Агәымшәара аарԥшуа Анцәа уицыз
Ари ашәҟәы шәхаҵара арӷәӷәареи еиҳагьы агәымшәара аарԥшреи ишәыцхраауеит.
Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа гәыӷуеит ари ашәҟәы ажәытәан инхоз агәымшәара злаз ахацәеи аҳәсеи рҿыԥшра ишәыцхраап ҳәа.
АЛАГАЛАЖӘА
Агәымшәара еизҳарҳар ҳалшоит!
Ари ашәҟәы хықәкыс иамоу — агәымшәара аизырҳара шәыцхраара ауп. Шәаԥхьа Иегова инаӡамыз ауаа рҭагылазаашьақәа рҿы иаҭахыз агәымшәара аиура дышрыцхраауаз, шәаргьы уи аҿы дышшәыцхраауа.
АҞӘША 1
АҞӘША 1
Енох инаиркны аӡбаҩцәа рҟынӡа
Ари аҟәшаҿы хаҵаралеи гәымшәаралеи ирылукаауаз Иегова имаҵзуҩцәа рыӡбахә ҳәоуп. Уи Енох иҭоурых ала иалагоит иагьхыркәшоуп Самуил иҭоурых ала.
Актәи аҟәша иаҵанакуа аамҭа аихшарбага
Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ихадоу ахҭысқәа ирыдҳәалоу асахьақәеи абиблиатә персонажқәа инырҵыз аамҭеи ҳзырбо аамҭа аихшарбага.
1 ЕНОХ
Иара Анцәа дицын
Избан Енох ихаан инхоз ауаа зынӡа дызреиԥшмыз? Еилаҳкаауазеи иҿырԥшы аҟынтә агәымшәара иазкны?
2 НОИ
Иара адунеи дақәыӡбеит
Излеиԥшузеи ҳаамҭеи Нои имшқәеи? Ишԥаҳалшо Нои ҳаиҿыԥшны агәымшәара ааҳарԥшлар?
4 АВРААМ
Иегова ихьӡала еибашьуаз раԥхьатәи ауаҩы
Иаҳнарҵозеи Авраам иашьа иԥа ицхраара дахьазхиаз? Иаҳзырбозеи Авраам иааирԥшыз ахаҵареи агәымшәареи Иегова ахә ҳаракны ишишьаз?
5 АВРААМ
Иегова иаҳаҭыр азы иара имариамыз адҵа анагӡара дазхиан
Иҳацхраар шԥалшо Авраам иҿырԥшы Анцәа изыӡырҩра анаҭаху агәымшәара аарԥшра? Ишԥаҳацхраауеи ари аҭоурых Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо аилкаара?
6 РЕВЕККА
Лара агәымшәара аарԥшны ихараз адгьыл ахь дцеит
Ревекка ахаҵара ӷәӷәеи зеиԥшыҟам агәымшәареи лылан. Иаҳнарҵои лҿырԥшы?
7 ИАКОВ
Иара агәымшәара аарԥшны иҭаацәара ихьчон.
Ишԥаанарԥшуеи Иаков иҿырԥшы Иегова изылԥхарақәа ҳаурц азы ақәԥара ишаԥсоу?
8 ИОСИФ
Иара ахыхрақәа иҽримҭаӡеит
Еилышәкаа, Иосиф иҿырԥшы ахыхрақәа рҿагылареи аԥышәарақәа раан Анцәа ҳизиашаны аанхареи ишҳацхраауа.
9 ШИФРА, ПУА, АМРАМ, ИОХЕВЕДА, МАРИАМ
Урҭ рхаҵара Моисеи деиқәнархеит
Ахшароураан ацхыраара ҟазҵоз ауриа ҳәсақәеи, Моисеи иҭаацәеи, иаҳәшьеиҳаби ахаҵара ӷәӷәа, насгьы агәымшәара ду рылан. Ишԥаҳалшо урҭ ҳарҿыԥшлар?
10 МОИСЕИ
Иара ииашаз алхра ҟаиҵеит
Иарбан ӡбароу Моисеи идикылаз, насгьы избан? Ишԥаҳалшо уи ҳаиҿыԥшлар?
11 МОИСЕИ
«Афараон иахь уца»
Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова иҳадиҵаз адҵа анагӡара ҳалшаӡом ҳәа. Агәра шԥаҳнарго Моисеи иҿырԥшы Иегова дышҳацхраауа?
12 ХАЛЕВ
Иара Анцәа дизиашаны даанхеит
Еилышәкаа, Халев иҿырԥшы шҳацхраауа иааҳакәыршаны иҟоу ауаа рнырра аҽамҭара.
13 ИИСУС НАВИН
Иара Анцәа дизыӡырҩуан, инапхгара уамашәа иубартә ианыҟазгьы
Иарбан уамашәа иубартә иҟаз напхгароу Иисус Навин Иегова иҟынтә иоуз? Иарбан ҭагылазаашьақәоу иара ҳаиҿыԥшлар анҳалшо?
14 РААВ
Лара Иегова иган аанылкылеит
Иаҳнарҵои Раав лҿырԥшы? Дышԥалзылԥхеи Анцәа иаалырԥшыз ахаҵареи агәымшәареи рзы?
15 НОЕМИНИ РУФИ
Дара ауадаҩрақәа раан еицхыраауан
Ишԥаадырԥшуаз Ноемини Руфи агәымшәара? Иаҳнарҵозеи урҭ рҿырԥшы?
16 ВАРАКИ ДЕВОРЕИ
«Суцны сцоит»
Варак Девора длыҳәеит аибашьра аҭыԥ ахь дицны дцарц. Иаанагози уи: дшәозу, ахаҵара ӷәӷәа имазу?
17 ИАЕЛЬ
«Аҳәса рыбжьара зегь реиҳа ихьӡырҳәагоу аԥҳәыс»
Иегова имаҵзуҩцәа иахьа уажәраанӡагьы Иаель иаалырԥшыз агәымшәара рхашҭӡом. Избан уи аҩыза агәымшәара иахьа еиҳагьы изаарԥшлатәу?
18 ГЕДЕОН
Агәымшәара злаз, аха згәызҽаныз аибашьҩы
Иарбан ҭагылазаашьақәоу агәымшәарагьы агәҽанызаарагьы ҳҭаххар аналшо?
20 САМСОН
Иара данԥсыҽыз Анцәа амч ииҭарц диҳәон
Иҟаиҵеи Самсон агха анихь ашьҭахь, насгьы иаҳнарҵои уи ҳара?
21 САМУИЛ
Иегова ихьӡала ицәажәоз аҷкәын
Ианбарҭаххар алшо иқәыԥшу Анцәа имаҵзуҩцәа агәымшәара, ииашаны рхы мҩаԥыргаларц азы?
АҞӘША 2
АҞӘША 2
Аҳцәа аныҟаз инаркны Иерусалим анеиҭашьақәыргылаз аҟынӡа
Ари аҟәшаҿы хаҵаралеи гәымшәаралеи ирылукаауаз Иегова имаҵзуҩцәа рыӡбахә ҳәоуп. Уи аҳ Саул иԥа, Ионафан, данынхоз аамҭақәа рыла иалагоит, анаҩс аҳ Давид иԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭысқәа рыӡбахә ҳәоуп. Ари аҟәша хыркәшахоит ауриацәа вавилонтәи атҟәара аҟынтә ианыхынҳәыз, насгьы Иерусалим анеиҭашьақәдыргылаз аамҭақәа рыла.
Аҩбатәи аҟәша иаҵанакуа аамҭа аихшарбага
Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ихадоу ахҭысқәа ирыдҳәалоу асахьақәеи абиблиатә персонажқәа инырҵыз аамҭеи ҳзырбо аамҭа аихшарбага (аҳцәа аныҟаз инаркны Иерусалим анеиҭашьақәыргылаз аҟынӡа).
22 ИОНАФАН
Иара дҩыза бзианы даанхарц азы агәымшәара иҭахын
Ионафан дзызиашаны даанхо иӡбар акәын. Иалихда иара, насгьы ишԥаҳалшо уи ҳаиҿыԥшлар?
23 ДАВИД
Давид. Иара адау иабашьра дацәымшәаӡеит
Давид «агәымшәара злаз иӷәӷәаз аибашьҩы» ҳәа деицырдыруан. Ргәы шԥашьҭнахуаз егьырҭ иара иҿырԥшы? Ирнырлар шԥалшо егьырҭ шәара иаашәырԥшуа агәымшәара?
24 АВИГЕИА
Авигеиа. Лара имариамыз аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәылҵеит
Иднарҵар алшои ахацәеи аҳәсеи Авигеиа лҭоурых?
25 ДАВИД
Давид. Иара Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны иаанхарц азы агәымшәара иҭахын
Давид ишьҭашәарыцоз дишьыртә алшара иман. Избан уи зыҟаимҵаз? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо иара?
26 НАФАН
Иара аҳ игха иаҳәара дацәымшәаӡеит
Иҳацхраар шԥалшо Нафан иҿырԥшы ҳҩыза агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар?
27 МЕФИВОШЕТ
Иара аиашамрақәа дышрықәшәозгьы егьырҭ дрызгәааӡомызт
Избан Мефивошет изку аҭоурых ҳгәы арҭынчыр залшо?
30 САРЕПТА ИНХОЗ АԤҲӘЫСЕИБА
Лара иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы Иегова диқәгәыӷуан
Ҳгәы шԥазҭанаҵо Сарепта инхоз аԥҳәысеиба илызку аҭоурых Иегова иқәгәыӷра?
31 ИЗРАИЛЬТӘИ АӠӶАБ ХӘЫҶ
Лара Лынцәа иӡбахә аҳәара́ дацәымшәаӡеит
Ари аӡӷаб хәыҷ лҿырԥшы шәгәазҭанаҵар алшоит шәаншәогьы ажәабжьҳәара.
32 ЕЛИСЕИ
«Иегова, суҳәоит... илақәа аарты»
Агәымшәара ҳнаҭар шԥалшо амаалықьцәа еснагь ҳааигәара ишыҟоу ахьаҳдыруа?
33 ИОДАИ
Иара Анцәа иалихыз аҳ деиқәирхеит
Иарбан агәымшәара зҵаз усу Иодаи иҟаиҵаз? Ишԥашәылшо уи шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
34 ЕЗЕКИА
«Иара Иегова дидҳәалан»
Езекиа ахаҵара ӷәӷәеи агәымшәара дуи иман. Ишԥаҳалшо уи ҳаиҿыԥшлар?
35 МАНАССИА
Агәымшәара игәнаҳақәа рыхьхәра ицхрааит
Избан иаҳҳәар зҳалшо Манассиа агәымшәара аарԥшраҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит ҳәа?
36 ИОСИА
Ижәлар Иегова иахь ахынҳәра дрыцхрааит
Иосиа ихәыҷра бааԥсын. Аха напхгара ззиуаз ажәлар гәыкала Иегова имаҵ аура дрыцхраауан. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо уи ҳара?
37 ДАНИИЛ
Иара «аҳ ифатәи иҩи иҽшаимырҟьашьуа» иӡбеит
Ишԥарылшо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Даниил иеиԥш агәымшәареи Анцәа иахь азиашареи аадырԥшлар? Ишԥаҳацхраауеи иара иҿырԥшы ҳара зегьы?
38 ХҨЫК АУРИАЦӘА
Дара «амца иабылуамызт»
Хҩык ауриацәа аԥсра аҿаԥхьагьы агәымшәара аадырԥшит. Ишԥаҳацхраауеи урҭ рҿырԥшы ахынраалареи, аҟәымшәышәреи, Анцәа иахь азиашареи аарԥшра?
39 ЕСФИРЬ
«Уи азы сыԥсуазаргьы сыԥсааит»
Есфирь аҟәыӷареи аҳәатәхаҵареи аалырԥшуан. Уи Иегова имаҵ зымуаз лхаҵагьы ахә ҳаракны ишьон. Илҿаҳҵаар ҳалшои уи ҳара?
40 НЕЕМИА
Иара Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылеит
Неемиа Иегова ижәлар дрыцхраарц азы ихы дамеигӡаӡеит. Иаҳнарҵои уи иҿырԥшы ҳара зегьы, насгьы ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа уи иҿыԥшлар?
Ҳаҭамыз, шәара шәзышьҭо ыҟам.

