2 Аҳцәа 11:1—21
11 Охо́зиа иан Ата́лиа лыҷкәын дшыԥсыз анлаҳа, аҳраҭыԥ аҿы итәараны иҟаз зегь лшьит.
2 Аха аҳ Иора́м иԥҳа, Охо́зиа иаҳәшьа Иехоше́ва, аҳ иԥацәа ршьраны ианыҟаз Охо́зиа иԥа Иоа́с аӡәгьы ианимбоз даашьҭылхын, агәыԥҳәыхш иҿазҵози иареи луадаҿы илҵәахит. Ата́лиа Иоа́с дылзымԥшааӡеит азы аԥсра дацәцеит.
3 Иара Иегова иҩнаҿы фышықәса дҵәахны дрыман. Уи аамҭазы атәыла Ата́лиа дахагылан.
4 Абыжьбатәи ашықәсазы Иода́и Иегова иҩнаҿы шәҩы-шәҩыла аҳ ихьчаҩцәа* ирхагылази аҳҭынра зыхьчоз ирхагылази еизигеит. Иареи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵан, Иегова иҩнаҿы ажәа рымихит, нас аҳ иԥа дыдирбеит.
5 Иара абас рыдиҵеит: «Абас ҟашәҵа: х-гәыԥкны шәҽеиҩышәша. Гәыԥк асабшаҽны рмаҵзура нагӡо, аҳҭынра рыхьчалароуп,
6 аҩбатәи агәыԥ — Ашьаҭа агәашә аҿы иҟалоит, ахԥатәи агәыԥ — аҳҭынра ахьчаҩцәа рышьҭахь иҟоу агәашә аҿы иҟалоит. Аҩны шәҽыԥсахуа ишәыхьчала.
7 Асабшаҽны амаҵ зымуа ҩ-гәыԥк Иегова иҩны иахылаԥшлааит, аҳгьы дрыхьчалааит.
8 Абџьар кны, аҳ шәикәшаны шәгылаз, шәыбжьара дыбжьысны аӡә дцарц далагар, дышәшьы. Аҳ дахьцалакгьы шәицыз».
9 Шәҩы-шәҩыла аҳ ихьчаҩцәа ирхагылаз аԥшьаҩы Иода́и ииҳәаз зегь ҟарҵеит. Дара рыуаажәлар аашьҭырхын — асабшаҽны амаҵ зуази уи аҽны амаҵ зымуази — аԥшьаҩы Иода́и иахь иааит.
10 Аԥшьаҩы шәҩы-шәҩыла аҳ ихьчаҩцәа ирхагылаз Иегова иҩнаҿы иҟаз аҳ Давид иԥсақәеи иԥырак гьежьқәеи рзишеит.
11 Аҳҭынра зыхьчоз абџьар кны аҩны арыӷьарахьтәи аган инаркны арымарахьтәи аган аҟынӡа игылеит, акәырбаннагарҭа азааигәареи аҩны азааигәареи, аҳ арахьынтәигьы-анахьынтәигьы дрыхьчаларц азы.
12 Нас Иода́и аҳ иԥа ддәылиган, агәыргьын* ихаиргылеит, азакәангьы* ақәиҵеит. Ахәша ихьшьны аҳас дшыҟарҵаз анрыларҳәа, ажәлар рнапы еинҟьо ҿаарҭит: «Нагӡара иқәзааит аҳ!»
13 Ата́лиа иҩны ицоз ауаа рышьҭыбжь анлаҳа, ажәлар ахьеизаз Иегова иҩнахьы дцеит.
14 Уа лара илбеит агәашьа ааигәара аҵас инақәыршәаны аҳ дышгылаз, иааигәара ишгылаз аиҳабацәеи абыкьасыҩцәеи, ауаа зегь шгәырӷьоз, абыкь ишасуаз. Усҟан Ата́лиа лымаҭәа лышәхаԥылжәан: «Сырҭиит! Сырҭиит!» — ҳәа дыҳәҳәеит.
15 Аԥшьаҩы Иода́и шәҩы-шәҩыла аруаа ирхагылаз ус рыдиҵеит: «Аруаа дрылыжәга, илышьҭало аҳәала дышәшьы!» (Уи аԥхьа иара иҳәахьан Иегова иҩнаҿы дрымшьырц.)
16 Даргьы дыркын, аҽқәа аҳ иҩны иахьадгылоз аҭыԥ ахь днаганы дыршьит.
17 Нас Иода́и Иеговеи, аҳи, ажәлари рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит, анаҩсгьы Иегова ижәлар ракәны иаанхаларц азы. Иара аҳи ажәлари рыбжьарагьы аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит.
18 Уи ашьҭахь ауаа зегьы Ваа́л иҩнахьы ицан, икәырбаннагарҭақәа дырбгеит, иидолқәа ԥырҽит, акәырбаннагарҭа аԥхьа Ваа́л иԥшьаҩы Матта́н дыршьит.
Нас аԥшьаҩы Иода́и Иегова иҩны иахылаԥшларц азы ауаа алихит.
19 Уи ашьҭахь иара шәҩы-шәҩыла аҳ ихьчаҩцәа ирхагылази, аҳ ихьчаҩцәеи, аҳҭынра ахьчаҩцәеи, ажәлар зегьи иманы, аҳ Иегова иҩны ддәылигеит. Дара Иоа́с аҳҭынра ахьчаҩцәа ргәашә ала аҳ иҩнахьы днаргеит. Уа иара аҳ итәарҭаҿы дтәеит.
20 Ата́лиа аҳ иҩны азааигәара аҳәала даныршь ашьҭахь, ақалақь аҿы ҭынчрахеит, ауаа зегьы гәырӷьон.
21 Иоа́с аҳас дҟалеит быжь-шықәса анихыҵуаз.

