаз изеиҭалҳәарц азы. Лара еилылкаауан ас еиԥш игәымбылџьбараз ауаҩы иацәажәара даара ишшәарҭаз. Навал длықәыҳәҳәар, инапгьы шьҭихыр шилшоз лдыруан. Аха Навал иԥҳәыс еиҭалҳәаз аниаҳа «игәы ҭыԥсаан, дхаҳәхазшәа даанхеит». Абиблиаҿы иаҳәоит: «Жәабаҟа мшы рышьҭахь Иегова Навал дҭаирхеит». Анцәа Навал Израиль аҳас иҟалараны иҟаз ауаҩы иҽеимкәа дахьизныҟәаз азы дахьирхәит. Авигеиа лзы уи ԥсеивгарахеит, избанзар лхаҵа бааԥс иҟынтә ахақәиҭра лоуит.
Иегова Авигеиа лзы иҵегь аҳамҭақәа ирхиеит. Давид Навал дшыԥсыз аниаҳа, Авигеиа ԥҳәысс диццарц леиҳәеит, ларгьы дақәшаҳаҭхеит. Абасала лара бзиа дызбоз, ҳаҭыр лықәызҵоз ахатә ҩыза длоуит. Ҽнак зны Анцәа иаӷацәа Авигеиа дытҟәаны дыргеит, аха агәымшәара злаз Давид иаарласны деиқәирхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Иудеиа аҳас дҟалеит, анаҩс Израиль зегьы дахагылеит. Уи ашьҭахь Авигеиеи иареи аԥа дроуит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
1 Самуил 25:1—43; 30:1—6, 16—20
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаалырԥшуаз Авигеиа агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Избан Авигеиа Навал дызиццаз? (ia 77, абз. 6).
-
2. Давид Навал иахь иуаа анишьҭ, уи имаҵуцәеи иареи ауасақәа дырҟәыдуан. Шәахцәажәа ауасақәа андырҟәыдуаз аамҭа (w97-U 1/7 14, абз. 4). 1
Асахьа 1. Ауасақәа рырҟәыдра ныҳәак еиԥш иазгәарҭон
Асахьа 1. Ауасақәа рырҟәыдра ныҳәак еиԥш иазгәарҭон
-
3. Избан Навал Давид иеибашьцәеи иареи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа раҳәара зихәҭаз? (ia 77—78, абз. 9, 10). 2
Hanan Isachar/Alamy Stock Photo
Асахьа 2. Кармил ишьхараз ҭыԥын
-
4. Илҳәарц илҭахызи Авигеиа Иегова Давид иԥсҭазаара амакәан иҭеиҵәахуеит ҳәа анылҳәа? (1 Сам. 25:29, албаага; it-U «Жизнь», абз. 51).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Иднарҵар алшои ахацәа Давид Авигеиа илҳәаз дахьазыӡырҩыз? 3
Асахьа 3
-
Иднарҵар алшои Авигеиа лҿырԥшы Иегова имаҵ зымуа ахацәа змоу аиҳәшьцәа?
-
Ишԥашәылшо Авигеиа шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Авигеиа илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Ишԥаилшо Иегова имаҵ зымуа ахатә ҩыза дызмоу ақьырсиан, ихатә ҩызеи иареи реизыҟазаашьақәа ирӷәӷәалар?
Авигеиа лыбзоурала Давид игәыԥжәара никылеит. Еилышәкаа аӡәы шәаниргәаалак ма шәыԥсахы анеибаклак аҽынкылара ишәыцхраауа.

