Ажәамаанақәа 3:1—35

  • Уҟәышыз, Иегова уиқәгәыӷла (1—12)

    • «Дҳаракла Иегова иумоу зыхә ҳараку ала» (9)

  • «Насыԥ имоуп аҟәыӷара зыԥшааз ауаҩы» (13—18)

  • Аҟәыӷара змоу дзыршәо ҳәа акгьы ыҟаӡам (19—26)

  • Егьырҭ ишрызныҟәалатәу (27—35)

    • «Ацхыраара зҭаху урыцхраар улшозар, урыцхраа» (27)

3  Сыҷкәын, иусырҵо* ухоумыршҭлан,Гәык-ԥсыкала сыԥҟарақәа урықәныҟәала,  2  Избанзар урҭ умшқәеи ушықәсқәеи ирыцнаҵоит,Аҭынчра урҭоит.  3  Гәыбылрала иҭәу абзиабареи азиашареи* аанумыжьын. Урҭ ухәда иахаҵа,Угәаҿы ианҵа.  4  Усҟан уара Анцәагьы ауаагьы узыразхоит,Аилкаара змоу уаҩуп ҳәа ахьӡ урҳауеит.  5  Гәык-ԥсыкала Иегова уиқәгәыӷла,Ухшыҩ уақәымгәыӷлан.  6  Узҿызаалакгьы уизхәыцла,Иаргьы амҩа иаша уқәиҵоит.  7  Уҟәышуп ҳәа угәы иаанамган, Иегова уицәшәала*, ацәгьара амԥан уқәымлалан.  8  Уи уцәеижь* ахәышәтәуеит,Убаҩқәа амч рнаҭоит.  9  Дҳаракла Иегова иумоу зыхә ҳараку ала,Иҭоугало раԥхьатәи уҽаҩрала*. 10  Усҟан уцақәа ақәцәанӡа иҭәуеит,Ужьхәарҭақәа аҩы рзымкуа ипеипеиуа иҭәызаауеит. 11  Сыҷкәын, Иегова имҩақәҵара* мап ацәумклан,Уанириашо угәы ԥымжәалан, 12  Избанзар Иегова бзиа иибо дириашоит,Аб бзиа иибо иԥа дышириашо еиԥш. 13  Насыԥ имоуп аҟәыӷара зыԥшааз ауаҩы,Насыԥ имоуп аилкаара заузгьы. 14  Аҟәыӷара урҳар еиҳа еиӷьуп, араӡны аасҭа,Уи еиҳа иухәоит, ахьы аасҭа. 15  Уи акораллқәа* раасҭа ахә ҳаракуп,Угәы ззыҳәо акы иузадкылом. 16  Иара арӷьанапаҿы анҵыра ду акуп,Арманапаҿы — амали ахьӡ-аԥшеи. 17  Уи амҩақәа угәы иахәоит,Уа аҭынчра ыҟоуп. 18  Уи — зҽаларԥсны изку рзы аԥсҭазаара узҭо ҵлоуп,Иоузмыжьуа насыԥ змоу ҳәа рзырҳәалоит. 19  Иегова аҟәыӷара ихы иархәаны адгьыл ашьаҭа шьҭеиҵеит, Ахшыҩ* ихы иархәаны ажәҩан аҭыԥ аиҭеит. 20  Идырра абзоурала иҵаулоу аӡқәа рҽеиҩыршеит,Аԥҭақәагьы ақәа ларышьҭуа иалагеит. 21  Иухоумыршҭлан урҭ*, сыҷкәын, Аҟәыӷара умырӡын, ухшыҩгьы хьчала. 22  Урҭ аԥсҭазаара урҭоит,Ухәда иахауҵо рԥшӡагас иузыҟалоит. 23  Усҟан умҩа шәарҭахаӡом,Ахаангьы ушьацәхныслаӡом. 24  Уанышьҭалалак, акгьы уацәшәалаӡом,Унеины ушьҭалоит, угәы раҳаҭныгьы уцәоит. 25  Уара иаалырҟьаны иҟало арыцҳара уацәшәалаӡом,Ауаа цәгьақәа рахь зҿыназхаз афырҭын уаршәаӡыӡаӡом, 26  Избанзар Иегова дуцхраауеит, уи уиқәгәыӷыр улшоит,Иара ашьацҳәа уакыр иуӡом. 27  Ацхыраара зҭаху урыцхраар улшозар, урыцхраа,Мап рцәумкын. 28  Аӡәгьы иоумҳәан: «Нас уаа. Уаҵәы иусҭоит», Уажәы иуҭар улшозар. 29  Иузааигәоу изы ацәгьара угәы иҭоумкын,Уааигәара инхо, угәра зго ауаҩы. 30  Дзыхурҟьо ҳәа акгьы умамкәа ауаҩы уимеислан*,Цәгьарак узызымуз ауаҩы игәы нумырхан. 31  Згәыжәла цәгьоу ауаҩы уимыҵашьыцлан,Иҟаиҵогь ҟаумҵалан, 32  Избанзар Иегова амц зҳәо дицәымӷуп,Ауаа иашақәа дырҩыза гәакьоуп. 33  Иегова агәнаҳаҟаҵаҩ иҩны ишәиуеит,Ауаа иашақәа рыҩны дазылԥхоит. 34  Иара ахыччаҩцәа дырхыччоит,Ауаа ҟәымшәышәқәа ракәзар, дшырзыразу дирбоит. 35  Иҟәышу ҳаҭыр рықәырҵалоит,Агаӡақәа ракәзар, ахьымӡӷ узырго ҳаҭыр рзақәуп.

Албаагақәа

Ма «сзакәан».
Ма «аҵабырги».
Ма «ҳаҭыр ду иқәҵала». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уҷапан».
Ма «зегь иреиӷьу ала».
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ажәар.
Ма «аилкаара».
Зыӡбахә цо хыхь иаагаз ажәеинраалақәа рҿы зыӡбахә ҳәаз Анцәа иҟазшьақәа роуп ҳәа ҳҳәар алшоит.
Ма «аҭыӡшәа илумхлан».