Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи!
Иисус Христос Смирна иҟаз аизара абас азынаицҳаит: «Узықәшәараны иҟоу агәаҟрақәа урцәымшәан» (Аат. 2:10). Арҭ ажәақәа Иҳақәиҭу имш аан инхо зегьы ирызкуп, ус анакәха ҳаргьы иҳазкуп (Аат. 1:10). Иахьатәи аамҭа ииашаҵәҟьаны даара ицәгьоу аамҭоуп (2 Тим. 3:1—5). Убри аҟынтә ҳара, Анапхгаратә хеилак аҟны амаҵ зуа аишьцәа, даара ҳгәы шьҭнахуеит адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова имаҵзуҩцәа ахаҵара ӷәӷәеи агәымшәареи ахьаадырԥшуа, насгьы Иегова изиашаны иахьаанхо.
Аха Иегова ҳизиашаны аанхара анымариам ыҟоуп, избанзар аҿагыларақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ҳрықәшәоит. Ишакәхалакгьы, ҳара уиаҟара агәымшәара ҳаламзаргьы, Анцәа иган аанкыланы иара ишиҭаху еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳалшоит. Иҳацхраар алшои ҳхаҵара амырӡреи агәымшәара аизырҳареи? (Аур. 10:39).
Анцәа Иажәа, Абиблиа, агәымшәара аизырҳара ишәыцхраауеит. Уа иануп уи аҟазшьа аазырԥшуаз ахацәеи аҳәсеи рҭоурыхқәа рацәаны. Уажәы шәзыԥхьо ашәҟәы зырҩызгьы урҭ рҿырԥшқәа еиӷьны еилышәкаарц, насгьы шәрызхәыцларц азоуп. Анцәа изиашаз урҭ ахацәеи аҳәсеи рҭоурыхқәа шәанрыԥхьало, Иегова шәиҳәала шәхы иашәырхәар шәылшо шәирбарц, насгьы ауадаҩрақәа раан шәгәы шьҭызхыр алшо азхәыцрақәа шәеилиркаарц. Шәазхәыц Иегова ицхыраарала агәымшәара еизшәырҳар шшәылшо. Иара убас ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоу аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥшқәа агәымшәара аарԥшра ишәыцхраар шалшо шәазхәыц.
Зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара анаҭаху (Иак. 3:17). Шәазхәыц Ионафан иҿырԥшы. Иҟалап иара иаб Саул ишьҭахь аҳас дҟалоит ҳәа дхәыцуазҭгьы. Аха Иегова иӡбеит аҳас иҟало Ионафан иаасҭа акырӡа еиҵбыз Давид иакәхоит ҳәа. Ионафан Анцәа ииӡбаз дазыразны дадгылеит, уи ала агәымшәара ааирԥшит, Иегова дышизиашазгьы иирбеит.
Ауаа шҳақәыӷәӷәогьы ииашаны ахымҩаԥгара анаҭаху (Аур. 11:32—34). Иаҳгәалаҳаршәап Хананиеи, Мисаили, Азариеи. Дара абаҟа амҵахырхәара мап ацәыркит, насгьы амца қьоуқьад зҭаз аԥечка аҭабылра еиҳа иазхиан, Иегова игәамԥхо ҟарҵар аасҭа.
Агәымшәара аарԥшны зыгәра ҳго анҳәатәу (Матф. 22:16). Ҳизхәыцып Савл. Раԥхьа иара ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон. Аха нас иҽиԥсахит, ауаа уамашәа ишырбозгьы, агәымшәара аарԥшны Иисус Мессиа шиакәу зегьы ирзеиҭеиҳәо далагеит.
Ҳара Анцәа ҳиҳәоит ари ашәҟәы шәхаҵара арӷәӷәарц, агәымшәара аизырҳарагьы ишәыцхраарц (Аԥсал. 27:14). Шәҭынхацәеи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцхраала агәымшәара аарԥшреи Анцәа Иаҳра адгылареи. Иегова шәџьабаа дазылԥхааит!
Шәашьцәа,
Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак

