ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
Абиблиаҿы иану ахҭысқәа аԥсы рхашәҵала
Абиблиа аҭоурых аҿы иҟаз ахҭысқәа рацәаны рыӡбахә аҳәоит. Урҭ иаҳдырҵар алшо рацәоуп. Урҭ ахҭысқәа ҳхаҿы иааҳгалар, ҳзыԥхьо еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаалоит, ахәарҭагьы алаҳгалоит. Абар Абиблиаҿы иану ахҭысқәа аԥсы рхаҵара иҳацхраауа лабжьарақәак.
-
Шәыбжьы ҭыганы шәаԥхьала. Абиблиа убжьы ҭыганы уанаԥхьо, узыԥхьо ухаҿы аагара мариахоит. Ҭаацәаныла Абиблиа шәаԥхьозар, уи рольла еихшаны шәаԥхьалар шәылшоит: дасу ихазы персонажк алихааит, нас уи иажәақәа дрыԥхьалааит. Усҟан Абиблиа аԥхьара еиҳагьы агәахәара шәзаанагалоит.
-
Шәзыԥхьо шәхаҿы иаажәгала. Шәзыԥхьо ахҭыс аҿы зыӡбахә ану ауаҩы дзызхәыцуаз, насгьы ицәаныррақәа зеиԥшраз аилкаара шәҽазышәшәала. Иаҳҳәап, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭала: «Избан иара ус зиҳәаз ма изыҟаиҵаз? Сгәы иаанагарызи ма иарбан цәаныррақәоу исызцәырҵрыз, иҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы?»
-
Асахьақәа ҭышәхла. Иԥшӡаны асахьаҭыхшьа шәзымдыруазаргьы, ишшәылшо еиԥш иҭышәхлар, шәзыԥхьо аԥсы ахалоит, агәынкыларагьы шәзымариахоит.

