МАРТ 30 — АПРЕЛЬ 5, 2026
АШӘА 76 Цәаныррас иумоузеи?
Ауаа хаала, насгьы ианаамҭоу аҵабырг рзеиҭашәҳәала
Иегова аҵабырг Анцәа иоуп (АԤСАЛ. 31:5).
ЕИЛАҲКААУА
Аиаша аҳәареи абиблиатә ҵабырг ауаа ахәарҭа рзаанагартә еиԥш рзеиҭаҳәареи иҳацхраауа.
1. Иҟаҵалатәузеи, Иегова иҭаацәараҿы хаҟазарц азы?
ИАШЬАК ма иаҳәшьак ҳанрабадыруа, лассы-лассы абас ҳҵаауеит: «Ишԥеилукааи аҵабырг?» Аӡәы иҳәоит: «Сара схәыҷаахыс аҵабырг здыруеит». Даҽаӡәы аҵабырг ааигәоуп ианеилыскаа иҳәоит. Избан ҳара ҳзы Анцәа Иажәа иану аҵабырг абас изхадоу? Избанзар ҳара еилаҳкаауеит аҵабырг бзиа ианаҳбо, насгьы уи инақәыршәаны ҳанынхо шакәу Иегова иҭаацәара ҳахәҭакны ҳаныҟало. Уи ҳаԥсҭазаара зегь ианыруеит. Убри аҟынтә иаҳҳәогьы иҟаҳҵогьы амц аҵаӡам (Аԥсал. 15:1—3).
2. а) Дышԥардыруаз Иисус? б) Ишԥақәҿырҭуеи ауаа Иисус иҵаҩцәа идирҵоз аҵабырг?
2 Иисус аиаша зҳәо иеиԥш дырдыруан. Зны-зынла ауаа ииҳәоз шыргәамԥхозгьы, еснагь аиаша иҳәон. Уи иаӷацәагьы ирдыруан (Матф. 22:16). Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит ауаа идирҵоз аҵабырг ишақәҿырҭло. Иара иҳәеит: «Сара сааит аби аԥеи, ани аԥҳаи, анхәеи аҭацеи еилысхырц азы» (Матф. 10:35). Ҳәарада, Иисус иҭахын ауаа Аҳра иазку ажәабжь ибзианы ирыдыркылаларц. Аха ус ишыҟамлоз идыруан (Матф. 23:37). Иисус еиликаауан Абиблиа иану аҵабырг згәаԥхои изгәамԥхои шыҟалоз (2 Фес. 2:9—11).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшны еснагь аиаша ҳҳәалар ҳҭахуп, уи аӡәы игәамԥхозаргьы. Иара убас ҳара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит, насгьы Абиблиа иану аҵабырг дҳарҵоит, шьоукы иаҳҳәо шыргәамԥхогьы. Аха иаанагома уи аҵабырг ауаа ианырзеиҭаҳәалатәуи уи шыҟаҵалатәуи ҳазымхәыцлароуп ҳәа? Ҳәарада мап. Ари астатиаҿы раԥхьа абри аҩыза азҵаара еилҳаргоит: иҳаԥшаар абаҳалшо аҵабырг? Анаҩс ҳалацәажәоит аҵабырг ауаа изырзеиҭаҳәалатәу, ишырзеиҭаҳәалатәу, насгьы ианырзеиҭаҳәалатәу. Уи ҳацхраауеит ауаа ажәабжь бзиа хаала рзеиҭаҳәара, насгьы уи ианаамҭоу аҟаҵара.
ИҲАԤШААР АБАҲАЛШО АҴАБЫРГ?
4. Избан Иегова аҵабырг дахыҵхырҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
4 Иегова — аҵабырг дахыҵхырҭоуп. Иаанагозеи уи? Иара ииҳәо зегьы, ацәгьеи абзиеи закәу аганахь ала ииҳәогьы уахь иналаҵаны, иашоуп (Аԥсал. 19:9; 119:142, 151). Аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны ииҳәо хымԥада инаӡоит (Ис. 55:10, 11). Иегова ииҳәаз еснагь инаигӡоит (Ахыԥхь. 23:19). Иара амц изҳәаӡом! (Аур. 6:18). Иџьашьатәӡам Абиблиа аҿы Иегова «аҵабырг Анцәа» ҳәа ахьизҳәоу (Аԥсал. 31:5).
5. Избан Анцәа иԥшаара зыцәгьам? Иҳаилшәыркаа (Аусқәа 17:27).
5 Аӡәырҩы Анцәа дыҟаӡам ҳәа рҳәоит. Дыҟазаргьы, иӡбахә аилкаара цәгьоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Аха уи мцуп. Иааҳакәыршаны иҟоу зегьы Анцәа дшыҟоу шьақәнарӷәӷәоит (Рим. 1:20). Иаҳгәалаҳаршәап апостол Павел Афина инхоз аҵара змаз ауаа данрацәажәоз иреиҳәаз. Иара иҳәеит Анцәа дшаҳцәыхарам, дҳаԥшаарцгьы шиҭаху. (Шәаԥхьа Аусқәа 17:27.) Ааи, Иегова аҵабырг иашьҭоу, ахынраалара злоу ауаа иара иахь иааиԥхьоит (Иоанн 6:44).
6. Иаҳзеиҭашәҳәа библиатә ҵабыргқәак. Избан урҭ рыхә ҳаракны изышәшьо.
6 Иегова дҳаԥшаарц азы Абиблиа ҳҵалароуп. Ауаа уи ашәҟәы Анцәа иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала ирҩит (2 Пиотр 1:20, 21). Убри аҟынтә уа иану зегь ҵабыргуп, агәра ҳгаларгьы ҳалшоит. Иаҳҳәап, Абиблиа аҿы иануп Адунеи шшаз, насгьы Адгьыл аҿы аԥсҭазаара шыҟалаз (Алаг. 1:1, 26). Уа иануп ҳара зегьы агәнаҳа ҳзаҵоу, насгьы агәаҟрақәеи аԥсреи зыҟоу (Рим. 5:12; 6:23). Абиблиа агәра ҳнаргоит Иегова Иԥа ила амц абыс иамоу Аҩсҭаа ауаатәыҩса ирзааигаз аԥхасҭа шықәиго (Иоанн 8:44; Рим. 16:20). Иара убас уа иануп Иисус ауаа цәгьақәа шықәиго, иԥсыз рыԥсы шҭеиҵо, адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо, насгьы анаӡарахь ҳашнеиго (Иоанн 11:25, 26; 1 Иоанн 3:8). Ари зегьы агәра ҳгалар ҳалшоит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи аҵабырг ахьаҳдыруа, насгьы ауаа уи рзеиҭаҳҳәалар ахьҳалшо! (Матф. 28:19, 20).
ИЗБАН АҴАБЫРГ АУАА ИЗЫРЗЕИҬАҲҲӘО?
7, 8. Избан ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара ҳгәазҭазҵо акырзаҵанакуа? (Марк 3:11, 12). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
7 Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Иегова иҭаацәара ҳахәҭакзарц ҳҭахызар, аиаша ҳҳәалароуп. Аха Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы уи мацара азхаӡом. Иегова изы уи зыҟаҳҵо акраҵанакуеит. Ҳалацәажәап Иисус адгьыл аҿы даныҟаз дзықәшәаз хҭыск. (Шәаԥхьа Марк 3:11, 12.) Иара Галилеиатәи амшын азааигәара ажәабжь аниҳәоз, ауаа рацәа идеизалеит. Урҭ рыбжьара иҟан адемонцәа зхаԥаны иҟаз ауаа. Дара Иисус иҿаԥхьа рыҽкажьны иҳәҳәон: «Уара Анцәа Иԥа уоуп!» Адемонцәа ирҳәоз иашан. Аха уи зырҳәоз рыбжьы заҳауаз ауаа рыгәра агара иалагарц азы, нас, уи рхы иархәаны, Иегова иҟәыргарц азоуп. Иисус уи идыруан, убри аҟынтә адемонцәа иӡбахә рҳәалар имуӡеит.
8 Иаҳнарҵозеи уи? Иегова изы акраҵанакуеит аиаша заҳҳәо, насгьы ауаа аҵабырг зырзеиҭаҳҳәо. Ауаа аҵабырг зыдҳарҵо Иегова бзиа дахьаҳбо азы акәзароуп. Убри аҟынтә иаҳҳәо ажәабжь азы аӡәы ҳирҽхәозар, ҳхы акәымкәа, Анцәа дҳарҽхәалароуп (Матф. 5:16; иаҿшәырԥш Аусқәа 14:12—15).
Ауаҩы Абиблиа анишәырҵо захь дхьашәырԥшуда — Иегова иахь акәу, шәхахьы акәу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
9. Иҟаҳамҵалар ҳахәҭоузеи ҳара, насгьы избан?
9 Ҳхаҿы иааҳгап ҳхы аӡыргара шиашам узырбо даҽа ҭагылазаашьак. Аҭакԥхықәра зду аиашьа имаӡоу информациак ҳаиҳәеит. Ҳара уи инаганы ҳҩызцәа ирзеиҭаҳҳәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иаҳҳәаз шиашоу еилкаахар, аӡәы игәы иаанагар алшоит ҳара егьырҭ раасҭа еиҳаны ҳдыруеит ҳәа. Ҳәарада, уи егьырҭ рҿаԥхьа ҳҳаранакыр ауеит. Аха иҟаҳҵаз Иегова зынӡа даргәырӷьаӡом (Ажәам. 11:13). Избан? Ҳара аиаша ҳамҳәеи?! Ааи, иаҳҳәаз иашан, аха уи ҳхы ӡыраҳгарц азоуп изаҳҳәаз. Уи адагьы, имаӡаз уи аинформациа аӡәы иаҳәара азин ҳамаӡамызт.
ИШԤАРЗЕИҬАҲӘАЛАТӘУ АУАА АҴАБЫРГ?
10. Иаанагозеи «шәажәақәа еснагь ихааз» ҳәа Колосаа 4:6 аҿы иану ажәақәа?
10 Шәаԥхьа Колоссаа 4:6. Апостол Павел Колосс инхоз ақьырсианцәа иреиҳәеит ражәақәа еснагь ихаазар шахәҭаз. Аоригинал бызшәаҿы ара иану ажәақәа иудырбоит иаҳҳәо еснагь аԥхарра аҵазар шакәу, насгьы иаҳзыӡырҩуа ахәарҭа рзаанагалар шахәҭоу.
11, 12. Избан ауаа аҵабырг анырзеиҭаҳҳәо, уи шыҟаҳҵо ҳазхәыцлар зыбзиоу? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
11 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Павел илабжьара? Ҳажәақәа еснагь — ажәабжь анаҳҳәогьы — ихаазароуп. Павел Анцәа Иажәа иану аҵабырг ауаҩы ҩныҵҟалеи адәахьалеи дзеиԥшроу аазырԥшуа ицҳафыруа аҳәа иаҿирԥшуеит. Даҽакала иуҳәозар, Абиблиа ауаҩы имотивқәеи ицәаныррақәеи зеиԥшраҵәҟьоу аанарԥшыр ауеит (Аур. 4:12). Аха уи иашамкәа ҳхы иаҳархәалар, иҳазгәамҭаӡакәа ауаҩы длаҳарҟәыр ауеит, ажәа имакра аҟынӡагьы ҳнанагар алшоит.
12 Шәхаҿы иаажәг ажәабжьҳәараҿы гәыкала Анцәа дхазҵо ауаҩы дышәԥылазшәа. Иара ишәеиҳәоит аиконақәа шимоу, насгьы иҭаацәеи иареи Қьырсаныҳәеи Мшаԥныҳәеи азгәаҭара бзиа ишырбо. Ҳәарада, шәара ишәылшоит Абиблиа ала ишәырбар ԥсы зхам асахьақәа рымҵахырхәара шаҟа ихшыҩдароу, насгьы Қьырсаныҳәеи Мшаԥныҳәеи хыҵхырҭас ирымоу (Ис. 44:14—20; 2 Кор. 6:14—17). Аха иҟалозеи, уи раԥхьатәи шәеиқәшәараан иҟашәҵар? Ишәҳәо шиашахогьы, Анцәа Иажәа ҟазарыла шәхы иашәырхәоит ҳәа узҳәаӡом.
Ишәыцхраауазеи ауаа ҟазарыла аҵабырг дырҵара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.) a
13. Ишԥеилкаатәу ҳажәақәа «аџьыкахыш рымаз[ароуп]» ҳәа иҳәоу ажәақәа?
13 Иара убас Павел иҩуан ҳажәақәа «аџьыкахыш рымаз[ароуп]» ҳәа. Иара ииҳәарц ииҭахыз аӡәы дҳаргәаар ҳәа ҳшәаны аҵабырг ҳаԥсахлароуп ма иаҳҵәахлароуп ҳәа акәӡам. Ииҳәарц ииҭахыз, аџьыкахыш афатә шархаауа еиԥш, ауаа аҵабырг «агьама» ргәаԥхартәеиԥш ишырзеиҭаҳәалатәу акәын (Иов 12:11). Аха уи мариамхар ауеит. Афатә атәы ҳҳәозар, ҳара иаҳгәаԥхо даҽаӡәгьы игәаԥхоит ҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳзышьцылахьоу ацәажәашьа егьырҭгьы иргәаԥхоит ҳәа ҳгәы иаанагалар алшоит. Аха уи ус акәымзар ауеит. Иаҳҳәап, культурақәак рҿы ауаа ргәаанагара аартны ирҳәоит, изацәажәо дара раасҭа деиҳабызаргьы. Даҽа культурақәак рҿы ус ҟауҵар, уи ауаҩы ипату ланарҟәыр алшоит. Павел иҳәеит дасу аҭак шиаҳҭаша ҳдыруазар шҳахәҭоу. Убри аҟынтә ҳкультураҿы ишаԥу еиԥш ма ҳара ишҳазгьамоу еиԥш акәымкәа, ҳзацәажәо ауаҩы ишизгьамоу еиԥш ҳажәақәа «аџьыкахыш раҳҭалароуп».
ИАНБАРЗЕИҬАҲӘАЛАТӘУ АУАА АҴАБЫРГ?
14. Ирзеиҭеиҳәозма Иисус иҵаҩцәа иааидыруаз зегьы зныкала? Иҳаилшәыркаа.
14 Иисус иҵаҩцәа хаала драцәажәон, идирҵозгьы рацәан (Марк 6:34). Аха иара иааидыруаз зегьы зныкала ирзеиҭасҳәоит ҳәа далагаӡомызт. Иисус ибон урҭ рылшарақәа ҳәаа шрымаз, насгьы макьана ҵабыргқәак шырзеилымкаауаз (Иоанн 16:12). Иаҳнарҵозеи уи ҳара?
15. Изеиҭаҳҳәар аума ауаҩы иаҳдыруа зегьы, Абиблиа ирҵара ҳшалагаз еиԥшҵәҟьа? Иҳаилшәыркаа (Ажәамаанақәа 25:11). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Иисус иҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, ауаа аҵабырг анырзеиҭаҳҳәо иааҳдыруа зегьы ҳамҳәалароп. Иисус ауаа дрызхәыцуан, ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. Даҳгәалаҳаршәап Қьырсаныҳәеи Мшаԥныҳәеи азгәазҭо ауаҩы. Ҳара иаҳдыруеит урҭ аныҳәақәа ақьырсианра ишатәым, Анцәагьы урҭ шигәамԥхо. Аха шәхаҿы иаажәг Қьырсаныҳәа ааиаанӡа мчыбжьқәак шагу ауаҩы Абиблиа ирҵара шәалагазшәа. Иашахома Абиблиаҿы убас еиԥш иҟоу аныҳәақәа ирызкны иану иаразнак изеиҭаҳәареи иара урҭ разгәаҭара даҟәыҵуеит ҳәа ахәыцреи? Ҳәарада, Абиблиа зҵо шьоукы Абиблиа аҟынтә еилыркаауа иаразнак рхы иадырхәоит. Аха егьырҭ рхәыцшьа рыԥсахырц, насгьы рышьцыларақәа аанрыжьырц азы еиҳаны аамҭа рҭахуп. Ҳара Абиблиа зҳарҵо ауаа доуҳала аизҳара ҳрыцхраарц азы абиблиатә ҵабыргқәа рыӡбахә ианаамҭоу — даҽакала иуҳәозар, урҭ реилкаара ианазхиазаауа — ирзеиҭаҳҳәалароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 25:11.)
Ауаҩы иашәҳәаша, уи аниашәҳәаша, насгьы шаҟа иашәҳәаша анышәыӡбо, Иисус шәиҿыԥшла (Шәахәаԥш абзац 15.)
16. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо «аҵабырг [ацныҟәара]» ҳрыцхраалар?
16 Ҳара ауаа Иегова изку аҵабырг дырҵара ҳгәаԥхоит. Уи акы иузаҿмырԥшуа агәырӷьара ҳзаанагоит. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо «аҵабырг [ацныҟәара]» ҳрыцхраалар? Ҳазлацәажәаз алабжьарақәа шәхы иашәырхәала. Аҿырԥш бзиа дшәырбала (3 Иоанн 3, 4). Анцәа Иажәа иану ақәыргәыӷрақәа рыгәра шыжәго шәыԥсҭазаара ианыԥшлааит. Аҵабырг аӡбахә аиҭаҳәара шәгәазҭазҵо абзиабара акәзааит. Хаала ауаа аҵабырг дшәырҵала, насгьы уи азы ианаало аамҭа алышәхла. Шәандырҽхәо, шәыхьӡ акәымкәа, Анцәа ихьӡ ҭыжәгала. Убас иаашәырԥшуеит аҵабырг Анцәа Иегова имаҵ шыжәуа.
АШӘА 160 Агәырӷьа жәабжь!
a АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Актәи асахьаҿы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь зҳәо аиашьа ахаҵа диацәажәоит. Аиашьа иаарту аҩнашә аҟынтә ирԥшӡаны игылоу аԥса ибан, ахаҵа Қьырсаныҳәа хыҵхырҭас иамоу ахьану астатиа иирбоит. Аҩбатәи асахьаҿы аиашьа аб бзианы аҟазаара иуцхраауа алабжьарақәа ахьану астатиа иирбоит. Иарбан знеишьоу еиҳа алҵшәа аазго?

