ИИСУС ИҾЫ АҴАРА ШӘҴАЛА

Адунеи зегь аҿы аҭынчра ҟалоит

Адунеи зегь аҿы аҭынчра ҟалоит

 Ауаа зегьы ҭынч инхалар рҭахуп. Жәытәнатә аахыс аҳәынҭқарцәа аибашьрақәа раанкылара иашьҭан, иара убас дара ауаа рҳәатәы еиқәшәо инхалар рҭахын. Уи аҟаҵара анрылшозгьы ыҟан, аха ус иахьыҟаз аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа акәын, нас еиҭах аибашьрақәа ирылагон. Изыҟалома знымзар-зны адунеи зегь аҿы аҭынчра? Ааи! Иисус Христос уи ашьақәыргылараҿы ароль хада ааникылоит. Шәааи ҳахәаԥшып уи аганахьала Абиблиа иаҳәо.

Иисус ҳаԥхьаҟа иҟаиҵо

 Абар, Абиблиа излаҳәо ала, Иисус иҟаиҵо.

  •   «Иара [Иисус]... Аҭынчра аҭауад ҳәа иарҳәалоит. Иара зехьынџьара напхгара иулоит… насгьы уи иаҳраҿы аҭынчра ахаан инҵәаӡом» (Исаиа 9:6, 7). Анцәа Иаҳра анапхгаҩы иаҳасабала, Иисус адунеи аҿы ахаан инымҵәо аҭынчра шьақәиргылоит.

  •   «Иара иӷьаҵәыӷьаҵәуа ацхыраара иаҳәо аӷарцәа еиқәирхоит, еиқәирхоит згәы каҳаӡаны иҟоуи ацхырааҩ дызмами» (Аԥсалом 72:12—14). Иаҳратә мчы ихы иархәаны, Иисус аиашара шьақәиргылоит, иара убас аибашьрақәеи, ақәымчреи, агәаҟрақәеи рҵыхәтәа ԥиҵәоит.

  •   «Ажәларқәа аҳәа шьҭыхны еиҿагылаӡом, уаҳа аибашьышьагьы рҵалаӡом» (Исаиа 2:4). Иисус инапхгара аҵаҟа инхало ауаа уаҳа еибашьлаӡом, аибашьышьа рҵалаӡом, ҭынч аицынхашьагьы рҵоит.

 Ишԥаҟаиҵо Иисус абарҭ аиҭакрақәа? Иҟаҳҵар акәзеи ҳара Иисус инапхгара аҵаҟа ҳанхаларц азы? Арҭ азҵаарақәа рҭак еилаҳкаауеит «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?» ҳәа хьӡыс измоу икьаҿу авидеонҵамҭа аҟынтә.

Иисус идирҵоз

 Иисус Христос адгьыл аҿы даныҟаз ауаа идирҵоз иахьа миллионҩыла ауаа аҭынчра аарԥшуа анхара ирыцхраауеит. Иисус ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы ауаа ҭынч аицынхара ирыцхраауа апринципқәа дрылацәажәеит. Абар урҭ иреиуоу принципқәак.

  •   «Насыԥ рымоуп аҭынчра иашьҭоу» (Матфеи 5:9). Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз аимак-аиҿакқәа шәыҽрылашәымгалалан ҳәа мацара акәӡам, рымчқәа ирмеигӡакәа аҭынчра дырҿиаларцгьы реиҳәеит.

  •   «Раԥхьа уашьа уинышәа, нас ухынҳәны, уҳамҭа наг» (Матфеи 5:23, 24). Иисус изыӡырҩуаз ргәазҭеиҵон ирызцәырҵыз аилибамкаарақәа аамҭа мгаӡакәа ирыӡбаларц. Иара убас Иисус иазгәеиҭеит Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц азы ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазар шакәу.

  •   «Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара, усҟан Анцәагьы дшәықәыӡбаӡом» (Матфеи 7:1). Иисус иҳәон ауаҩы ииҳәои иҟаиҵои анеиқәымшәо, насгьы ауаа данрықәыӡбо, уи аилибамкаарақәеи аимак-аиҿакқәеи рахь инанагар шалшо. Иара убас иара иҳәон ауаа ирыгу ацклаԥшра аасҭа, ранажьра еиҳа ишеиӷьу (Лука 6:37).

 Иахьа Иисус илабжьарақәа ирықәныҟәо ауаа рацәаҩуп. Урҭ еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхоит. Шьоукы ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ақәымчра рацәоуп, даҽаџьара ауаа еиҿагылоуп. Ус шакәугьы, Иисус илабжьарақәа ирықәныҟәо ауаа аилибамкаарақәеи аимак-аиҿакқәеи рыӡбоит, ақәымчра рхы иамырхәаӡакәа. Дара рахь апатуқәҵара аадмырԥшуазаргьы, егьырҭ ранажьреи абзиабара аарԥшреи рҽазыршәоит.

 Иисус ауаа идирҵоз шьоукы агәҭынчра аиура ишрыцхрааз еилышәкаарц азы шәаԥхьа астатиа «Душевный покой вопреки ужасам войны».