МАРТ 2—8, 2026

АШӘА 97 Ҳазшаз Иажәала ҳанхоит

Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала

Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала

2026-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа» (МАТФ. 5:3).

ЕИЛАҲКААУА

Ибзианы доуҳала акраҳфаларц, цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәаларц, насгьы Иегова иҳаиҭо аҽыҵәахырҭаҿы ҳаҟазарц азы иҟаҵалатәу.

1. Иарбан ҭахрақәоу Иегова ҳанишоз иҳалеиҵаз? (Матфеи 5:3).

 ҲАРА афатәи, ашәҵатәи, анхарҭа ҭыԥи рыда ԥсыхәа ҳамаӡам. Иегова ус ҳаишеит. Еиқәаҳаԥхьаӡаз рҟынтә руак ҳагхар, аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа акәзаргьы, ҳаԥсҭазаара даараӡа ицәгьахоит. Аха ацәеижьтә ҭахрақәа рыдагьы, адоуҳатә ҭахрақәагьы ҳамоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:3.) Агәырӷьараҵәҟьа ҳамазарц азы адоуҳатә ҭахрақәа рахь иаҵанакуа ибзианы еилаҳкаауазароуп, насгьы урҭ хаҳарҭәаалароуп.

2. Дарбан уаҩу Анцәа ида ԥсыхәа шимам еиликаауеит ҳәа ззаҳҳәар ҳалшо? Иаажәга аҿырԥштәы.

2 Матфеи 5:3 аҿы «Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа» ҳәа еиҭагоу ажәақәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «доуҳала иӷару» аанагоит. Ухаҿы абри аҩыза асахьа цәырҵуеит. Еиӷрыжәжәа еибыҭоу ауаҩы ауаа ахьырацәоу ақалақь амҩаду аҿы иҽырҵәины акәакь дыкҿатәоуп. Ауаа уи дыҵкьыҵкьашьаны ивсны ицоит. Уи ауаҩы изхара ахьизымфо азы зынӡа имчқәа илӡаахьеит. Ҽынла иара ашоура даркароит, уахынла ахьҭа дакуеит. Уи идыруеит аӡәы ицхыраарада ԥсыхәа шимам. Убасеиԥшҵәҟьа Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа, даҽакала иуҳәозар «доуҳала иӷару», Анцәа ицхыраара шырҭаху еилыркаауеит. Уи ацхыраара роурц азгьы ирылшо зегь ҟарҵоит. Иегова бзиа дызбо ахаан цхыраарада иаанижьӡом.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит Иисус ацхырааразы иҳәоз финикиатәи аԥҳәыс лыӡбахә. Лара илызку ажәабжь иаҳнарбоит Анцәа ицхыраара заурц зҭаху еиздырҳалар рыхәҭоу х-ҟазшьак. Анаҩс ҳалацәажәоит апостолцәа Пиотри, Павели, аҳ Давиди рҿырԥшқәа. Урҭ Иегова имҩақәиҵалар рҭахын.

ИХАДОУ Х-ҞАЗШЬАК

4. Избан финикиатәи ԥҳәыск Иисус иахь дызнеиз?

4 Ҽнак финикиатәи ԥҳәыск Иисус иахь дааит. Уи лыԥҳа адемонцәа ддыргәаҟуан (Матф. 15:21—28). Лара Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгыланы дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ацхырааразы иҳәара далагеит. Ари аԥҳәыс ҳазҿыԥшлар ҳахәҭоу аҟазшьақәа аалырԥшит. Шәааи урҭ рҟынтә ҟазшьақәак ҳрылацәажәап.

5. Иарбан ҟазшьақәоу финикиатәи аԥҳәыс иаалырԥшыз? Иҟаиҵазеи Иисус лара лзы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Финикиатәи аԥҳәыс Иисус ацхырааразы даниҳәа, иара ус леиҳәеит: «Ача ахәыҷқәа ирымхны, аласбақәа ируҭар иашаӡам». Даҽаӡәызҭгьы аласбақәа дахьрыҿирԥшыз даргәаар алшон, насгьы ари ауаҩ ацхырааразы иҳәара иаԥсаӡам ҳәа игәы иаанагар ауан. Аха финикиатәи аԥҳәыс уи дамыргәааӡеит, избанзар ахынраалара лылан. Уи адагьы, лара ацхырааразы иҳәара даҟәымҵӡеит. Избан финикиатәи аԥҳәыс ус лхы зымҩаԥылгаз? Избанзар лара Иисус иахь ахаҵара ӷәӷәа лыман. Уи игәаҵанӡа инеин, иҷыдаз ак лзыҟаиҵеит. Иисус «Анцәа сзааишьҭыз иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа рзоуп» ҳәа шиҳәазгьы, иауриамыз уи аԥҳәыс лыԥҳа адемон дылхицеит.

Финикиатәи аԥҳәыс ацхыраара лоурц азы ахынраалара аалыԥшыр, ацхыраара аҳәара даҟәымҵыр, иара убас ахаҵара аалырԥшыр акәын (Шәахәаԥш абзац 5.)


6. Иаҳнарҵозеи финикиатәи аԥҳәыс илызку ахҭыс?

6 Ҳаргьы финикиатәи аԥҳәыс иаалырԥшуаз аҟазшьақәа ҳҭахуп. Ҳара ахынраалара ҳалазароуп, насгьы ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ацхырааразы ҳиҳәалароуп. Иара убас Христос Иисус дхаҳҵалароуп, насгьы ишьҭанеицәа анапхгара злариҭо ауаа рыгәра ҳгалароуп (Матф. 24:45—47). Иегова Иԥеи иареи ахынраалара злоу, иааҟәымҵӡакәа ацхыраара иаҳәо, насгьы ахаҵара змоу рыҳәарақәа гәык-ԥсыкала рҭак ҟарҵоит. (Иаҿшәырԥш Иаков 1:5—7.) Уажәшьҭа шәааи еилҳаргап апостолцәа Пиотри, Павели, иара убас аҳ Давиди рҿырԥшқәа. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова дышҳацхраауа ибзианы доуҳала акрыфара, цәаҩа ҿыцла аҽеилаҳәара, адоуҳатә ҽыҵәахырҭаҿы аанхара.

ПИОТР ШӘИҾЫԤШЛА — ИБЗИАНЫ ДОУҲАЛА АКРЫШӘФАЛА

7. Иарбан дҵоу Пиотр инаигӡалар ихәҭаз, насгьы иҟаиҵалар акәзи иҵегьы? (Ауриацәа 5:14—6:1).

7 Ҳазхәыцып апостол Пиотр иҿырԥшы. Ауриацәа рҟынтә иара Иисус Мессиа шиакәу зегь раԥхьа агәра згаз дреиуан. Пиотр еиликаауан Иисус ила Иегова ижәлар «наӡаӡатәи аԥсҭазаара [у]зҭо» ажәақәа шыдирҵоз (Иоанн 6:66—68). Зыԥсы ҭалаз Иисус ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа Пиотр абас еиԥш иҟаз адҵа ииҭеит: «Суаса ԥшқақәа уреиҷаҳала» (Иоанн 21:17). Ара «уреиҷаҳала» ҳәа еиҭагоу ажәа аоригинал бызшәаҿы иаанагоит «акрырҿаҵала». Пиотр ари адҵа гәыкала инаигӡон. Анаҩс Иегова Абиблиа иахәҭакхаз ҩ-саламшәҟәык иҩырцгьы игәазҭеиҵеит. Аха Пиотр ихаҭагьы доуҳала акрифалар акәын. Иаҳҳәап, иара Анцәа идоуҳала иҩыз апостол Павел исаламшәҟәқәа ҭиҵаауан. Пиотр еиликаауан урҭ асаламшәҟәқәа рҿы зеилкаара цәгьазгьы шыҟаз (2 Пиотр 3:15, 16). Аха иара «икьакьоу афатә» иаҿурԥшыр алшо апостол Павел исаламшәҟәқәа реилкаареи рхархәареи Иегова дышицхраауа агәра ганы урҭ рыҭҵаара даҟәыҵӡомызт. (Шәаԥхьа Ауриацәа 5:14—6:1.)

8. Иахиҳәааи Пиотр Иегова иҟынтә иоуз амҩақәҵара?

8 Пиотр ахаҵара ӷәӷәа иман. Уи Анцәа имҩақәҵарақәа рықәныҟәара ицхраауан. Абар Иоппиа иҟалаз. Анцәа Пиотр ихаҿы иааигеит Моисеи изакәан ала ицқьам ҳәа иԥхьаӡаз аԥстәқәа. Апостол иаҳаит урҭ руак шьны ифарц шиарҳәаз. Ауриацәа уи зыфара ҟамлоз ак акәны ирыԥхьаӡон, убри аҟынтә Пиотргьы раԥхьа мап икын, абас иҳәеит: «Мап, ухаҵкы, сара ахаангьы исымфацт Анцәа ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо зыфара ҟамло акы, иагьысфом». Нас абас бжьык иаҳаит: «Уажәшьҭа Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡо цқьаӡам ҳәа азумҳәан» (Аус. 10:9—15). Пиотр уи еиликаан, игәаанагара иԥсахит. Иабантәиҳдыруеи уи? Уи ашьҭахь хара имгакәа Пиотр иахь Корнили зыхьӡыз иауриамыз ахаҵа иҟынтә хҩык ахацәа ааит. Дара рыԥшәма иҩнаҭахьы Пиотр ааԥхьара ирҭеит. Анцәа уи ахҭыс Пиотр ихаҿы иааганы иимырбазҭгьы, ахаан уи ааԥхьара идикыларымызт, избанзар ауриацәа егьырҭ ажәларқәа иртәыз ауаа цқьаӡам ҳәа рыԥхьаӡон (Аус. 10:28, 29). Аха уажәшьҭа Пиотр еиликааит Иегова ауаа зегь ажәабжь бзиа раҳарц шиҭахыз. Уи ԥсахра дуун, аха иаразнак дақәшаҳаҭхан, Корнили иахь дцеит (Ажәам. 4:18). Пиотр Корнили иҭынхацәеи иҩызцәеи иареи ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәеит. Урҭ Иисус дхарҵан, иԥшьоу адоуҳа роуит, аӡгьы рыҽӡаархит (Аус. 10:44—48).

9. Избан икьакьоу адоуҳатә фатә афаразы агәаҳәара еизҳарҳалар зҳахәҭоу?

9 Иаҳнарҵозеи Пиотр иҿырԥшы? Ҳара Анцәа Иажәа аҭҵаара ҳаҟәымҵлароуп. Еиҳарак ҳзыԥхьо зеилкаара мариоу ауп. Аха икьакьоу афатә афаразгьы агәаҳәара еизҳарҳалароуп. Даҽакала иуҳәозар, зеилкаара мариам аҵабыргқәа ҭаҳҵаалароуп. Анцәа Иажәа еиҳа инарҵауланы еилаҳкааларц азы аҭҵаара шаҟа аҭаху аамҭеи амчи ақәҳарӡлароуп. Избан ус аҟаҵара заԥсоу? Избанзар Иегова изкны иҿыцу ак анеилаҳкаауа, еиҳагьы бзиа ибареи пату иқәҵареи ҳалагоит. Иара убас иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара еиҳагьы иаҳҭаххоит (Рим. 11:33; Аат. 4:11). Пиотр иҿырԥшы даҽакгьы ҳнарҵоит. Абиблиатә ҵабыргқәа рганахьала еиҭарҿыцу еилкаарак анҳаҳалак, уи иаразнак ҳҽақәҳаршәар бзиоуп. Убасҟан ауп Иегова ҳанымҩақәиҵало, гәыкала имаҵ аурагьы анҳалшо.

ПАВЕЛ ШӘИҾЫԤШЛА — ЦӘАҨА ҾЫЦЛА ШӘҼЕИЛАШӘҲӘАЛА

10. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова дҳаргәырӷьаларц азы? (Колоссаа 3:8—10).

10 Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы, апостол Павел ишиҩуаз еиԥш, ажәытә цәаҩа ҳшәыхны, цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәар ауп. (Шәаԥхьа Колоссаа 3:8—10.) Уи азы ирацәаны аамҭеи амчи аҭаххар ауеит. Ҳазхәыцып Павел ихаҭа иҿырԥшы. Иара еснагь, зынӡа данқәыԥшызгьы, Анцәа иразра имазар иҭахын (Гал. 1:14; Флп. 3:4, 5). Аха Павел изеилкааӡомызт Иегова ииашаны ишимҵахырхәалатәу. Иара ақьырсиантә ҵарақәа издырӡомызт, насгьы цәгьала дԥагьан. Убри аҟынтә иусқәа Анцәа ддыргәырӷьаӡомызт (1 Тим. 1:13).

11. Иарбан ҟазшьоу Павел аус здиулоз?

11 Павел дқьырсианхаанӡа ирласны иԥсахы еибакуан. Ашәҟәы Аусқәа рҿы иануп иара Иисус иҵаҩцәа ицәымӷын, рықәгарагьы дашьҭан ҳәа (Аус. 9:1). Павел данқьырсианха иҟазшьа иԥсахырц азы, ҳәарада, ирацәаны ихы аус адиулон (Еф. 4:22, 31). Ус шакәызгьы, Варнавеи иареи аилибамкаара анрыбжьала игәыԥжәара изнымкылаӡеит (Аус. 15:37—39). Павел Анцәа ишиҭахыз еиԥш ихы изымҩаԥымгаӡеит, аха игәы каимыжьӡеит. Иара Иегова игәы дақәшәаларц азы анаҩсгьы ихы аус адиулон (1 Кор. 9:27).

12. Ицхраауази Павел анаҩсгьы ихы аус адулара?

12 Павел цәаҩа ҿыцла аҽеилаҳәара илшеит, избанзар ахынраалара илан (Флп. 4:13). Пиотр иеиԥш иаргьы «Анцәа имч дақәгәыӷ[уан]» (1 Пиотр 4:11). Ус шакәызгьы, зны-зынла Павел агхақәа ихьуан уи игәгьы канажьуан. Ус анихьуаз жәҩантәи Иаб шаҟа абзиарақәа изыҟаиҵахьаз игәалаиршәон, уи анаҩсгьы ихы аус адулара ицхраауан (Рим. 7:21—25).

13. Ишԥаҳалшо Павел ҳаиҿыԥшлар?

13 Ишԥаҳалшо Павел ҳаиҿыԥшлар? Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, анаҩсгьы ҳхы аус адаҳулалароуп. Ҳәарада, акы анҳзалымҵуагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ҳгәы ԥжәаны ак ҳҳәар ҳалшоит. Аха уи иахҟьаны акгьы ҳалҵӡом ҳәа ҳамхәыцлароуп. Уи аҭыԥан анаҩсгьы цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп (Рим. 12:1, 2; Еф. 4:24). Убри аамҭазы иаҳхаҳмыршҭшагьы ак ыҟоуп. Амаҭәа ауаҩы инаалартә еиԥш ицәа иақәшәо ирӡахуеит. Аха цәаҩа ҿыцла аҽеилаҳәара атәы ҳҳәозар, аҭагылазаашьа зынӡа даҽакалоуп ишыҟоу. Уи ҳцәа иақәшәарц азы ҳара ҳауп зҽызыԥсахша. Уи иагьиашоуп, избанзар ҳара Анцәа иԥҟарақәа ҳрықәшәалар ҳҭахуп.

ДАВИД ШӘИҾЫԤШЛА — ИЕГОВА ШӘИХЬЧАЛАРТӘ АЛШАРА ИШӘҬАЛА

14, 15. Ишԥаихьчо Иегова ижәлар? (Аԥсалом 27:5). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Аԥсҭазаараҿы агәырӷьара ҳамазарц азы ибзианы доуҳала акрыфареи цәаҩа ҿыцла аҽеилаҳәареи мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа иҳаиҭо адоуҳатә ҽыҵәахырҭаҿгьы ҳаҟазароуп. Ҳашԥаихьчо Иегова, насгьы ишԥеилаҳкаари иҽыҵәахырҭаҿы ҳаҟоу-ҳаҟаму?

15 Аҳ Давид агәра ганы дыҟан арыцҳара амш аан Иегова дшихьчо. (Шәаԥхьа Аԥсалом 27:5.) Ҳашԥаихьчо Иегова ҳара? Иара ҳхаҵара иаԥырхагахар алшо зегь рҟынтә ҳихьчоит. Анцәа ҳақәиргәыӷуеит цәгьарак ҳзырурц азы иҟарҵо иарбан бџьарзаалакгьы ақәҿиара шамоуа (Аԥсал. 34:7; Ис. 54:17). Аҩсҭаа идгылои иареи амч рымоуп, аха Иегова урҭ раасҭа дыӷәӷәоуп. Урҭ ҳаршьыргьы, Иегова ауаа рыԥсы анҭеиҵало ҳаргьы ҳаԥсы ҭеиҵоит (1 Кор. 15:55—57; Аат. 21:3, 4). Урҭ аӷацәа рыдагьы аҩныҵҟатәи аӷацәагьы ҳамоуп — ҳхатә гәырҩақәа. Ҳгәы каҳаны имаҵ аура ҳаҟәымҵырц азы Иегова урҭ рыхгара дҳацхраауеит (Ажәам. 12:25; Матф. 6:27—29). Жәҩантәи Ҳаб адоуҳатә ҭаацәара ҳаиҭеит. Уи аҭаацәараҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа цәгьақәа раан иҳацхраауеит. Иара убас аҵара ҳзырҵо ҳхаҵара арӷәӷәара иҳацхраауа аизара ахылаԥшыҩцәагьы ҳаиҭеит (Ис. 32:1, 2). Уи адагьы, ҳара аизарақәа ҳамоуп. Урҭ рҿы Иегова иҵегьы ҳшихьчо еилаҳкаауеит (Аур. 10:24, 25).

Аиаҳәшьа аизараҿы дыҟоуп. Убас лара иаалырԥшуеит Иегова ицхыраара ада ԥсыхәа шлымам. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)


16. Дышԥаихьчоз Иегова Давид?

16 Давид Иегова данизыӡырҩуаз, Иегова уи дихьчон. Анцәа уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара дицхраауан. Уи Давид ауадаҩрақәа рҟынтә дахьчон. (Иаҿшәырԥш Ажәамаанақәа 5:1, 2.) Аха иара Анцәа инормақәа анеилеигоз, Иегова уи иаанагоз алҵшәақәа дырцәихьчаӡомызт (2 Сам. 12:9, 10). Аха Давид иԥсҭазаараҿы ихараӡамкәа ауадаҩрақәа данрықәшәозгьы ыҟан. Усҟан Давид игәы аартны зегьы Иегова изеиҭеиҳәон. Анцәа Давид игәы шьҭихуан, бзиа дшибогьы, еснагь дышицхраалогьы агәра ииргон (Аԥсал. 23:1—6).

17. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Давид?

17 Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Давид? Уск ҳаӡбаанӡа Иегова игәаанагара еилаҳкаар бзиоуп. Уи адагьы, иаҳхаҳмыршҭлароуп зны-зынла ауадаҩрақәа ҳазрықәшәо Иегова ҳахьимыхьчо азы акәымкәа, ииашам ӡбарак ахьҳадаҳкылаз азы шакәу (Гал. 6:7, 8). Аха Анцәа ҳаизыӡырҩуазаргьы, ауадаҩрақәа ҳрықәшәалар алшоит. Усҟан Иегова ҳзықәшәаз ауадаҩра изеиҭаҳҳәароуп, ацхырааразгьы ҳиҳәароуп. Иара ҳгәы шьҭихуеит, бзиа ҳшибогьы агәра ҳиргоит (Флп. 4:6, 7).

ИЕГОВЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИҨЫЗАРА АРӶӘӶӘАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

18. Иаҳԥырхагахар алшои Анцәа ида ԥсыхәа шҳамам аилкаара, насгьы иҟаҵатәузеи ус ҳмыхьырц азы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

18 2026-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала абас аҳәоит: «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа». Иахьатәи аамҭазы арҭ ажәақәа даара ихәарҭоуп. Избан? Избанзар аӡәырҩы ауаа Анцәа ида ԥсыхәа шрымам рзеилкааӡом. Даҽа шьоукы Анцәа дхарҵоит, аха дара ишырзыманшәалоу еиԥш ауп имаҵ шыруа. Иҟоуп афилософиа зхы азызышьҭуагьы. Аха уи анасыԥҵәҟьа рнаҭаӡом. Иҟаҳҵар ҳалшои, урҭ ргәаанагара анырра ҳанамҭарц азы? Иегова иҳаиҭо адоуҳатә фатә ҳадаҳкылалароуп, цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәалароуп, насгьы Анцәа иҿы аҽыҵәахырҭа ҳашьҭазароуп.

Ҳара ибзианы доуҳала акраҳфалароуп, цәаҩа ҿыцла ҳҽеилаҳҳәалароуп, насгьы Иегова иҿы ацхыраара ҳашьҭазароуп (Шәахәаԥш абзац 18.) a

АШӘА 162 Анцәа сизааигәахалоит

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Уи аиаҳәшьа «Ахьчаратә бааш» ҭылҵаауеит, убасала доуҳала акрылфоит, ауаа абзиара рзыҟалҵоит, убасала цәаҩа ҿыцла лҽеилалҳәоит, насгьы абзиабара аазырԥшуа аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраара гәыкала илыдылкылоит.