Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?

Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?

Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

  • Ааи.

  • Мап.

  • Иҟалап.

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Иԥсхьоу рахьтә иргылоит» (Аусқәа 24:15, Ауасиаҭ ҿыц).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

Агәырҭынчра, ишәзааигәоу анышәцәыӡуа (2 Коринфаа рахь 1:3, 4).

Аԥсра ацәшәара аҟынтәи ахақәиҭра (Ауриацәа рахь 2:15).

Ишәызгәакьоу ауаа рԥыларазы иҟаҵәҟьоу агәыӷра (Иоанн 5:28, 29).

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа хԥа:

  • Анцәа зыԥсы ҭоу зегьы аԥсҭазаара риҭеит. Абиблиаҿы Анцәа Иегова «аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп» ҳәа иӡбахә ҳәоуп (Аԥсалом 36:9; Аусқәа 17:24, 25). Зегьы зшаз, ҳәарада, иԥсхьоу аԥсҭазаарахь рырхынҳәра илшоит.

  • Анцәа ажәытәан ауаа рыԥсы ҭаиҵон. Абиблиа ааҩык рыхьӡ аҳәоит — уахь ирыҵанакуан зықәрахь инеихьаз, иқәыԥшыз, ахацәеи аҳәсеи, адгьыл аҿы зыԥсҭазаара ззырхынҳәыз. Урҭ реиҳараҩык ԥсиижьҭеи акгьы ҵӡомызт, аха руаӡәк ԥшьымш анышә даман! (Иоанн 11:39—44).

  • Анцәа иахьагьы иҭахуп рыԥсы ҭаиҵарц. Иегова аԥсра ицәымӷуп; уи иара иаӷоуп (1 Коринфаа рахь 15:26). Иара ӷәӷәала иӡбаны имоуп уи даиааирц — аԥсра ықәихырц аԥсҭалара абзоурала. Анцәа гәык-ԥсык ала иҭахуп игәалашәараҿ иҟоу зегь ҿыц рбара,— урҭ адгьыл ахь аԥсҭазаараз иргьежьуеит (Иов 14:14, 15).

ШӘАЗХӘЫЦ

Избан ҳара ҳзажәуа, насгьы ҳзыԥсуа?

Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит АҞАЗААРА 3:17—19, насгьы РИМАА РАХЬ 5:12 рҟны.