АҞӘША 2
Аҳцәа аныҟаз инаркны Иерусалим анеиҭашьақәыргылаз аҟынӡа
Ари аҟәшаҿы фышә шықәса рыҩныҵҟа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа рыӡбахә ҳәоуп. Уи алагоит аҳ Саул иԥа, Ионафан, данынхоз аамҭақәа рыла. Анаҩс Израиль аҳас иҟаз, зегь рыла Анцәа игәы иақәшәоз Давид иԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа рыӡбахә ҳәоуп. Иагьхыркәшахоит ари аҟәша ауриацәа вавилонтәи атҟәара аҟынтә ианыхынҳәыз, насгьы Иерусалим анеиҭашьақәдыргылаз аамҭақәа рыла. Ҳара агәымшәара ду ҳарҭоит Авигеиеи, Нафани, Ильиеи, Есфири, Неемиеи, егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәеи рҿырԥшқәа. Дара зегьы рхатә уадаҩрақәа рыман. Аӡәы Иегова изымӡырҩуаз ажәлар дырхагылан, даҽаӡәы анапхгаҩцәа рыгәнаҳақәа дрыхәамԥшӡакәа Анцәа дизиашазар акәын, дыҟан ажәлар амцнцәақәа рымҵахырхәареи аус ҿаасҭақәа рыҟаҵареи иаҟәыҵырц разҳәозгьы.

