Даниил 3:1—30
-
Аҳ Навуходоносор ахьы иалхны иҟаиҵаз абаҟа (1—7)
-
Зегьы абаҟа иамҵахырхәароуп (4—6)
-
-
Хҩык ауриацәа аҳ иҳәатәы иахьахыԥаз азы ахара рыдырҵоит (8—18)
-
Ҳара унцәақәа рымаҵ ҳаулаӡом (18)
-
-
Амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка иҭарыжьуеит (19—23)
-
Анцәа урҭ џьашьахәыла амца иацәихьчоит (24—27)
-
Аҳ ауриацәа Рынцәа дҳареикуеит (28—30)
3 Аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны абаҟа* ҟаиҵеит. Уи аура 60 мышьхәылҵ* иҟан, аҭбаара — 6 мышьхәылҵк*. Иара уи вавилонтәи апровинциаҿы Деи́р акаршәраҿы иргылеит.
2 Анаҩс аҳ Навуходоно́сор иргылаз абаҟа аартра аныҳәа азгәаҭаразы асатрапцәеи*, урҭ рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, абжьгаҩцәеи, аԥараҵәахырҭақәа реиҳабацәеи, аӡбаҩцәеи, апровинциақәа рҿы ауаа русқәа зыӡбози, апровинциақәа ирхагылаз зегьи еизыргарц адҵа ҟаиҵеит.
3 Асатрапцәеи, асатрапцәа рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, абжьгаҩцәеи, аԥараҵәахырҭақәа реиҳабацәеи, аӡбаҩцәеи, апровинциақәа рҿы ауаа русқәа зыӡбози, апровинциақәа ирхагылаз зегьи аҳ Навуходоно́сор иргылаз абаҟа аартра аныҳәа азгәаҭаразы еизан, абаҟа аҿаԥхьа игылеит.
4 Усҟан аҳ ицҳаражәҳәаҩ еизаз зегьы ибжьы рдуны ирылеиҳәеит: «Шәара, милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа, абри аҩыза адҵа шәыҭоуп:
5 абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы аншәаҳалак, аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны иргылаз абаҟа шәшьамхышгыланы шәеихырхәароуп.
6 Ишьамхышгыланы иамеихырхәаз, иаразнак амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка дҭарыжьуеит».
7 Убри аҟынтә милаҭла еиԥшымыз, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз ауаа абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы анраҳа, ишьамхышгылан, аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны иргылаз абаҟа иеихырхәеит.
8 Усҟан халде́иаа рҟынтә шьоукы аҳ иахь инеин, ауриацәа ахара рыдырҵо* иалагеит.
9 Дара аҳ Навуходоно́сор ус иарҳәеит: «Ҳаҳ, наӡаӡа унхалааит!
10 Аҳ, уара иуҳәеит абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы заҳаз дарбанзаалак дшьамхышгыланы ахьтәы баҟа деихырхәароуп ҳәа,
11 дамеихырхәар, амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка дҭарыжьроуп ҳәа.
12 Аха вавилонтәи апровинциа иахаургылаз ауриацәа — Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои — уҳәатәы хьаас ирымаӡам, аҳ. Дара унцәақәа рымаҵ руӡом, ахьы иалхны иургылаз абаҟагьы иеихырхәаӡом».
13 Навуходоно́сор дааицрашәан, Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ааргарц адҵа ҟаиҵеит. Даргьы аҳ иахь иааргеит.
14 Навуходоно́сор урҭ ус реиҳәеит: «Шадра́х, Меша́х, Аведне́го, шәара сынцәақәа рымаҵ жәуӡом, ахьы иалхны исыргылаз абаҟагьы шәеихырхәаӡом ҳәа ирҳәо иашоума?
15 Уажәшьҭа шәысзыӡырҩы: абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы аншәаҳалак, шәшьамхышгыланы исыргылаз абаҟа шәеихырхәар, ибзиоуп, шәамеихырхәар, иаразнак амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка шәҭарыжьуеит. Усҟан сара сҟынтә шәзыхьчо дарбан нцәоу сымбари!»
16 Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои аҳ ус иарҳәеит: «О, Навуходоно́сор, иуаҳҳәо ҳәа акгьы ыҟам.
17 Амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка ҳҭарыжьыргьы, зымаҵ ҳуа Ҳанцәа ҳаиқәырхара илшоит, уаргьы ҳауцәихьчоит, аҳ.
18 Аха ҳаиқәимырхаргьы, иудыруаз, аҳ, ҳара унцәақәа рымаҵ шаҳмуло, иургылаз ахьтәы баҟагьы ҳшамеихырхәало».
19 Убасҟан Навуходоно́сор Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои игәы рзыԥжәан, ихы-иҿы ааиԥсахит*. Иара аԥечка абжьааԥны аасҭа бжьынтә еиҳаны амца ҭарҵарц реиҳәеит.
20 Нас аруаа ирыдиҵеит Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ҿаҳәаны амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка иҭарыжьырц.
21 Усҟан урҭ ҿаҳәаны, рымаҭәақәа шыршәыз, рхылԥақәа шырхаз амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка иҭарыжьит.
22 Аҳ идҵа даараӡа иџьбаран азы аԥечка убриаҟара иӷәӷәаны амца ҭарҵеит, Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои уахь иҭазыжьуаз амцабз иаблын иԥсит.
23 Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ракәзар, рыхҩыкгьы амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка иҭаҳаит.
24 Усҟан аҳ Навуходоно́сор дшәаны дҩаҵҟьан, иабжьгаҩцәа ус дразҵааит: «Хҩык ракәӡами иҿаҳәаны амца иалаҳажьыз?» Дара ирҳәеит: «Ус ауп, ҳаҳ».
25 Иара иҳәеит: «Сара ԥшьҩык збоит. Урҭ ҿаҳәаӡам, еибга-еизҩыда амца иалаланы инеиааиуеит, аԥшьбатәи иакәзар, анцәақәа рԥа диеиԥшуп».
26 Навуходоно́сор амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка ашә днадгылан, ҿааиҭит: «Шадра́х, Меша́х, Аведне́го, Хыхь иҟоу Анцәа Ду имаҵзуҩцәа, шәҭыҵны, арахь шәааи!» Усҟан Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои амца иалҵит.
27 Уа иҟаз асатрапцәеи, урҭ рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, аҳ иабжьгаҩцәеи ирбеит амца урҭ ԥырхага шырнамҭаз. Дара рыхцәхәыцгьы мбылӡеит, рымаҭәақәа шыҟац иҟан, абылфҩыҵәҟьагьы рхышәшәаӡомызт.
28 Навуходоно́сор ус иҳәеит: «Зегьы Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои Рынцәа дҳарарклааит! Иара амаалықь даашьҭны иқәгәыӷуаз имаҵзуҩцәа еиқәирхеит. Дара аҳ иҳәатәы иацымныҟәаӡеит, избанзар Рынцәа ида даҽа нцәак имаҵ аура, имҵахырхәара аасҭа аԥсра еиҳа еиӷьыршьеит.
29 Убри аҟынтә сара абри аҩыза аусԥҟа аԥысҵоит: Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои Рынцәа иҽеим акы изызҳәо дарбанзаалак, дызмилаҭзаалакгьы, дызлацәажәо иарбан бызшәазаалакгьы, деихырссаны дықәырҵоит, иҩнгьы ашьышьмаҭра* алырхуеит, избанзар ари Анцәа иеиԥш даҽа нцәак абас имаҵзуҩцәа реиқәырхара илшом».
30 Аҳ Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои вавилонтәи апровинциаҿы аҭыԥ дуқәа риҭеит.

