АЛАГАЛАЖӘА
Агәымшәара еизҳарҳар ҳалшоит!
1—3. Избан Иисус «Шәгыл, ҳцалароуп» ҳәа иҳәарц азы агәымшәара ӷәӷәа зиҭахыз?
«ШӘГЫЛ, ҳцалароуп». Арҭ имариаз ажәақәа рҳәаразы агәымшәара ӷәӷәа аҭахын. Иҟалап урҭ ажәақәа зҳәаз ауаҩы иааирԥшыз агәымшәара аҩыза ахаан аӡәгьы иааимырԥшыцызҭгьы. Аха избан арҭ ажәақәа рҵакы ӷәӷәан ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Ари азҵаара аҭак еилаҳкаауеит урҭ зҳәаз, насгьы ианиҳәаз ҳгәалаҳаршәар (Матф. 26:46).
«Шәгыл, ҳцалароуп» (Матф. 26:46)
2 Арҭ ажәақәа Иисус Христос иҵаҩцәа данрацәажәоз иҳәеит. Уаанӡагьы ус еиԥш иҟоу ажәақәа реиҳәахьан (Иоанн 14:31). Аха уажәы аҭагылазаашьа зынӡа даҽакын. Иара Иерусалим ааигәара иҟаз Гефсиманиа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҿы дыҟан. Аҵх акыр инеихьан, ажәҩан аҿы амза шеишеиуа икыдын. Иисус идыруан бџьарла еибыҭаз ауаарацәа шааигәахоз, иагьеиликаауан урҭ изырурц ирҭахыз. Иисус ахаан уаҩ дызқәымшәацыз аԥышәара ӷәӷәа изыԥшын. Уи аԥышәара ихала заҵәык ихигар акәын.
3 Иисус изыԥшыз агәаҟрақәа рыцәцара игәы иҭаӡамызт. Иара илшон Анцәа диҳәар амч ӷәӷәа змаз амаалықьцәа изааишьҭырц, аха ус ҟаимҵаӡеит (Матф. 26:53). Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Шәгыл, ҳцалароуп». Иара агәымшәара аарԥшны ашәарҭареи, агәаҟреи, аԥсреи дырԥылеит. Избан Иисус ари зегьы ахгара дзазхиаз? Избанзар иаби иҵаҩцәеи бзиа ибон.
4, 5. Ишԥаҳалшо Иисус имаз агәымшәара аҩыза ааҳарԥшлар, насгьы избан уи зхадоу?
4 Ҳәараҭахума, Иисус аҭоурых аҿы зегь раасҭа агәымшәара злаз уаҩын. Иисус ишьҭанеицәа шәреиуазар, шәаргьы агәымшәара шәылоуп. Иахьа ииашоу ақьырсианцәа ари аҟазшьа ада ԥсыхәа рымам, избанзар аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит.
5 Избан Иисус иааирԥшыз агәымшәара — уи ииашаҵәҟьоу гәымшәароуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Шьоукы ргәы иаанагоит агәымшәара злоу ауаҩы акгьы дацәымшәакәа зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло иоуп ҳәа. Иара игәы шәаӡом, ак сыхьып ҳәагьы дхәыцӡом, мчыла акәзаргьы иара итәы иаиргоит (Аԥсал. 11:5). Аха Иисус уи аҩыза агәымшәара акәӡамызт иааирԥшуаз. Иара ииашаҵәҟьоу агәымшәара ааирԥшуан — уи Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аҟаҵара иҳацхраауа агәыӷәӷәара ауп, ианаҳцәыцәгьоугьы ҳаншәогьы.
Шәара Иисус иеиԥш агәымшәара аашәырԥшлар шәылшоит
6. Ҳара агәымшәара ҳзымхошәа ҳбозар, ҳгәы дырҭынчыр шԥарылшо Иисус иапостолцәа иреиҳәаз ажәақәа?
6 Иҟалап шәгәы иаанагозар аԥышәарақәа шәрықәшәар, Иисус иеиԥш агәымшәара шәзаарԥшрым ҳәа. Аха ишәхашәмыршҭлан: Иисусгьы Иегова иеиԥш иҳалымшо дазыԥшӡам (Аԥсал. 103:14; Иоанн 14:9). Иԥсра уахык шагыз Гефсиманиа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҿы Иисус иапостолцәа мыцәарц дрыҳәеит, аха дара амхацәеит. Усҟан иара хаала ус реиҳәеит: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Матф. 26:41). Иисус еиликаауан апостолцәа шынаӡамыз. Убасҵәҟьа ҳаргьы ҳалшарақәа бзианы идыруеит.
7, 8. Агәра шԥадирго Иисус ишьҭанеицәа агәымшәара аадырԥшлар шрылшо?
7 Иисус агәра ганы дыҟан ишьҭанеицәа агәымшәара аадырԥшлар шрылшо. Шәхаҿы иаажәг апостолцәа шаҟа ргәы шьҭнахыз иажәақәа: «Шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз! Сара адунеи саиааит» (Иоанн 16:33). Иара идыруан урҭ иҿыԥшлар шрылшо. Уи иагьрылшаҵәҟьеит. Иисус акырынтә ауаа агәымшәара аадырԥшларц, имшәаларц реиҳәон. Иаҳҳәап, иара зхы иамыхәоз ауаҩы игәнаҳақәа шианажьу агәра ииргаанӡа «Умшәан» ҳәа иеиҳәеит (Матф. 9:2). Убасҵәҟьа леиҳәеит ачымазара бааԥс аҟынтә иихәышәтәыз аԥҳәысгьы (Матф. 9:22). Иисус урҭ ажәақәа иҵаҩцәагьы иреиҳәеит аӡы дықәланы данаауаз, аха дызусҭоу рзымдыркәа ианшәа (Матф. 14:27). Убас еиԥш иҟаз ажәақәа Иисус апостол Павелгьы иеиҳәеит, деимызыжәжәар зҭахыз Асинедрион иалахәыз ауаа дыкны данырга ашьҭахь (Аус. 23:9—11).
8 Урҭ ажәақәа Иисус Христос ҳара зегьы иҳаиҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара иҭахуп агәымшәара ҳалазарц. Уи шҳалшогьы идыруеит, избанзар Иаб Иегова уи азы иаҭаху зегь ҳаиҭоит.
Абиблиа агәымшәара аизырҳара иҳацхраауеит
9. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа агәымшәара аизырҳара?
9 Иегова бзиа ҳахьибо азы Иажәа, Абиблиа, ҳамҭас иҳаиҭеит. Уи агәымшәара аизырҳара иҳацхраауеит. Уа иаҳәоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа змаз, зықәрахь инеихьазгьы иқәыԥшызгьы ахацәеи аҳәсеи рыӡбахә. Урҭ зегь ҳара иҳаиԥшыз уаан (Иак. 5:17). Даргьы наӡаӡамызт, агхақәа рыман, ргәы иҵхози изыцәшәози ыҟан. Ҳара ҳаиԥш даргьы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәон, зны-зынла ашәарҭарагьы иҭагылон. Аха Иисус иеиԥш изықәшәоз аԥышәарақәа рҿы аиааира ргон. Дара агәымшәара аадырԥшуан. Урҭ рҿырԥшы ҳаргьы агәымшәара аарԥшра иҳацхраар алшоит.
10, 11. Иабашәыцхраауеи ари ашәҟәы, насгьы шәхы ишԥашәырхәари уи? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Ари ашәҟәы ҳхатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи анымҩаԥаҳго ҳхы ишаҳархәалаша».)
10 Уажәы шәзыԥхьо ашәҟәы хықәкыс иамоу — агәымшәара аизырҳара шәыцхраара ауп. Уи 54-хы амоуп. Ари ашәҟәаҿы Иегова ҳара ҳаиԥш инаӡамыз ауаа агәымшәара аизырҳара дышрыцхраауаз атәы аҳәоит. Убри аҟынтә ахқәа зегьы шәхы рзышьҭны шәрыԥхьала, анаҩс аҭҵаара мҩаԥыжәгала, зыӡбахә ҳәоу ауаа еиӷьны еилышәкаарц азы. Уи абзоурала урҭ еиҳа ибзианы шәрабадыруеит.
11 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп арҭ ахацәеи аҳәсеи рҿырԥшқәа агәымшәара аизырҳареи аҵыхәтәантәи аамҭа цәгьақәа рыхгареи ишшәыцхраауа (2 Тим. 3:1). Есыҽны Иегова иажәақәа шәгәалашәыршәала: «Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом». Убасҟан шәымшәаӡакәа агәра ганы ишәҳәар шәылшоит: «Иегова сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Аур. 13:5, 6).

