МАРТ 9—15, 2026
АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа
Шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа шәырҿагылар шәылшоит
«Агәаҟ сара!» (РИМ. 7:24).
ЕИЛАҲКААУА
Ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи анҳазцәырҵуа иҟаҳҵар ҳалшо.
1, 2. Иарбан цәаныррақәоу апостол Павел зны-зынла изцәырҵуаз, насгьы иҳацхраар шԥалшо иҿырԥшы? (Римаа 7:21—24).
ШӘХАҾЫ иааиуазеи, апостол Павел шәанизхәыцуа? Иҟалап шәхаҿы иааиуазар иара дымшәаӡакәа ажәабжь шиҳәоз, ҟазарыла ауаа аҵара шыдирҵоз, насгьы Абиблиа иахәҭакхаз шәҟәқәак шиҩыз. Ус иагьыҟан. Аха зны-зынла Павел ҳара ҳеиԥш игәы казыжьуаз ахәыцрақәа изцәырҵуан.
2 Шәаԥхьа Римаа 7:21—24. Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы Павел ҳара зегь иҳазцәырҵуа ацәаныррақәа рыӡбахә иҩуан. Иара Анцәа изиашаз уаҩын, аха инамӡара иахҟьаны Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара аницәыцәгьазгьы ыҟан. Уи адагьы, зны-зынла Павел уаанӡа иҟаиҵахьаз агхақәа ирыхҟьаны ихы ахара адиҵон. Иара убас иԥсҭазаараҿы уаҳа ӡбашьа змауз уадаҩрак иман, уигьы игәы канажьуан.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш иара убас «Жәақәак рҵакы».)
3 Павел зны-зынла игәы казыжьуаз ахәыцрақәа a шизцәырҵуазгьы, урҭ ииааир иуӡомызт. Ари астатиаҿы ҳара абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәоит: Избан Павел зны-зынла агәаҟ сара ҳәа ихы изазиҳәоз? Иҟаиҵози, игәы казыжьуаз ахәыцрақәа анизцәырҵуаз? Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара, ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҳарҿагылаларц азы?
ПАВЕЛ ИГӘЫ КАЗЫЖЬУАЗ АЦӘАНЫРРАҚӘА ЗИЗЦӘЫРҴУАЗ
4. Избан Павел игәы казыжьуаз ахәыцрақәа зизцәырҵуаз?
4 Анкьатәи игхақәа. Павел дқьырсианхаанӡа аҵыхәтәаны дзыхьхәыз аусқәа ҟаиҵон. Иаҳҳәап, Анцәа изиашаз Стефан ахаҳә дарганы даныршьуаз, иара уи дазыразын (Аус. 7:58; 8:1). Иара убас рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ақьырсианцәа ианрышьҭашәарыцоз, иара уи аус дахагылан (Аус. 8:3; 26:9—11).
5. Ихы шԥеибоз Павел, анкьатәи игхақәа анигәалашәоз?
5 Павел уаанӡа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ақьырсианцәа дышрышьҭашәарыцоз анигәалашәоз, даара игәы ихьуан. Иҟалап аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ ацәаныррақәа еиҳагьы иӷәӷәахозҭгьы. Абар 55 шықәса раҟара шыҟаз ҳ. ҳ. азы Коринф инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз: «Сара апостолцәа зегьы среиҵоуп, апостол ҳәа сзуҳәартә еиԥшгьы сыҟам, избанзар Анцәа иеизара сашьҭашәарыцон» (1 Кор. 15:9). Хәышықәса рышьҭахь ефесаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иара «иԥшьоу рҟынтә зегь иреиҵоу» соуп ҳәа иҳәеит (Еф. 3:8). Тимофеи изиҩыз асаламшәҟәаҿы Павел ихы абас дахцәажәеит: «Уаанӡа Анцәа иҟоу зегь [изысҳәон], имаҵ зуаз [срышьҭашәарыцон], [сԥагьан]» (1 Тим. 1:13). Шәхаҿы иаажәг аизарақәа данырҭаауаз уаанӡа дзышьҭашәарыцоз ма рҭаацәара иатәыз аӡәы данибалак ихы шибоз.
6. Дзыргәаҟуази иҵегьы Павел? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
6 Ӡбашьа змауз ауадаҩра. Павел уи уцәеижь амаӷ аналоу иаҿирԥшит (2 Кор. 12:7). Иара уи закә уадаҩраз имҳәаӡеит. Аха ажәа «амаӷ» иҳаилнаркаауеит уи ахьаа шизаанагоз. Иҟалап уи чымазаразҭгьы, аемоциақәа ирыдҳәалоу уадаҩразҭгьы, ма даҽакы акәызҭгьы b.
7. Избан Павел зны-зынла ииашаны ахымҩаԥгара зизалымҵуаз? (Римаа 7:18, 19).
7 Анамӡара иахҟьаны ихьуаз агхақәа. Павел ихы аус адиулон. (Шәаԥхьа Римаа 7:18, 19.) Иара ииашаны ихы мҩаԥигалар шиҭахызгьы, уи анизалымҵуазгьы ыҟан. Павел иҳәеит Анцәа диргәырӷьалар шиҭахызгьы, зны-зынла агәнаҳа ииҭахым шинарҟаҵоз. Апостол иԥсыҽрақәа дыриааирц азы ирацәаны аџьабаа ибон (1 Кор. 9:27). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит иԥсыҽрақәа рхы анцәырыргоз, уи шаҟа игәы канажьуаз.
ПАВЕЛ ИГӘЫ КАЗЫЖЬУАЗ АХӘЫЦРАҚӘА ДШЫРҾАГЫЛОЗ
8. Ицхраауази Павел ихы аус адулара, исаламшәҟәқәа излаҳдырбо ала?
8 Павел ииҩыз асаламшәҟәқәа рҟынтә иубоит Анцәа идоуҳа иҽеим агәаҳәарақәа рҿагылареи риааиреи ишҳацхраауа инарҵауланы дшазхәыцуаз (Рим. 8:13; Гал. 5:16, 17). Иара лассы-лассы иҩуан ақьырсианцәа Иегова ддыргәырӷьаларц азы рҽызцәырыхьчалар рыхәҭоу ахымҩаԥгашьеи агәаҳәарақәеи рыӡбахә (Гал. 5:19—21, 26). Ус анакәха, Павел ихаҭагьы иҽиԥсахыр ахьихәҭаз дазхәыцуан. Уи шыҟаҵатәу еиликаарц азы Аҩыра ҭиҵаауазҭгьы ҟаларын. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Павел егьырҭ ириҭоз алабжьарақәа ихаҭагьы дышрықәныҟәоз.
9, 10. Ицхраауази Павел игәы казыжьуаз ахәыцрақәа рҿагылара? (Ефесаа 1:7). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Павел зны-зынла игәы шкаҳауазгьы, агәырӷьара амырӡра ицхраауаз рацәан. Иаҳҳәап, аизарақәа рҟынтә ажәабжь бзиақәа аниаҳауаз, урҭ дреигәырӷьон (2 Кор. 7:6, 7). Иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас иахьимаз деигәырӷьон (2 Тим. 1:4). Уи адагьы, Павел Иегова дшизыразыз, насгьы ламысцқьала имаҵ иулар шилшоз идыруан (2 Тим. 1:3). Рим данҭакызгьы иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон: «Иҳақәиҭу имаҵ аныжәуа, еснагь шәгәырӷьала» (Флп. 4:4). Абас еиԥш иҟаз ажәақәа зҩыз ауаҩы дааҟәымҵӡакәа игхақәеи иуадаҩрақәеи дрызхәыцуан ҳәа узҳәаӡом. Излаҳбо ала, Павел игәы казыжьуаз ахәыцрақәа анизцәырҵуаз, иаразнак игәы шьҭызхшаз акы ихы азишьҭуан. Уи абзоурала ҿыц агәырӷьара иоуан.
10 Ицхраауази иҵегьы Павел игәы казыжьуаз ахәыцрақәа рҿагылара? Иара агәра ганы дыҟан аҿыхра Иегова хаҭала иара изы иҟаиҵаз аҳамҭа шакәу (Гал. 2:20; шәаԥхьа Ефесаа 1:7). Убри аҟынтә Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны Иегова игәнаҳақәа шианаижьуа агәра ганы дыҟан (Рим. 7:24, 25). Павел иԥсыҽрақәеи анкьатәи игхақәеи дырмыхәаԥшӡакәа, агәырӷьара мырӡкәа Анцәа имаҵ иулар илшон (Аур. 9:12—14).
Павел анкьа иҟаиҵахьаз агхақәа ирыхҟьаны аамҭа-аамҭала игәы шкаҳауазгьы, Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара дахьазхәыцуаз игәы казыжьуаз ахәыцрақәа рҿагылара ицхраауан (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)
11. Избан Павел иҿырԥшы ҳгәы зарҭынчуа?
11 Павел иеиԥш ҳаргьы ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҭаха ҳарымҭозар ауеит. Иҟалап Иегова игәы изырхьуа ҳазымхәыцларц, иҟаҳамҵаларц ма иҳамҳәаларц азы ирацәаны аџьабаа ҳбозар. Зны-зынла «Агәаҟ сара!» ҳәа ҳҳәо аҟынӡа ҳнеиуазар ауеит. 26 шықәса зхыҵуа Ели́за c зыхьӡу ҳаҳәшьа илҳәоит: «Павел иҿырԥшы даараӡа сгәы шьҭнахуеит. Уи аҩыза иақәшәо сымацара шсакәым ахьыздыруа, сгәы арҭынчуеит. Уи даҽазныкгьы исгәаланаршәоит Иегова ҳзықәшәо бзианы ишидыруа». Иҟаҳҵалар ҳалшозеи, ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа шҳазцәырҵуагьы, ламысцқьала, агәырӷьара мырӡкәа Иегова имаҵ ҳауларц азы?
ҲГӘЫ КАЗЫЖЬУА АЦӘАНЫРРАҚӘА ҲАРҾАГЫЛАЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
12. Ишԥаҳацхраауеи адоуҳатә усқәа ҳгәы казыжьуа ацәаныррақәа рҿагылара?
12 Еиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә усқәа шәыҽрылашәырхәла. Адоуҳатә усқәа рыҽрылархәра шьцыларас ишьҭышәх. Убасҟан шәгәы шьҭызхуа ак азхәыцра шәзымариахоит. Уи ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу ашьцыларақәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ихырҳагоу афатә ҳфалар, абҩарҵәыра ҟаҳҵалар, насгьы шаҟа аҭаху ҳацәалар, ҳгәы бзиазаауеит. Убас еиԥшҵәҟьа, еиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҳаԥхьалар, ажәабжь бзиа ҳҳәалар, аизарақәа ҳҽырзыҟаҳҵалар, насгьы урҭ ҳаҽрылаҳархәлар, ҳгәы казыжьуа мыцхәы ҳазхәыцлаӡом (Рим. 12:11, 12).
13, 14. Ирҳәозеи ақьырсианцәа шьоукы адоуҳатә усқәа иаҳзаарго ахәарҭа иазкны?
13 Ҳахәаԥшып Џьон зыхьӡу аиашьа иҿырԥшы. 39 шықәса анихыҵуаз, шамахамзар иуԥымло акьыба чымазара хкы идырбалеит. Усҟан иԥа 3 шықәса ракәын ихыҵуаз. Раԥхьа Џьон ӷәӷәала игәы каҳаит. Иара дхәыцуан: «Изсыхьи абри аҩыза? Макьана сқәыԥшми?!» Ицхрааи иуадаҩыз уи аамҭазы? Иара иҳәоит: «Сымч шмаҷызгьы, сҭаацәареи сареи адоуҳатә усқәа ҳарҿызарц сахылаԥшуан. Уи азы аамҭа алхра анымариамызгьы, ҳара аизарақәа бжьаҳажьӡомызт, есымчыбжьа ажәабжь ҳҳәон, аҭаацәаратә мҵахырхәарагьы мҩаԥаҳгон». Џьон ихигаз игәаларшәо абас иҳәоит: «Раԥхьа ашок сыман, аха сшьара санықәла, Иегова бзиа сшибо, амчгьы шсиҭо еилыскааит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова сара дышсыцхрааз еиԥш, шәаргьы дышшәыцхраауа!»
14 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Елиза илҳәоит: «Аизарақәа рҿы саныҟоу, насгьы схатә ҭҵаара анымҩаԥызго, есымша Иегова сыбжьы шиаҳауа, бзиагьы сшибо збоит. Уи даараӡа сгәы шьҭнахуеит!» Африка амаҵ зуа Но́лан зыхьӡу араион ахылаԥшҩы ихатә ҩыза Диа́ни иареи ирыцхраауа иҳәоит: «Даараӡа ҳгәы каҳаны ҳаныҟоугьы, адоуҳатә усқәа ҳаҽрылаҳархәуеит. Уи ҳауадаҩрақәа ииашаны рыхәаԥшра иҳацхраауеит. Зынӡа ианаҳцәыцәгьоу, иаҳгәалаҳаршәоит Иегова цхыраарада ҳшаанимыжьуа, дагьшаҳзылԥхо. Уи шыҟаиҵо ҳаздырӡом, аха ҳшаанимыжьуа ҳдыруеит».
15. Иҟаҳҵар ҳалшозеи иҵегьы, ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҳариааирц азы? Иаажәга аҿырԥштәы.
15 Иҟашәҵар шәылшозеи иҵегьы, шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҭаха шәырымҭозар? Шәхаҿы иаажәг шәыбӷа иааҟәымҵӡакәа ишәыхьуашәа. Шәхьаа тәарц азы есыҽны аныҟәара мацара азхаӡом. Уи зыхҟьо еилышәкаароуп. Уи азы еиҳаны аинформациа шәыԥшаароуп, аҳақьымгьы шәиацәажәароуп. Убас еиԥшҵәҟьа, шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҭаха шәырымҭозар, иҟалап Абиблиаҿы ма ҳлитератураҿы уи зыхҟьои ишәыцхраар алшои шәыԥшаар акәзар. Доуҳала ишәу аӡәы иацәажәара аҭаххаргьы ауеит. Анаҩс ишәыцхраар алшо лабжьарақәак ҳрылацәажәоит.
16. Иҟашәҵар шәылшозеи, шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа зшәызцәырҵуа еилышәкаарц азы? (Аԥсалом 139:1—4, 23, 24).
16 Иегова шәиҳәала шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа зшәызцәырҵуа аилкаара дшәыцхраарц. Аҳ Давид агәра ганы дыҟан Иегова уи ибзианы дшидыруаз. Убри аҟынтә иара Анцәа диҳәон игәы казыжьуаз ахәыцрақәа зизцәырҵуаз аилкаара дицхраарц. (Шәаԥхьа Аԥсалом 139:1—4, 23, 24.) Шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа аншәызцәырҵуа, шәаргьы Иегова шәиҳәалар шәылшоит урҭ зшәызцәырҵуа, насгьы шәшыриааиша аилкаара дшәыцхраарц. Уи адагьы, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭалар шәылшоит: «Избан арҭ ахәыцрақәа зсызцәырҵуа? Ицәырызгозеи урҭ? Сгәы казыжьуа хәыцрак ансызцәырҵуа, уи сԥырцаны ибзиоу ак азхәыцра аҭыԥан, уи схы иҭагьежьлар зуама?»
17. Иарбан темақәоу иҭаҳҵаалар ҳалшо, ҳгәы зырҭынчуа акы ҳазхәыцларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго, шәҭагылазаашьаҿы ишәыхәо атемақәа ҭышәҵаала. Аамҭа-аамҭала Иегова иҟазшьақәа ҭышәҵаалар шәылшоит. Иаҳҳәап, апостол Павел Анцәа ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуа, насгьы агәнаҳа аҟынтә иҿихырц азы Иԥа дшимеигӡаз дахьазхәыцуаз ицхраауан. Шәаргьы уи шәыцхраар ауеит. Анцәа ҳашрыцҳаишьо, ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа, насгьы гәыкала бзиа ҳшибо иазку атемақәа ҭышәҵаала. Уи аҿы ишәыцхраауеит «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга», «Индекс публикаций Сторожевой башни», иара убас Абиблиа аҭҵааразы шәбызшәала иҟоу егьырҭ амыругақәа. Хаҭала шәара ишәыцхраауа астатиақәа рсиа шьақәшәыргыл. Уи иахьышәбарҭоу џьара икыдышәҵа ма иқәышәҵа. Шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа аншәызцәырҵуа, урҭ астатиақәа дырҩегь иҭышәҵаа, насгьы уа иаагоу алабжьарақәа шәхы иашәырхәа (Флп. 4:8).
Шәхатә ҭҵаараан шәгәы казыжьуа ахәыцрақәа рҿагылара ишәыцхраауа атемақәа ҭышәҵаала (Шәахәаԥш абзац 17.)
18. Иарбан темақәоу шьоукы аҭҵааразы иалырхыз? Ишԥарыцхраауеи уи?
18 Зыӡбахә ҳҳәахьоу Елиза лхатә ҭҵаараан Иов изкны еиҳаны еилылкаарц лыӡбеит. Лара илҳәоит: «Шаҟа ибзианы деилыскаауазеи Иов! Иара зныкала ирацәаны ауадаҩрақәа дрықәшәеит. Уаҳа наилымшо аҟынӡа даннеигьы, Иегова диқәгәыӷуан, дзықәшәаз ауадаҩрақәа зыхҟьаз шизымдыруазгьы» (Иов 42:1—6). Нолан иԥшәма Диан илҳәоит: «Сыԥшәмеи сареи ашәҟәы „Приближайся к Иегове“ ҳаԥхьоит. Аԥҳалҟаҵаҩ анышәаԥшь аус шадиуло еиԥш, Анцәа аус шҳадиуло иазку азхәыцра ҳгәаԥхоит. Зны-зынла ак ахьаҳзалымҵуа азы ҳгәы каҳауеит. Усҟан иаҳгәалаҳаршәоит Иегова еиҳа ҳеиӷьхарц азы аус шҳадиуло» (Ис. 64:8).
ИЕГОВА ДШЫШӘЗЫЛԤХО АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ
19. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшози ҳара?
19 Ари астатиаҿы иаагаз алабжьарақәа зегь ҳхы иаҳархәаларгьы, ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи ахаан иҳазцәырҵлаӡом ҳәа ҳамхәыцлароуп. Иҟалап зны-зынла агәаҟ сара ҳәа ҳхы иазаҳҳәаларгьы. Аха Иегова ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа риааира дҳацхраалоит, агәҭынчрагьы ҳаиҭалоит. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ҳангәырӷьо амшқәа еиҳа ишеиҳазаауа, избанзар Анцәа иҿаԥхьа ҳаламыс цқьоуп, ҳмаҵзурагьы дазыразуп.
20. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?
20 Шәааи ҳауадаҩрақәеи, ҳанамӡареи, анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәеи агәырӷьара ҳамырхлартә рылҳмыршалап. Иегова ицхыраарала ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа аконтроль рзаҳаулар ҳалшоит (Аԥсал. 143:10). Шаҟа ҳазыԥшузеи ибзиоу акы ҳхы азышьҭразы уаҳа аџьабаа анбалатәымхо аамҭа! Есышьыжь ибзиоу ахәыцрақәа ҳаманы ҳааԥшлоит, насгьы ҳгәырӷьаҵәа бзиа ҳазбо Ҳанцәа Иегова имаҵ ҳаулоит.
АШӘА 34 Ацқьара хьчала
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ари астатиаҿы «угәы казыжьуа ахәыцрақәа» ҳәа анаҳҳәо, зыӡбахә цо угәалаҟазаара аҽанаԥсахуа, угәы анкаҳауа, насгьы агәҭынчымра анузцәырҵуа ауп. Уи акыраамҭа адепрессиа иаргәаҟуа, насгьы аҳақьым ицхыраара зҭаху ирыҵанакӡом.
b Павел иажәақәа иудырбоит илақәа шихьуаз. Иҟалап уи асаламшәҟәқәа рыҩраан, имиссионертә ныҟәараан, насгьы ажәабжьҳәараан иԥырхагазҭгьы (Гал. 4:15; 6:11). Мамзаргьы иҟалап амцрҵаҩцәа изырҳәоз игәы инархьуазҭгьы (2 Кор. 10:10; 11:5, 13). Иара «амаӷ» ҳәа ззиҳәаз закәызаалакгьы, уи игәы канажьуан.
c Хьыӡқәак ԥсахуп.

