МАРТ 23—29, 2026
АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит
Ишԥашәылшо аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо аашәырԥшыр?
«Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп» (2 КОР. 5:14).
ЕИЛАҲКААУА
Аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр шҳалшо.
1, 2. Ҳгәы зызҭанаҵозеи, Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз? (2 Коринфаа 5:14, 15). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ШӘХАҾЫ иаажәг еилаҳаз аҩны шәаҵырхызшәа. Шәеиқәзырхаз ауаҩы ҭабуп ҳәа иашәҳәарц шәҭахымхаӡои? Еиқәирхаз шәара мацара шәакәымзаргьы, хаҭала ҭабуп ҳәа иашәҳәарц шәҭаххарын. Шәара ишәҭахуп ишәзыҟаиҵаз ахаан ишышәхамышҭуа идыруазарц.
2 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, иаҳҭынхаз агәнаҳа иаҳзаанагаз ауадаҩрақәа ҳхала иаҳзыӡбаӡом. Аха Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала урҭ ауадаҩрақәа ӡбахоит. Аҿыхра абзоурала: 1) ҳагәнаҳақәа ҳанажьхоит; 2) аԥхьаҟа ҳшынаӡахо ала агәыӷра ҳауеит; 3) Ҳазшаз инышәареи иҩызахареи алшара ҳауеит. Аҿыхра џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы алшара ҳзаанартуеит. Иисус иԥсы ҳахҭынҵаны шаҟа бзиа ҳаибо ҳирбеит. Иара адгьыл ахь даанӡа акыр шагыз ауаа бзиа ибахьан (Ажәам. 8:30, 31). Апостол Павел иҩит: «Иҟаҳҵо ҳзырҟаҵо Христос ибзиабара ауп». (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 5:14, 15.) Иаанагои уи? Иисус иаҳзыҟаиҵаз ахаан иаҳхаҳмыршҭлароуп, насгьы ибзиабаразы аџьшьара иаҳҭалароуп.
Аӡәы еилаҳаз аҩны ҳалигазҭгьы, иаҳзыҟаиҵаз азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәар ҳҭаххон. Иеговеи Иисуси агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ахьҳарҭаз азы еиҳагьы аџьшьара иаԥсоуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
3. Избан аҿыхра ахә шаҳшьо шааҳарԥшуа зеиԥшым?
3 Иаашәырԥшыр шԥашәылшо шәара аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо? Еиуеиԥшым ауаа ари азҵаара аҭак еиԥшӡамкәа иҟарҵоит. Уи ус закәу еилаҳкаарц азы ҳхаҿы иааҳгап еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтә ҭыԥк ахь идәықәлаз хҩык ауаа. Дара рымҩақәа шеиԥшымгьы, рхықәкы нарыгӡоит — уи аҭыԥ ахь инеиуеит. Иарбан хықәку ҳара иҳамоу? Аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо аарԥшра. Аха уи ахықәкахьы ҳамҩа еиԥшӡам, избанзар Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиԥшӡам. Убри ҳхаҿы иааганы х-гәыԥк ауаа ҳрыхцәажәап: Абиблиа зҵо, аӡы зыҽӡаазххьоу, насгьы мзызқәак ирыхҟьаны аизара иацәыхарахаз.
АБИБЛИА ЗҴО
4. Дышԥарзыҟоу Иегова Абиблиа аҵара иаҿу?
4 Шәара Абиблиа аҵара шәаҿызар, абри шәазхәыц. Шәара ажәабжь бзиа шәыдышәкылеит. Ус анакәха, Иегова зҩызахара иҭаху шәреиуоуп. Иара иҩызахара дшәыцхраауеит (Иоанн 6:44; Аус. 13:48). Абиблиаҿы иануп Иегова ауаа ргәы дышҭаԥшуа (Ажәам. 17:3). Иара деилышәкаарц азы ижәбо аџьабаа ибоит. Инормақәа рыла шәынхаларц азы шәыҽшышәыԥсахуа анибо, уи деигәырӷьоит (Ажәам. 27:11). Аҿыхра абзоурала ауп Иегова иҩызахара злаҳалшо (Рим. 5:10, 11). Ахаан уи шәхашәмыршҭлан.
5. Ишԥарылшо Абиблиа зҵо Филиппаа 3:16 аҿы иану алабжьара иқәныҟәалар?
5 Ишԥарылшо Абиблиа зҵо аҿыхра ахә ҳаракны ишыршьо аадырԥшыр? Иаҳҳәап, апостол Павел филиппаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ириҭаз алабжьара иқәныҟәалароуп: «Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап» (Флп. 3:16). Абиблиа даҽа еиҭагак аҿы ари ажәеинраала абас еиҭагоуп: «Ҳара ҳазныланы ацара ҳаҿу амҩа ҳанымҵыр ауп». Аԥсҭазаара амҩала ацара ак шәԥырхагахар жәымун (Матф. 7:14; Лука 9:62).
6. Иҟарҵар рылшои Абиблиа зҵо ауаа, библиатә ҵарак ақәшаҳаҭхара ма рыԥсҭазаараҿы ак аԥсахра рцәыцәгьазар? (Ҩынтәзакәан 30:11—14). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Иҟашәҵар шәылшозеи, ааигәа еилышәкааз библиатә ҵарак ақәшаҳаҭхара шәцәыцәгьазар? Уи еиҳа инарҵауланы аҭҵаара шәҽазышәшәа, насгьы Иегова уи еиӷьны аилкаара дшәыцхраарц шәиҳәала (Аԥсал. 86:11). Аха уи ашьҭахьгьы агәыҩбара шәзынхар, аамҭала уи азҵаара ааншәыжь, аха Абиблиа аҵара шәаҟәымҵын. Наҟ-наҟ уи азҵаара аҭак шәмоур ауӡом. Мамзаргьы иҟалап шәхы аус шадыжәулогьы, Иегова игәамԥхо ак аҟаҵара шәзаҟәымҵуазар. Ус акәзар, ишәхашәмыршҭын Иегова инаӡам ауаа ирылымшо дшазыԥшым. Шәара инормақәа рыла шәынхалар шәылшоит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 30:11—14.) Анцәа дышшәыцхраауа алагьы ажәа шәиҭоит (Ис. 41:10, 13; 1 Кор. 10:13). Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьын. Шәааҟәымҵӡакәа шәыуадаҩра азхәыцра аҭыԥан, Иегова ишәзыҟаиҵаз абзиарақәа шәрызхәыцла, аҿыхрагьы уахь иналаҵаны. Хәыҷы-хәыҷла Иегова иахь ишәымоу абзиабара ӷәӷәахалоит, иԥҟарақәа рықәныҟәара шыцәгьамгьы жәбоит (1 Иоанн 5:3) a.
Иегова иҳалымшо дазыԥшӡам. Иара инормақәа рыла анхара дҳацхраауеит (Шәахәаԥш абзац 6.)
7. Изызхәыцлар рылшои ақьырсиантә ҭаацәарақәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа?
7 Иаҳҳәар ҳалшои шәара, ақьырсиантә ҭаацәарақәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа, шәзы? Шәаргьы Абиблиа зҵо шәреиуоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Шәҭаацәа рзы шәара зегь раасҭа ихадоу ҵаҩцәоуп. Абиблиаҿы иануп: «Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит» (Иак. 4:8; 1 Аш. 28:9). Шәара Иегова изааигәахара шәҽазышәшәозар, иаргьы дышәзааигәахалоит. Ус зыҟаиҵо шәҭаацәа имаҵ ахьыруа азы акәӡам, хаҭала шәара шәыхә ахьишьо азоуп. Ишәыцхраар алшои хаҭала Иегова иҩызахара? Аҿыхра. Зыхә ҳараку уи аҳамҭа ахаан ишәхашәмыршҭын! (Рим. 5:1, 2). Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа Иеговеи Иисуси хаҭала шәара шәзы иҟарҵаз шәазхәыцла. Анаҩс шәазхәыц аҿыхра ахә шышәшьо Иегова ишәырбарц азы шәыԥсҭазаара ззышәкшеи хықәкқәас иқәшәыргылашеи b.
АӠЫ ЗЫҼӠААЗХХЬОУ АҚЬЫРСИАНЦӘА
8. Ишԥаадырԥшхьеи аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа аҿыхра ахә ҳаракны ишыршьо?
8 Шәара аӡы шәыҽӡаашәххьазар, аҿыхра ахә шышәшьо аашәырԥшхьеит. Иаҳҳәап, Анцәа дшәыргәырӷьаларц, насгьы шәиҩызахарц азы шәыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟашәҵеит. Шәара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа аиҭаҳәара, насгьы Иеговеи Иисуси рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара шәалагеит. Шәыԥсҭазаара Анцәа изкны аӡы шәыҽӡаашәхит. Шәрықәшәахьоума аҿагыларақәа Иегова имаҵ ахьыжәуа азы? (2 Тим. 3:12). Шәрықәшәахьазар, Анцәа шәахьизиашоу, насгьы ачҳара аарԥшны зегь ахьышәхыжәго Иегова даараӡа бзиа дшыжәбо, аҿыхрагьы ахә ҳаракны ишышәшьо аанарԥшуеит (Аур. 12:2, 3).
9. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа?
9 Аха аӡы зыҽӡаазххьоу ақьырсианцәа ргәырҽанызароуп, избанзар хәыҷы-хәыҷла аҿыхра ахә ашьара иаҟәыҵыр алшоит. Иҟалар шԥалшо уи аҩыза? Иаҳгәалаҳаршәап актәи ашәышықәсазы Ефес инхоз ақьырсианцәа. Зыԥсы ҭалаз Иисус урҭ ачҳара аарԥшны зегь ахьырхыргоз азы ирҽхәеит. Аха аԥхьа ирымаз абзиабара ахьырцәыӡыз игәамԥхеит (Аат. 2:3, 4). Хәыҷы-хәыҷла ақьырсиан Анцәа имаҵ аураҿы иҟаиҵо гәыкала акәымкәа, дзышьцылахьоу ак еиԥш аҟаҵара далагар ауеит. Иара Анцәа диҳәоит, ажәабжь иҳәоит, аизарақәа рахь дныҟәоит, аха уи абзиабара акәӡам изырҟаҵо, ус дахьашьцылаз азоуп. Иҟаҵатәузеи, Иегова иахь шәыбзиабара шыхьшәашәахо гәашәҭазар?
10. Ишԥаҳалшо апостол Павел Тимофеи ииҭаз алабжьара ҳақәныҟәалар? (1 Тимофеи 4:13, 15).
10 Апостол Павел Тимофеи игәазҭеиҵон Анцәа имаҵ аура дазхәыцларц, насгьы уи ихы азикырц. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 4:13, 15.) Амца мыцәарц азы амҿы аҵаҵалатәуп. Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара ҳцәымӡырц азгьы ак ҟаҵалатәуп (Рим. 12:11; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ажәақәа «иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәҳаҵҳаҵо шәыҟаз» рахь иаагоу акомментари). Ишәылшома апрограмма азыӡырҩра еиҳа ишәзымариахарц азы аизарақәа еиҳа еиӷьны шәҽырзыҟашәҵалар? Ишәылшома ахатә ҭҵаара амҩаԥгаразы иахьҭынчроу, аӡәгьы дахьышәԥырхагам аҭыԥ шәыԥшаар? Ари зегьы Иегова иаҳзыҟаиҵаз — ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳахьҿихызгьы уахь иналаҵаны — ахә ашьара иҳацхраалоит. Уи адагьы, ишәылшома Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа мчыбжьқәак рыҩныҵҟа Иегова ишаҳаҭцәа раҳасабала зылԥхарас ишәымоу шәазхәыцлар? Уи еиҳагьы аҿыхра ахә ашьара иҳацхраауеит. Иароуп Анцәа иҩызахара ҳалзыршазгьы.
11, 12. Ажәабжь аҳәаразы агәаҳәара шәымамзар, иаанагома уи Иегова иԥшьоу идоуҳа шәыҭара даҟәыҵит ҳәа? Иҳаилшәыркаа. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
11 Зны-зынла Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара шәзымхошәа жәбозар, шәгәы кашәмыжьын. Иегова иԥшьоу идоуҳа шәымихызшәа шәгәы иаанамган. Ҳазхәыцып апостол Павел имаҵзура иазкны коринфаа ирзиҩыз: «Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит» (1 Кор. 9:17). Иаанагои Павел ииҳәаз?
12 Зны-зынла Павел ажәабжьҳәара иҭахӡамызт. Аха агәаҳәара шимамызгьы, ажәабжьҳәара дцон. Шәара Павел шәиҿыԥшлар шәылшоит. Анцәа имаҵ ауразы агәаҳәара шәымамзаргьы, имаҵ жәула. Анцәа шәиҳәала «агәаҳәареи амчи» шәоурц (Флп. 2:13). Адоуҳатә усқәа ҟашәҵала. Аамҭак ашьҭахь Анцәа имаҵ ауразы агәаҳәара дырҩегь ишәмоуазар жәбап. Иегова иахь абзиабара шәгәаҵаҿы иҟоуп — уи амца амҿы шақәырҵо еиԥш ҿыц еибарктәуп.
Адоуҳатә усқәа ааншәмыжьлан, урҭ рынагӡаразы агәаҳәара шәымамзаргьы (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
13. Иарбан зҵаарақәоу аамҭа-аамҭала ҳхы иаҳҭалар бзиоу?
13 2 Коринфаа 13:5 аҿы иануп: «Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала, шәзеиԥшроу еилышәкаала». Убри аҟынтә аамҭа-аамҭала абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар бзиоуп: «Сыԥсҭазаараҿы Аҳра иадҳәалоу аусқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы исыргылома?» (Матф. 6:33). «Сыԥсы анысшьо ацәгьара шысцәымӷу убарҭоума?» (Аԥсал. 97:10). «Аизараҿы аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы исылшо зегь ҟасҵома?» (Еф. 4:2, 3). Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод ҳацхраауеит ҳзынхо ҳхазы акәу, Христос изы акәу аилкаара c.
АИЗАРА ИАЦӘЫХАРАХАЗ
14. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы аизара изацәыхарахаз?
14 Ақьырсианцәа шьоукы акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ шыруазгьы, аизарақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵит. Избан ус зрыхьыз? Шьоукы «иахьатәи аԥсҭазаара иацу аусқәа» иахыргеит (Лука 21:34). Егьырҭ иашьак ма иаҳәшьак ирыцәгәааит (Иак. 3:2). Иҟоуп агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз, аха аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы рыҳәара ззымгәаӷьуа. Иҟашәҵар шәылшои, акы иахҟьаны Иегова иҭаацәара шәацәыхарахазар? Шәгәы зызҭанаҵар алшозеи аҿыхреи Иеговеи Иисуси рыбзиабареи рызхәыцра?
15. Дышԥарзыҟоу Иегова аизара иацәыхарахаз? (Иезекииль 34:11, 12, 16).
15 Шәазхәыц Иегова аизара иацәыхарахаз дшырзыҟоу. Иара урҭ ихеиршҭӡом, игәгьы рзыԥжәаӡом. Анцәа иӡыз иуасақәа дрышьҭоуп. Иара урҭ дреиҷаҳауеит, иара иахь ахынҳәрагьы дрыцхраауеит. (Шәаԥхьа Иезекииль 34:11, 12, 16.) Иҟалап Иегова убри акәзар шәара шәзы уажәы иҟаиҵо. Ари астатиа шәахьаԥхьо иунарбоит Иегова шәгәы дышҭоу, игәы ишақәшәо еиԥш ахымҩаԥгарагьы шышәҭаху. Иегова шәгәы иҭоу баны зны аизарахь шәааигазар, нас, шәырхынҳәра илымшаӡои?
16. Ирыцхраауазеи иӡыз ауасақәа Иегова иахь ахынҳәра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Аброшиура «Вернись к Иегове» аҿы аԥхарра зҵоу абарҭ рҩызцәа ажәақәа ануп: «Агәра ганы уҟаз, Иегова иахь ахынҳәра уӡбар, иара дышуцхраауа. Иара дуцхраауеит угәҭынчымрақәа риааиреи, угәы иҭоу ахьаа артәареи, иара убас аламыс цқьеи агәҭынчреи уиҭоит. Убасҟан аишьцәеи аиҳәшьцәеи урывагыланы дырҩегь Иегова имаҵ аура агәаҳәара уоуеит». Ишәхашәмыршҭлан аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраарагьы шәоур шшәылшо. Абиблиаҿы урҭ «аԥша аҟынтә ахыхьчарҭа иаҩызахоит, афырҭын аҟынтә ахыҵакырҭа иеиԥшхоит» ҳәа рызҳәоуп (Ис. 32:2). Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳахьҿихыз азы ҭабуп ҳәа иашәҳәар шәышәҭаху. Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Иарбан шьаҿақәоу Иегова иахь ахынҳәра исыцхраауа?» (Ис. 1:18; 1 Пиотр 2:25). Иаҳҳәап, ишәылшома Иегова ишаҳаҭцәа рзал аҿы имҩаԥысуа аизарахь шәнеир? Ишәылшома аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк ацхырааразы шәиҳәар? Иҟалап доуҳала иӷәӷәоу қьырсианк Абиблиа аҵара шәзымҩаԥигаларц идырҵар. Агәра ганы шәыҟаз Иегова аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо шибо, насгьы аизарахь ахынҳәразы ижәбо аџьабаа дшазылԥхо.
Шәхы шәазҵаа: «Иҟасҵар сыхәҭоузеи Иеговеи сареи дырҩегь ҳаизыҟазаашьақәа бзиахарц азы?» (Шәахәаԥш абзац 16.)
ИШԤАШӘЫЛШО АЏЬШЬАРА ААШӘЫРԤШЫР?
17, 18. Аамҭа ззаҳкыр ҳахәҭоузеи, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа?
17 Иисус иҳәеит Анцәа «Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Иегова агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳҿихит. Шәааи уи ахаан иаҳхаҳмыршҭлап! (Рим. 3:23, 24; 2 Кор. 6:1). Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааиаанӡа Иеговеи Иисуси рыбзиабара шәазхәыцырц азы аамҭа алышәх. Уи аҿыхра ахә шышәшьо аарԥшра шәгәазҭанаҵоит.
18 Иҟашәҵои шәара, аҿыхра ахә ҳаракны ишышәшьо аашәырԥшырц азы? Ари азҵаара аҭак зегьы еиԥшӡамкәа иҟаҳҵар алшоит. Аха агәра ганы шәыҟаз Иегова шәџьабаа дшаргәырӷьо. Иара шәџьабааи миллионҩыла егьырҭ имаҵуҩцәа рџьабааи дазылԥхоит. Даргьы «рхазы акәымкәа, дара рзы иԥсыз» изы инхоит (2 Кор. 5:15).
АШӘА 14 Ихьӡ ҳарашәкла адгьыл Аҳ ҿыц!
a Абиблиа аҵара еиҳа ахәарҭа шәзаанагаларц азы арамка «Ахықәкқәа» аҟынтә адҵақәа нашәыгӡала. Уи ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аурокқәа зегьы рынҵәамҭаҿы иаагоуп.
b Хықәкқәас иқәшәыргылар шәылшо ануп декабр, 2017 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Ақәыԥшцәа, ахеиқәырхара шәазықәԥала» аҟны.
c Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз зегь азы аџьшьара аарԥшра шҳалшо атәы еилаҳкаар ҳалшоит ииун 15, 1995 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Что побуждает тебя служить Богу?» аҟынтә.

